Апроект ҿыц «Ирӡтәым» аусура иалагеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аԥсуа бызшәа арҵаҩы Инна Џьуӷьелиаԥҳаи рымчала.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаԥҳаи апроект ҿыц хацдыркит, «Ирӡтәым» ҳәа хьӡыс иамоуп. Иагьалагеит Нестор Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ ала.
Апроект хықәкыс иамоуп аҿар рыԥсадгьыл, рбызшәа, рҭоурых еиҳагьы ргәы азыбылуа аҟаҵара, иҵоуроу амилаҭ ҟазшьақәа, аламыс, аԥсуара рылааӡара.
Апроект актәи аетап аҟны Гәдоуҭа араион ашколқәа аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа аԥсуа традициатә культура иазку жәа-лекциак ирзаԥхьоит. Ари аус иадыԥхьалахоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, абызшәадырцәа, аетнографцәа, аетнологцәа.
Апроект автор Инна Џьуӷьелиа иазгәалҭеит амилаҭ культура иазку аиԥш зеиԥшу аусқәа аҵак ду рымоуп ҳәа.
«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахьҳадгылаз иабзоураны иахьа имҩаԥысит апроект «Ирӡтәым» актәи алекциа. Иара ахьӡ ахаҭагьы иҳанаҳәоит, ирӡтәым – еиқәырхатәу ҳалацәажәоит. Хықәкы хадас иҳамоу, ҳаԥсыуааны ҳҟазҵо, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳҭоурых, ҳхаҿра амырӡроуп», – лҳәеит лара.
Арҵаҩы лажәақәа рыла, амилаҭ хдырра ашьҭыхра иазку ари аҩыза ахаԥшьгарақәа еиҳагьы ирацәазароуп.
«Иахьатәи аамҭазы амилаҭ ҷыдарақәа, аҳәаақәа инарышьҭаргыланы узырхьымӡо аиӡаара ианаҿу, ажәлар маҷқәа рхаҿра аиқәырхара зегь рыла рҽазыршәозароуп», – ҳәа ацылҵеит апроект автор.
Актәи агәаҭаратә лекциахь ааԥхьара лыман Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи Аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа. Лара ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аԥсуаа рҵас-қьабзқәак рҵаки рымҩаԥгашьеи.
«Актәи алекциа темас иаман «Аԥсуа игәараҭа: аҵасқәеи ақьабзқәеи». Избан акәзар агәараҭаҿоуп аԥсуа икультура ахьалаго. Аха ари атема амҽхак даара иҭбаауп, иахьа ҳазлацәажәаз аспектқәак роуп», – лҳәеит Инга Шамԥҳа.
Лара иазгәалҭеит убасгьы, аԥсуа культура иазку абас еиԥш аформат змоу алекциа ашколхәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ишраҳауаз, гәахәарылагьы ишрыдыркылаз атәы.
«Иахьа сара агәра згеит ҳҿарацәа рмилаҭ кльтура даара ишазҿлымҳау. Азҵаарақәа сырҭон, аилацәажәара рхы аладырхәуан, рхаҭақәа ирбахьоу-ираҳахьоу, ирдыруа еиҭарҳәон», – ҳәа актәи аиԥылара аихшьаала ҟалҵеит аетнолог.
Актәи алекциа иаҭааит Борис Ҭарба ихьӡ зху Бамборатәи абжьаратә школ аҵаҩцәагьы. Урҭ ируаӡәку Никита Чкәакә излаиԥхьаӡо ала, изызҳауа абиԥара аиҳабацәа ирдыруа зегь рҿырҵаароуп.
«Иахьа ҳара ҳаҭааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааз алекциа. Сгәы иаанагоит зегьы ираҳаз ргәаԥхеит ҳәа. Иҿыцны еилаҳкааз рацәоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абри аиԥылара зџьабаа аду зегьы. Аԥсуаа ҳмилаҭ культураҿы иҟоуп инҭырҳәцааны иҭуҵааша ахырхарҭақәа маҷымкәа. Ҳарҭ аҿар ҳамацара уи ҳамч ақәымхар ҟалоит», – иҳәеит арԥыс. Иагьациҵеит, абри аҩыза апроектқәа еиҳагьы уазҿлымҳаны аԥсуа культура аҭҵаара угәадырԥхоит, уахьаԥсыуоу угәы аладуны уҟарҵоит ҳәа.
Апроект ҿыц «Ирӡтәым» ҳәаақәҵара алҭоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, апроект хықәкы хадас ишамоу – аԥсуа жәлар ржәытәӡатәи аҭоурых ахь аинтерес ашьҭыхра, ҿыц игыло абиԥарақәа рыԥсадгьыл аҭоурыхи аԥеиԥши иалаҽхәо рааӡара.
«Ишдыру еиԥш, ухатә ҭоурых, укультура, убызшәа узымдыруазар, инагӡаны ухы аилкаашьеи ахә ашьашьеи умаӡам. Абри аҩыза алекциа-аибадырра аформат иалнаршоит амилаҭ традициақәа рыԥсы ахьҭоу агәылаԥшра, рҵакы аилкаара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара аинтерактивтә формала ахәыҷқәа ажәытә аԥсуа жәлар ркультура аӡбахә раҳҳәалоит. Агәыӷра ҳамоуп, арҭ алекциақәа ишақәнагоу еиԥш адкылара роуны, алҵшәа бзиа аарышьҭып ҳәа», – лҳәеит Есма Кәыҵниаԥҳа.
Апроект аҳәаақәҵаҩ иазгәалҭеит убасгьы, уажәазы аилацәажәарақәа шцо аиԥш зеиԥшу алекциақәа Очамчыра араион ашколқәа рҿгьы рымҩаԥгара аганахьала.
Аха макьана апроект актәи аетап иаҿуп, имҩаԥыслоит ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза инаркны лаҵарамзанӡа Гәдоуҭа араион абжьаратә школқәа рҿы, аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа адыԥхьаланы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.