Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш, есышықәса ари аныҳәа мҽхакыҭбаала иаԥылоит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо адунеи атәылақәа рҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа, аԥшьаша, ԥхынгәы 23 рзы. Аныҳәа еиҿнакааит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы, уи адгылара арҭеит Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент, Аԥсны акультура аминистрра, иара убас Адунеизегьтәи аԥуса-абаза конгресс.

Аныҳәа аҽны аҳҭнықалақь иалсуан ҷыдала ари амш иазкны аԥсуа бираҟқәа рыла иҩычаз автомашьына: амашьына аҟынтә игон аԥсуа ашәақәа, ааигәа-сигәа инеиааиуаз ашьаҟауаа уи даара ргәы иахәон. Аӡәырҩы амашьна иадеизаланы ԥсыуала икәашон.

Абираҟ амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит амото- маланыҟәатә еиԥхныҩларала. Ари аицлабра еиҿыркааит аилазаарақәа «Мото Абхазия», иара убас Ridebike Apsny. Аиԥхныҩлара рхы аладырхәыр рылшон изҭаху зегьы. Алахәцәа рҽеизыргеит аҳҭнықалақь ахадара аҿаԥхьа иҟоу адәаҿы. Аӡәырҩы рнапаҿы иркын ари аныҳәамш иасмволу аԥсуа бираҟқәа. Ауаа рхы-рҿқәа рхалашон, аныҳәа еидырныҳәалон, рыԥсадгьыл аҭынчреи аизҳазыӷьареи азеиӷьаршьон.

Аҟәа инхо Асҭанда Габлиаԥҳа хәылбыҽхала амаланыҟәа дақәтәаны дыԥшахьырсуеит. Аныҳәатә еиԥхныҩлара далахәхар шлылшоз анлаҳа даара деигәырӷьеит.

«Сгәанала, ас еиԥш иҟоу аусқәа ауаа реидкылараҿы акыр рылшоит. Ҳара зегь аныҳәатә гәалаҟара ҳамоуп, уи ҳаиднакылоит. Зегьы ирыдысныҳәалоит Абираҟ амш!» – лҳәеит Асҭанда Габлиаԥҳа.

Аныҳәа иацҵахеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт ала. Аҟәа ақалақьуаа аӡәырҩы ари аныҳәатә концерт иаҭааит, даарагьы иргәаԥхеит.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

«Иахьысҳәогьы ԥхасшьоит аха, уажәаԥхьа ҳкапелла ақәгыларақәа смырҭаацызт. Аконцерт саршанхеит, сатәнатәит. Абас иҟоу амш азы аԥсуа жәлар рашәақәа лымкаала угәы ианыруеит, угәаҵа иҭалоит», – иҳәеит Марлен Думаа.

Аныҳәамш зырԥшӡаз хҭысхеит ажәлар абираҟ ду кны аԥшаҳәа ранысра. Аԥхьа игыланы инеиуан афакел-мцақәа зкыз, ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз арԥарацәа, урҭ ирышьҭанеиуаз ажәлар 10х20 метра зышәагаа ыҟаз абираҟ дуӡӡа шьҭыхны икны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иқәсит.

«Ари ажәала иузеиҭамҳәо гәадуроуп – ужәлар урылагыланы убираҟ кны анеира. Акыршықәса раахыс сара апатреҭқәа рыла избон абас абираҟ шнаргоз, аха схаҭа уажәада салахәымызт. Насыԥ ду сыман!» – лҳәеит аныҟәара иалахәыз Марианна Папаа.

Ари аҽны аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит Аԥны ҭоурыхла иамаз абираҟқәа рцәыргақәҵагьы.

Аныҟәара ашьҭахь ауаа зегь еизеит Аԥсуа драмтеатр аҿаԥхьа, араҟа акәашареи ашәаҳәареи ыҟан. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аҳәынҭқарратә кәашаратә ансамбль «Кавказ», Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, иара убас Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» иатәу ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иааирума».

Ахәылԥаз хыркәшан аԥсуа еибаркыратә кәшара «Аурашьа» ала, изҭахыз зегьы уи рхы аладырхәыр ҟалон.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Давид Цәышба иҳәеит Абриаҟ амш азгәаҭара традициа бзианы ишьақәгылахьеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, сынтәа иазԥхьагәаҭаны иҟан еиҳа зымҽхак ҭбаау аныҳәа амҩаԥгара, аха апандемиа иахҟьаны, «иҟаз агәҭакқәа маҷк еиҭактәхеит».

«Ауадаҩрақәа аныҟоу ауаа рҽеидыркылоит, ҳара ҳаангьы ус ҟалеит. Абас иҟоу аҭагылазаашьаҿы аныҳәа аиҿкаараан ҳара адгылара ҳарҭеит еиуеиԥшым аусбарҭақәеи ахеилакқәеи. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа, хаҭалагьы Аҳәса рхеилакқаә рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа. Дара реиԥш иҟоу апрофессионалцәа аус рыцура агәахәара ду унаҭоит», – иҳәеит Давид Цәышба.

Иара игәаанагарла, аныҳәа аԥхьанатә ишазхәыцыз еиԥш изымҩаԥымсзаргьы, ихадароу зегь акоуп инагӡан – ауаа аныҳәатә гәалаҟара рыман, Абираҟ амш иазыгәдуны ирыдеибаныҳәалон.

Аныҳәа аиҿкааразы аҭакԥхықәра здыз ируаӡәку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит ари амш иҷыдоу аҵакы шамоу Аконгресс азгьы, аԥсуа жәлар зегьы рзыҳәангьы.

«Ари аныҳәа еиднакылоит адунеи иаланхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы, насгьы ҳәарада мҽхакы ҭбаала Аԥсны иазгәарҭоит. Убри азоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс есышықәса ари аныҳәа аиҿкаара изалахәу», – лҳәеит лара.

Арӡынԥҳа еиҭалҳәеит ҵыԥхгьы Абираҟ амш азгәаҭара аԥшьызгаз, иагьеиҿызкааз Аконгресс шакәу.

«Ҵыԥхтәи аныҳәаҿы традициас ишьҭаҳҵеит «Аурашьа» акәашара, ари ауаа еидызкыло, угәырӷьара аиҩшара иазку кәашароуп. Аидгылара аидеиа – ихадароу ҵакыс иамоуп иахьа имҩаԥаҳго зегьы», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Сандро Барганџьиа иҭаацәа иманы ари аныҳәахь Гагрантә дааит. Иара излаиԥхьаӡо ала, абас аҭагылазаашьа уадаҩ аныҟоу аамҭазы, ажәлар рзы аныҳәақәа еиҳагьы рҵакы иацлоит.

«Ахәыҷқәа ҳаманы ҳааит. Ишәымбои шаҟа игәырӷьо, шаҟа ргәы иахәаны иҟоу. Милаҭ маҭәала еилаҳәоу ауаа лассы иуԥылом, иахьа акәзар акыр ирацәаҩуп. Уи даараӡа ибзиоуп. Зегьы ишәыдысныҳәалоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш»» – иҳәеит аныҳәа иаҭааз.

Аныҳәа иалахәыз адуцәеи ахәыҷқәеи аӡәырҩы аиашазы амилаҭ маҭәа ршәын. Ахәыҷқәа рӡамҩаҿы аквагрим ала абираҟ асахьақәа рнырҵон.

Милана Оҭырԥҳа 11 шықәса лхыҵуеит, лара аныҳәахь дааит лабду Анатоли Барцыц дицны. Аӡӷаб хәыҷы еиҭалҳеит Абираҟ амш шыбжьалмыжьуа. Ари амш иазкны лара ҷыдала амилаҭтә ҵкы ӡахны илымоуп. Лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп абри аныҳәа, уи лыҵкы ԥшӡа лшәылҵарц.

«Сара абри аныҳәа даара бзиа избоит. Даараӡагьы сазыԥшын», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Арда Џьапуаԥҳа лхәыҷқәа лыманы аныҳәахь дымҩахыҵит. Лара илҳәеит хышықәса раахыс ҭаацәала ари аныҳәа ишаҭаауа, ишыбжьармыжьуа.

«Ари аныҳәамш еснагь ихҭыс дууп. Схәыҷқәа иҵегь ианеиҵбызгьы абираҟ иазҿлымҳан, иазҵаауеит символс иамои ҳәа. Еиҳаракгьы иргәаԥхоит анапы ахьану. Абас иҟоу аныҳәақәа даара акыр рыҵаркуеит, ахәыҷқәа апатриотизм рыларааӡоит», – лҳәеит Арда Џьапуаԥҳа.

Абри амш азы, егьырҭ жәлар рныҳәақәа раан еиԥш, агәаҳәара змоу зегьы ирылшон Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иалахәхарц, иҷыдоу анкета харҭәааны. Ари аҽны Аконгресс ҿыц иалалеит 30-ҩык ауааԥсыра.

Аныҳәатә программа анхыркәшаха ашьҭахьгьы ауаа акыраамҭа еимпаумызт: амилаҭ ашәақәа рҳәон, аԥсыуала икәашон, еибабон.

Иахьатәи Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәыргылан 1992 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы Аҟәа, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа амчра аанкыланы, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа азыхынҳәра ашьҭахь. 2005 шықәса раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ныҳәак аҳасабала иазгәарҭоит ԥхынгәы 23 рзы. Ари амш азы Аԥнсы зехьынџьара ауаа рацәа еидызкыло агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит.