19121

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10 шықәса аҵра амш азы Аҟәа имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Аныҳәа шымҩаԥысыз шәахәаԥш Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациатә портал аҟны.

Аҟәа иазгәарҭеит ахьыԥшымра азхаҵара аиубилеи: жәашықәса раԥхьа, нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа усҟан ахадас иҟаз Дмитри Медведев адунеижәларбжьара ирылаиҳәеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа шазхаиҵаз.

Шьыжьнаҵа аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи, аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи анышә иахьамадоу аҭыԥқәа ирҭааны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа ахьжу Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿгьы. 

Анаҩс ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аатит, уи иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рхаҭарнакцәа. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа зегьы алшара рыман амилаҭ чысхкқәа ргьама абара. Иара убри аамҭазы ауааԥсыра ргәырӷьара ашҭа иқәдыршуан, жәлар рашәақәа рҳәон, ԥсыуала икәашон. Аныҳәа иацҵахеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысыз аконцерт ала. Агәаҳәара змаз зегьы аҭаарц рылшон Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуаз аконцертгьы.

Аныҳәамшы хыркәшан асалиут ала, уи ихьыԥшым Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иҩахыкны ажәҩан арлашеит.

Абри атәы еиҳа инарҭбааны>>