Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны иаԥҵоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара иацлеит Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан иаатыз аҟәшагьы.
АААК аҭыԥантәи аҟәша ҿыц аԥҵан Џьырхәа ақыҭа анхацәа рԥылараан абҵара 17 рзы. Абасала, Аԥсны иаԥҵоу Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара 31 рҟынӡа инаӡеит.
Аиԥылараан АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба аҭыԥантәи ауааԥсыра ирзеиҭеиҳәеит аиҿкаара зызку, усқәас имҩаԥнаго, ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу ртәы, иара убасгьы иаликааит аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра хықәкы хадас иамоу: ахаԥшьгара аазырԥшуа анхацәа адгаланы аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥсҭазаара еиӷьызтәыша апроектқәа рынагӡара.
Аиԥылара аихшьаала азуа Инар Гыцба еиҭеиҳәеит уи акыр иԥханы ишымҩаԥысыз, ауаа Аконгресс аус ацура ишазыхиоу рҳәеит, ргәы иҵхо азҵаарақәа рҵыхәала. Ақыҭауаа иҭабуп ҳәа изынарыцҳауан Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, Џьырхәа ақыҭа дахьацхраауа азы.
«Ҳара ари ақыҭаҿы ҳааихьан – ашкол иаҳҭеит ахҩылаага-машьынка, аспорттә маҭәахәқәа, аҵаҩцәа рзы маҭәахәқәак, иара убас аспортзал аргыларазы ацемент. Агәыӷра ҳамоуп ԥхьаҟагьы ари аспортзал аргылара акала ҳахәап ҳәа. Уаҟа аԥсуа кәашареи, амилаҭтә инструментқәа рарҳәашьеи ддырҵалоит, иара убас зхы иақәиҭу аиқәԥаразы рҽазыҟарҵалоит», – иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.
Џьырхәа ақыҭа ахада Аслан Мықәба иакәзаргьы, иазгәеиҭеит АААК аҭыԥантәи аҟәша аартра – ақыҭазы ихҭыс дууп ҳәа.
«Агәра ганы сыҟоуп, ҳқыҭауаа активла рхы аладырхәып ҳәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша аусура. Зегьы ибзианы еилаҳкаауеит Аконгресс аусура аҵак ду шамоу», – иҳәеит ақыҭа ахада, иагьациҵеит «дарбанзаалак аԥсуа иҭоурых идыруазароуп, адунеи иалаԥсоу иуаажәлар рхаҭарнакцәа иҽрымаидарц игәы иҳәозароуп» ҳәа. АААК акәзар, абарҭ ахырхарҭақәа рыла аус агьауеит.
Џьырхәатәи ихарҭәаам абжьаратә школ адиректор Гәында Еныкь Аконгресс акоманда зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, уи ахантәаҩы Мусса Егзакь ахаҿы днаргыланы, аспорттә зал аргылараҿы иҟарҵахьоу, иҟарҵарангьы иҟоу ацхырааразы.
«Сара сгәы алаҟоуп имҩаԥысыз ҳаиқәшәара. Ақыҭараҿы еснагь ауадаҩрақәа рацәоуп. Сгәыӷуеит иҵегь изныкымкәа ҳаиԥылаԥ, инҭқааны азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәап ҳәа», – лҳәеит Гәында Еныкь.
Аҭыԥантәи аҟәша ҿыц дахагылеит, ари ақыҭа иалҵыз, Гәдоуҭатәи араионтә еизара адепутат Даур Гыцба. Иара адырра ҟаиҵеит АААК аҭыԥантәи аҟәша аусура активла ихы шалаирхәуа азы.
«Аусеицура бзиа алҵшәа ҟанамҵар ауӡом. Аконгресс ахықәкқәеи ахыдҵақәеи Аԥсны жәлар зегьы ирбартә-ираҳартә ирызнагатәуп. Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит Аконгресси ҳареи ҳусеицура», – иҳәеит Даур Гыцба.
Џьырхәа имҩаԥысыз аиԥылара аиԥш зеиԥшқәоу мҩаԥысхьан, ԥхьаҟагьы имҩаԥыслоит Аԥсны ақыҭақәа рҟны. Урҭ ирхықәкуп Аконгресс алахәцәа ҿыцқәа рырҳара, гәацԥыҳәарала уи аусура иаҵагылаша амчқәа рыԥшаара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.