Абаза бызшәа – нхыҵкавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуа бызшәоуп, алингвистика аганахьала зегь реиҳа аԥсуа бызшәа иазааигәоуп. Абаза бызшәа хатәы бызшәас ирымоуп Урыстәылатәи Афедерациа иаланхо 40 нызқьҩык ашәуаа, иара убас даҽа 10-20 нызқьҩык раҟара егьырҭ атәылақәа рҟны инхо ашәуа диаспора рхаҭарнакцәеи.

Ардзынба Аста

Абаза бызшәа – нхыҵкавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуа бызшәоуп. Иара иагәыцхәу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, аубых бызшәа (иахьазы иԥсхьоу), аха зегь реиҳа иззааигәоу аԥсуа бызшәоуп. Абаза бызшәа ҩ-диалектк амоуп: тапанҭатәи – уи алитературатә бызшәа шьаҭас иазылхуп, нас ашьхарыуатәи. Аҩ-диалектк иахьа ахархәара рымоуп. Ҟарачы-Черқьесиа иҟоу ашәуа қыҭақәа 13 рҟынтәи хԥа рҟны ашьхарыуатәи адиалект ала ицәажәоит, егьырҭ жәаба рҟны – тапанҭатәи ала.

Абызшәа – аҭоурых амаӡа злаауртуа цаԥхак аҳасабала

Ашьхарыуатәи адиалект хәыжәытәи аԥсуатәи ацәажәашьақәа амоуп, тапанҭатәи – ҟәбина-ельбырӷантәи, гәымтәи. Адиалектқәа афонетикеи алексикеи рыла аивгарақәа рымоуп. Аха аҩ-диалектк рыла ицәажәо ауаа уадаҩрада еилибакаауеит.

Аҵарауаа аӡәырҩы ргәаанагарала, абаза бызшәеи аԥсшәеи убасҟак еизааигәоуп – бызшәак иатәу диалектқәаны иуԥхьаӡартә аҟынӡа. Иазгәаҭатәуп, ашьхарыуатәи адиалект иаҳа аԥсуа бызшәа ишазааигәоу. Уи зыхҟьазгьы «шьхарауаа» Аԥснынтә Нхыҵ Кавказҟа иаҳа ихьшәаны иахьиасыз ауп, тапанҭаа раасҭа, мамзаргьы дара рхы ишазырҳәо ала «ашәуаа» раасҭа. Убри аҟнытә ашьхарыуатәи адиалект иаҳа аԥсшәа иеиԥшуп. Аҵарауаа изларԥхьаӡо ала, абаза бызшәа аԥсуааи ашәуаа рзеиԥш бызшәашьаҭа иалҵит VIII—XII-тәи ашәышықәсақәа рзы. Абри апериод ауп иахьатәи ашәуаа рабдуцәа Нхыҵ Кавказҟа ианахыҵ ҳәа иазгәарҭогьы.

Калам ԥынҵала ианҵоу

Абаза бызшәа аҩыра аиуит 1932 шықәсазы. Аидгылазегьтәи Ацентртә Еилакы – Асовет Еидгыла ажәларқәа рзы алфавитқәа реиқәыршәаразы асоветтә ҭҵаарадырратә центр адҵала – иаԥҵан раԥхьатәи абаза бызшәа алфавит алатин шьаҭа аманы. 1938 шықәсазы акириллицахь ииаган. Уи алфавит ауп иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу. Убри аамҭа инаркны абаза литературатә бызшәа ашьақәгыларагьы иалагеит, уи шьаҭас иамоуп тапанҭатәи адиалект ҟәыбина-ельбырӷантәи ацәажәашьа.

Абаза ҵарауаҩ Пиотр Чкала иҭҵаарадырратә усумҭақәа рҿы абас дазааҭгылоит алфавит аԥҵара иамаз аҵакы: «Уи иадҳәалоуп агазеҭқәеи ажурналқәеи рҭыжьра, ус анакәха амилаҭтә кьыԥхьтә журналистика, арадио, ателехәаԥшра рыҿиарагьы иацхрааит. Аҩыра аҟалара иалнаршеит хатәы бызшәала ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи раԥҵара; адраматә жанрқәа рцәырҵра амилаҭтә театр аира иацхрааит, апоезиа аҿиара акәзар – амилаҭтә естрадатә ашәа аҿиара арцыхцыхит. Алфавит ацәырҵра иадҳәалоуп иара убас ашәуаа рхатәы бызшәа аҭҵаара иахьалагазгьы».

Иазгәаҭатәуп, абаза бызшәаҿы шаҟа нбан ыҟоу ҳәа азҵаара уажәыгьы ҭакда ишаанхо. Абри атәы истатиаҿы дазааҭгылоит абаза журналист, афилолог Билиал Ҳасароҟәа. Иара иазгәеиҭоит, еиуеиԥшым арҵага шәҟәқәеи, ажәарқәеи, аицәажәагақәеи рҟны иаагоу абаза алфавит анбанқәа рхыԥхьаӡарала ишеиԥшым. Убас, 1967 шықәсазы иҭыҵыз «Абаза-аурыс жәар» аҟны иҳәоуп алфавит 71 нбан рыла ишьақәгылоуп ҳәа; «Абаза бызшәа аорфографиатә жәар» адаҟьақәа ирну абаза алфавит 67 нбан алоуп; 1991 шықәсазы иҭыҵыз «Аурыс-абаза еицәажәага» иану алфавит 68 нбан алоуп. Абри зыхҟьаз уи ауп – адыргақәа «I», «ь», иара убас анбанқәа «ё», «ю», «я» хазы алфавит ралаҵара аганахьала аспециалистцәа еиуеиԥшым агәаанагара рымоуп.

Абаза бызшәаҿы ацыбжьыҟатә система даара ибеиоуп: ацыбжьыҟақәа 60 инареиҳауп, убри аан абжьыҟа наӡақәа ҩба роуп иҟоу – «а», «ы».

Арккаҩы иҭакра

Раԥхьаӡатәи абаза алфавит аԥҵаҩыс дыҟан ашәуа-черқьес шәҟәыҩҩы, апоет Ҭаҭласҭан Табулов. Иара рҵаҩыс аус иуан ашәуа қыҭа Ельбырӷан алагарҭатә школ аҟны, ихалагьы XX-тәи ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа раан араб ҩыра ашьаҭала ачерқьес алфавит аԥҵара иҽазикхьан. Иара иоуп убри алфавит ала раԥхьатәи ачерқьес нбаншәҟәқәеи арҵага шәҟәқәеи ҭзыжьыз. 1926 шықәсазы Табулов икьыԥхьит ажәабжь «Џьалдуз», хышықәса рышьҭахь иҭижьит аизга «Зули», уи еиднакылон апиесақәа, ашәақәа, ажәеинраалақәа – черқьес бызшәала.

1930 шықәсқәа рзы абаза алфавит ашколқәа рҿы ахархәара ианалага ашьҭахь Табулов ихалеи, егьырҭ авторцәа дрыцынгьы абаза бызшәа аграмматика ашәҟәқәеи, аԥхьара ашәҟәқәеи, ахрестоматиақәеи ҭижьуеит.

1937 шықәсазы абаза ҩыра ашьаҭаркҩы арепрессиа дахрыжьит абаза бызшәа авульгаризациа азиуит ҳәа харас идҵаны. Ачерқьес бахҭаҿы ҩышықәса раҟара дҭакын, нас доурыжьит ацәгьоура иҟаиҵаз ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ԥхьаӡаны.

Алатин графика шьаҭас измоу ачерқьес бызшәала иҩу Ҭаҭласҭан Табулов ианбаншәҟәы «Шьыԥеџь» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1929 шықәса
Алатин графика шьаҭас измоу ачерқьес бызшәала иҩу Ҭаҭласҭан Табулов ианбаншәҟәы «Шьыԥеџь» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1929 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Ҭаҭласҭан Ҭобыли, Х. Патови, М. Нипови еиқәдышәаз абаза нбаншәҟәы «Анбызшәа» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
Ҭаҭласҭан Ҭобыли, Х. Патови, М. Нипови еиқәдышәаз абаза нбаншәҟәы «Анбызшәа» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Алатин графикала еиқәыршәоу Ҭаҭласҭан Ҭобыль ианбаншәҟәы «Анбызшәа» актәи адаҟьа, Сулимов, 1934 шықәса
Алатин графикала еиқәыршәоу Ҭаҭласҭан Ҭобыль ианбаншәҟәы «Анбызшәа» актәи адаҟьа, Сулимов, 1934 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Ҭаҭласҭан Ҭобыль алатин графикала еиқәиршәаз абаза бызшәазы арҵага шәҟәы «Аграмматикеи аҩышьаԥҟареи» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
Ҭаҭласҭан Ҭобыль алатин графикала еиқәиршәаз абаза бызшәазы арҵага шәҟәы «Аграмматикеи аҩышьаԥҟареи» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Алатин графика шьаҭас измоу абаза бызшәала иҩу Ҭаҭласҭан Ҭобыль аԥхьаразы ишәҟәы «Иҿыцу амҩа» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
Алатин графика шьаҭас измоу абаза бызшәала иҩу Ҭаҭласҭан Ҭобыль аԥхьаразы ишәҟәы «Иҿыцу амҩа» актәи адаҟьа, Баҭалԥашинск, 1933 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Ҭаҭласҭан Ҭобыли Х. Кужеви алатин шьаҭа змоу абаза ҩырала еиқәдыршәаз анбаншәҟәы аамышьҭахьтәи арҵага «Амҩа ҿыц» актәи адаҟьа, Сулимов, 1936 шықәса
Ҭаҭласҭан Ҭобыли Х. Кужеви алатин шьаҭа змоу абаза ҩырала еиқәдыршәаз анбаншәҟәы аамышьҭахьтәи арҵага «Амҩа ҿыц» актәи адаҟьа, Сулимов, 1936 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә
Ҭаҭласҭан Ҭобыли Х. Кужеви алатин шьаҭа змоу абаза ҩырала еиқәдыршәаз адуцәа рзы анбаншәҟәы актәи адаҟьа, Сулимов, 1936 шықәса
Ҭаҭласҭан Ҭобыли Х. Кужеви алатин шьаҭа змоу абаза ҩырала еиқәдыршәаз адуцәа рзы анбаншәҟәы актәи адаҟьа, Сулимов, 1936 шықәса
© Аҭаацәаратә архив аҟнытә

Абазашҭа агәацԥыҳәара знаҭаз

Абазатә литература аизҳазыӷьара мҩаԥысит иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ауп, аҟазара злоу аҿар аӡәырҩы анааиҵагыла. Амилаҭтә литературахь урҭ рнагара ибзоуроуп амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы Ҳамид Жиров. Анаҩс, аҿарацәа абаза сахьаркыратә литература иаклассикцәаны иҟалеит, урҭ рҩымҭақәа иахьа ашколтә, ауниверситеттә программақәа ирылоуп, амаҭәарқәа «абаза литература», «Ҟарачы-Черқьесиа ажәларқәа рлитература», «Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рлитература» рҳәаа иҭагӡаны.

Абарҭ ашәҟәыҩҩцәа рыплеиадахь иаҵанакуеит Ԥасарби Цеҟәа, Ҟали Џьыгәаҭан, Шаҳамби Физиков, Бемурза Ҭҳаиҵыкә, Џьамуладин Лагәыҷ, Микаель Ҷкату. Реиҳа еицырдыруа апрозатә ҩымҭа дуқәа рахь иаҵанакуеит Бемурза Ҭҳаиҵыкә иҭоурыхтә роман «Анышәнап», нас Ҟали Џьыгәаҭан иҭоурыхтә романқәа «Ахьтәы џьар», «Лаба». Уи апериод азы реиҳа иналукааша поетны дықәгылеит Микаель Ҷкату – ашәуаа рахьтә зегь раԥхьа Москватәи Алитературатә институт иалгаз. Ҷкату иоуп ажәа «Абазашҭа» абызшәа иалазҵаз – ашәуаа рыԥсадгьыл, рынхарҭа ҭыԥ иахьӡны.

Абаза поезиа аинҭәылара, аԥшӡара зегь ааԥшит Қьрым Мыхц ирҿиараҿы, уи иеҵәахә кыдлеит 70-80-тәи ашықәсқәа рзы. «Иикьыԥхьуаз жәеинраалацыԥхьаӡа абырцкал икылхуп, апоетикатә ҵакы ҵаулала иҭәуп, бызшәа хыркыла иҩуп. Урҭ ургәылархалоит, ирыҵоу агәалаҟара уатәнатәуеит», – ҳәа иҩуеит апоет ирҿиара иазкны аҵарауаҩ-афилолог Пиотр Чкала.

Абызшәа шеиқәдырхо

2010 шықәсазы имҩаԥгаз Урыстәылазегьтәи ауааԥсыра ашәҟәы ранҵара адыррақәа рыла, Урыстәыла иқәынхоит 43 нызқьҩык рҟынӡа ашәуаа, урҭ рҟынтә 37 нызқьҩык – Ҟарачы-Черқьесиа инхоит. Егьырҭ еиуеиԥшым адыррақәа рыла, жәа-нызқьҩык инадыркны ҩажәа нызқьҩык рҟынӡа ашәуаа ыҟоуп адиспораҿы, еиҳаракгьы Ҭырқәтәыла. Урҭ рахьтә зхатәы бызшәа шаҟаҩы ирдыруа инҭкааны еилкааӡам. Абаза уаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭо ала, абаза бызшәа аӡра ашәарҭара иҭагылоуп, аурбанизациеи ассимилиациеи ӷәӷәаны иахьымҩаԥысуа иахҟьаны.

Ашәуаа рбызшәа аиқәырхара изларымчу ала рнапы алакуп: арҵагатә методикақәа шьақәдыргылоит, арҵага шәҟәқәа ҭрыжьуеит, абаза бызшәахьы амультфильмқәа еиҭаргоит, абызшәа арҵаратә курсқәа мҩаԥыргоит Черқьесск ақалақь аҟны изҭаху зегьы рзы хәыда-псада, активла атәылауаа ирылабжьоит хатәы бызшәала ицәажәаларц.

Абри ахырхарҭала аусура рацәаны имҩаԥнагоит ассоциациа «Аԥсадгьыл», уи иалоуп ихадоу абаза уаажәларратә еиҿкаарақәа ааба. Уи адагьы, аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» Черқьесск ақалақь аҿтәи аофис аҟны 2013 шықәса раахыс абызшәатә курсқәа аартны иҟоуп.

Иахьа Ҟарачы-Черқьесиа абаза бызшәала иҭыҵуеит агазеҭ «Абазашҭа» , арадио аҿы, ателехәаԥшраҿы абаза бызшәа аредакциақәа аус руеит, аус ауеит иара убас Аҳәынҭқарратә абаза театргьы.

Абарҭ аԥшьгарақәеи аусмҩаԥгатәқәеи зегьы ирыбзоураны, аҵарауааи аентузиастцәеи шгәыӷуа ала, ашәуаа рхатәы бызшәа еиқәырханы ҿыц игыло абиԥраақәа ирымардартә иҟалоит.