Есышықәсатәи аҭҵаарадырратә конференциа «Радловтәи аԥхьарақәа» мҩаԥысит Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Антропологиеи Аетнографиеи рмузеи аҟны, Санкт-Петербург, ажьырныҳәа 30 - 31 рзы. Аконференциаҟны иаартыз асекциақәа руакы "Урыстәыла ашьагәыҭ жәлар маҷқәа: аетнокультуратә проекциақәа" ҳәа хьӡыс иаман, уа иқәгылеит ԥшьҩык аҵарауаа аԥсуааи ашәуааи ирызку ажәхәқәа рыманы.
Шьазина Бганԥҳа
Кунсткамера аҟны Аетнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, аҭоурыхтә ҭҵаарыдаррақәа рдоктор Макка Албогачиевеи жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" анапхгаҩы, КБГУ аспирант Мураҭ Мыкәеи еилахәны ажәахә ҟарҵеит "Абаза жәлар рыхәмаррақәа: аҭоурыхи иахьатәи амши" ҳәа хьӡыс измаз. Авторцәа еиҭарҳәеит аԥсуа-абаза жәлар хәмаррақәа рмилаҭ хаҿреи, ркультуреи, рыбзазара аҷыдарақәеи шаадырԥшуа. Иазгәарҭеит Ҟарачы-Черқьестәыла есышықәса имҩаԥысуа афестиваль "Абаза" иахәҭаку "Абаза жәлар рыхәмаррақәа" азҿлымҳара шрымоу, ҳаамҭазгьы ишхәарҭоу.
СПбГЛТУ арҵаҩы, Аҳәаанырцәтәи астудентцәа аус рыцуразы аҟәша аиҳабы Мадина Егзакьԥҳа лажәахә иахьӡын "Ашәуаа рынцәахаҵара алингво-ҭоурыхтә анализ: аглокализациа аамҭазы адинхаҵара аҽшалнакаауа", ари атема аганқәа зегь рыла аарԥшра лҽазылшәеит. Ажәахәҟаҵаҩ убри аҩыза алкаа дазааиуеит, ашәуаа рдинхаҵаратә дунеихәаԥшышьа ианыруан ҳәа аглобалтә процессқәа реиԥш, алокалтә процессқәагьы. Абаза бызшәа иалоу ажәаҳәахьақәак ҿырԥшыс иганы ишьақәлырӷәӷәоит алингво-ҭоурыхтә анализ ажәлар ркультуреи рҭоурыхи реилкаараҿы иалшо шырацәоу.
Кунсткамера иатәу Амузеитә технологиақәа рлабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Ҭамара Аиԥҳа лажәахә Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи иҟоу аԥсуа-абаза культуратә хеидкылақәа ирызкын. Еиҭалҳәеит арҭ ахеидкылақәа шаатуаз аҭоурых, дазааҭгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс усқәас имҩаԥнаго адиаспора ахьынхо атәылақәа рҟны.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхрааразы жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" ахада Мусса Егзакь иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Кунсткамера адиректор Андреи Головниов ас еиԥш иҟоу аконференциақәа реиҿкааразы, Урыстәыла иқәынхо ашьагәыҭ жәлар маҷқәа рахь аҭҵаарадырратә зҿлымҳара ахьаадырԥшуа азы.
"Радловтәи аԥхьарақәа" - есышықәса имҩаԥысуа конференциоуп, уи аусура быжь-секциакны еихшоуп: Урыстәыла иқәынхо ашьагәыҭ жәлар маҷқәа; Аетнокультуратә проекциақәа; Зҽызыԥсахуа аматериалтә дунеи; Атехникақәа, атехнологиақәа, аҿыцрақәа; Атрадициатә ныҳәақәа аетнокультуратә хаҿра аарԥшыга аҳасабала; Аетнокультуратә еимадара амсылман дунеи аҿиара ахырхарҭак аҳасабала; Арахәыци, аԥсеи, ачамгәыри; Аҵиаақәа ирылху артефактқәа; Антропологиеи археологиеи рыҭҵаараҿы иҟоу азнеишьа ҿыцқәа - аметодқәеи алҵшәақәеи; Амузеи амаҭәари аколлекциеи - артефакт, ахыҵхырҭа, аекспонат.
Аконференциа мҩаԥысуеит 2014 шықәса раахыс.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.