Ҟарачы-Черқьессиеи Ҟабарда-Балкариеи ареспубликақәа рҟны иаԥҵоу ашәуа уаажәларратә еиҿкаарақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Черқьесск имҩаԥысыз раԥхьатәи рофициалтә еиԥылараҿы.

Саид Барганџьиа

Кавказ жәларқәа рҭоурыхи ркультуреи аҭҵаара ацентр "Абазеи" Ашәуа уаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа "Аԥсадгьыли" рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩуп Ҟарачы-Черқьессиеи Ҟабарда-Балкариеи иаԥҵоу ашәуа уаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа реиԥылараҿы. 

Ҟабарда-Балкариа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәша ахантәаҩы, Кавказ жәларқәа рҭоурыхи ркультуреи аҭҵаара ацентр "Абаза" аиҳабы Владимир Ԥшьеноҟәа еиҭеиҳәеит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ду шрымоу, ԥхьаҟатәи аусеицура акультуратә хырхарҭа шамоуи ртәы.

«Ҳусеицура раԥхьаӡа иргыланы акультуратә хырхарҭоуп иамазаауа. Ҳгәы иҭоуп Ҟабарда-Балкариа аԥсшәеи абаза бызшәеи рырҿиара иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа еицынаҳагӡарц», - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ԥшьеноҟәа иҳәеит убасгьы абри аҩыза аусеицура ишалнаршо ассоциациа "Аԥсадгьыл" аҩныҵҟа еидкылоу ашәуа уаажәларратә еиҿкаарақәа русеицура аԥышәа рымдара, насгьы Ҟабарда-Балкариа иҟоу аԥсуа диаспора ашьаҭақәа рырӷәӷәара. 

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп иара убас Ҟарачы-Черқьесскынтәи ашәуа кәашаратә, ашәаҳәаратә уҳәа егьырҭ арҿиаратә ансамбльқәа Ҟабарда-Балкариа ргастрольқәа реиҿкаара, абаза жәлар ркультура аӡыргаразы.

Ҟарачы-Черқьессиеи Ҟабарда-Балкариеи ареспубликақәа рҟны иаԥҵоу ашәуа уаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа русеицура иадҳәалоу апрактикатә зҵаарақәа рылацәжәаразы абас еиԥш аиԥыларақәа аамҭа-аамҭала ишымҩаԥыргало азы еицәажәеит. 

Ҟарачы-Черқьессиеи Ҟабарда-Балкариеи ареспубликақәа рҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәшақәа рхеилакқәа аартын 2018 шықәсазы.