Италиа Апарламент ахыбраҿы, Рим имҩаԥысит адепутат Маттео Далль-Оссо ипресс-конференциа «Ажәларқәа рыхҳәаақәҵаразы ирымоу азин. Аԥсни Европа дуи» ҳәа темас измаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи АААК ИА Мусса Егзакьи алархәны.  

Жәабран 9 ауха Рим, Монтечиторио ихан аҩнуҵҟа иҟоу Италиа Апарламент аизарақәа рзал аҟны имҩаԥысит адепутат Маттео Далль-Оссо ипресс-конференциа «Ажәларқәа рыхҳәаақәҵаразы ирымоу азин. Аԥсни Европа дуи» ҳәа хьӡыс измаз.

Онлаин-аформат ала Аҟәантә аусмҩаԥгатә аиҿкаацәа аԥсшәа реиҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Уи иажәахә аԥсашәаҟынтә аиталиан бызшәахь еиҭеигон Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.

Аԥсны ахада аконференциа иалахәыз рахь иааԥхьаратә ажәаҿы иазгәеиҭеит иззааҭгылоу атема Аԥсназы ишхадароу, иара аусмҩаԥгатә ахаҭагьы акырӡа шаҵанакуа. Бжьаниа иааркьаҿны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых, зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ашьақәгылара шымҩаԥысуаз.

«Аԥсны ҳәынҭқарраны иҟалеижьҭеи акыр шәышықәса ҵуеит. Уи иамоуп аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы. Ҳажәлар Қырҭтәыла ашовинисттә политика ауадаҩрақәа зегьы риааира рылшеит. 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы ақырҭуа ар ҳреспублика иақәлеит. Иага уадаҩра ҳҭагылазаргьы, ҳажәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспореи рыцхыраара абзоурала аиааира ҳгеит. Аҭынч ԥсҭазаареи ахьыԥшымреи рзы иҳауит азин», - иҳәеит Бжьаниа.

Иара еиҭеиҳәеит аибашьра ашьҭахь Аԥсны аекономикатә блокада ӷәӷәа ишҭагылаз. Уи аамҭазы ажәлар рымчқәа зегьы атәыла аекономика, аҳәынҭқарратә институтқәа реиҭашьақәыргылара иазкын. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҳадаҳкылеит, иара убас «Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт». Иҭоурыхтә хҭыс дуны иҟалеит 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз.

«Убри нахыс акымкәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи. Урҭ рхыԥхьаӡара есааира ацлара иаҿуп. Ҳара иаҳдыруеит инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара – иуадаҩу, аамҭа зҭаху процессуп. Аԥсны ҩызара иаҳзыҟоу атәылақәа ҳарзаартуп, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳазыхиоуп ҳпозициа ҳаҭыр ақәызҵо аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿаԥхьа. Гәахәара дууп ҳара ҳзы ҳаԥсадгьыл збарц, уи акультура еилызкаарц зҭаху Италиа атәылауаа рхыԥхьаӡара иахьацло, Аԥсни Италиеи рықалақьқәа аимадарақәа ахьрыбжьарҵо. Ишдыру еиԥш, ҳажәларқәа жәытә-натә аахысгьы еидызкылоз рацәан, иӷәӷәан ҭоурыхла реимадарақәа», – иҳәеит Бжьаниа.

Ахҭыс алахәцәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьишьан, аконференциа конструктивла ишымҩаԥысуа азы агәрагара ааирԥшит, иара убас ари ахҭыс Аԥсни Италиеи рыжәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шьаҭас ишаиуа дшақәгәыӷуа иҳәеит.

Анаҩс апресс-конференциа иалахәыз зегь рҿаԥхьа дықәгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Уи иажәахәгьы аиталиан бызшәахьы еиҭеигон Кан Ҭаниа.

Егзакь еиҭеиҳәеит Аконгресс аӡбахә – адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегь еидызкыло, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихьазырԥшуа, ахатәы бызшәеи амилаҭтә ҵасқәеи реиқәырхара иазааԥсо еиҿкаараны ишыҟоу. Ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи аилибакаареи ҟаларц, адунеи аҿы аҭышәынтәалара ыҟазарц Аконгресс еиуеиԥшым асоциокультуратә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны.

«Бзиара шәымазааит аԥсуа-абаза жәлар зегьы рзы аҭоурыхтә ҵакы змоу иахьатәи ҳаиԥылараҿы. Аԥсуааи абазақәеи милаҭк роуп, рхаҭарнакцәа адунеи атәылақәа 50 инареиҳаны ирыланхоит. Ҳдиаспора миллионҩык инареиҳауп, ҭыԥс иахьынхозаалакгьы ажәлар ахаҭарнакцәа зегьы аҳәынҭқарра уасхырс иамоуп. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс азыхиоуп анкьа акыр иҿианы иҟаз Аԥсни  Италиеи реимадарақәа реиҭашьақәыргылара, реизырҳара, ашәышықәсақәа зхылахьоу ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә еиҿцаарақәа реиҭарҿыцра», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Аԥсны знысхьоу аҭоурых инарҭбааны дазааҭгылеит италиатәи апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо. Иара еиҭеиҳәеит иахьазы атәыла ауааԥсыра шаҟаҩ ықәынхо, аҵакырадгьыл зеиԥшроу, аполитикатә статус иамоу.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра – иҩбоу астатус змоу Кавказ иатәу республикоуп. Қырҭтәыла иара иахәҭакны иахәаԥшуеит, аха аԥсуа жәлар уи иақәшаҳаҭым, ҳхьыԥшымуп ҳәа адунеи иаларҳәеит. Аԥсны ахьыԥшымра иахьазы иазхарҵоит атәылақәа жәба, урҭ рахьтә быжьба Еиду амилаҭқәа реилазаара (ООН) иалоуп. Жәларбжьаратәи азхаҵара аимуцзаргьы, Аԥсны аекономикатә, агеополитикатә потенциал дуӡӡа змоу тәылоуп. Аԥсуа жәлар рҭоурых ажәытәӡа ишаларсоугьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы агәаҟрақәа маҷымкәа ирхыргеит. Ҳгәыӷуеит, ҳаԥхьаҟа жәларбжьаратәи аилазаараҿы ари атәыла аҩызцәа рацәаҩны иарҳап ҳәа, астратегиатә ҵакы змоу аҵакырадгьыл ахьчаразы. Аԥсни Италиеи абизнес-усеицура рыбжьалар ауеит, макьана ҳхазы иааҳартыша тәылоуп», – иҳәеит адепутат.

Италиа аинтерес ахьаиуша ахырхарҭақәа ируакны иара аӡбахә иҳәеит аԥсшьара.

«Аԥсшьара – Аԥсназы акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Италиа иҳамоу аԥышәа рыцеиҩаҳшар ҟалоит, аинвестициақәа алаҳҵаргьы ихәарҭоу усхоит. Абарҭ азҵаарақәа рганахьала аус аур алшоит хара имгакәа Рим иаартхо италиа-аԥсуа хәаахәҭратә палата. Ари ахҭысгьы алыршахеит ԥхынҷкәын 4 рзы Ламециа-Терме имҩаԥысуаз Аԥсны апрезентациа иабзоураны. Сажәа хыркәшо иаазгарц сҭахуп ааигәа зыдунеи зыԥсахыз Европарламент ахада Давид Сассоли ицитата: «Ауаа рыбжьара аҭӡы ргылатәӡам, ирбгатәуп», – ҳәа иажәа хиркәшеит италиатәи апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо.

Аконференциаҿ иқәгылеит иара убас адвокат Антонио Латтанцио, аналитик Суоми Монселлато, Италиа иҟоу аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани, ауаажәларратә усзуҩ акультуратә ассоциациа «Кантьере лабораторио» анапхгаҩы Витторио Джильотти, нас АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.

Ҭаниа иажәақәа рыла, Италиа аганахьала иқәгылаз зегьы ус иахәҭоуп ҳәа акәымкәа акыр иналаланы Аԥсны аҭоурых ҭырҵааит, уи иахьатәи жәларабжьара-зинтә статус, акәша-мыкәша ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит, доусы ргәаанагара рҳәон ражәа иацклаԥшны, аха убри аан ганкы мацара иадымцәылакәа.

«Раԥхьаӡа акәны Италиа апарламент аҟны аԥсуа, абаза бызшәақәа ҿацаӡа иҩныҩит, Аԥсны аҿахәы аҳәеит. Ҳгәанала, ари иналукааша хҭысуп, уи алҵшәақәа иҵегь ҳаԥхьаҟагьы иаҳбараны ҳаҟоуп, иаҳҳәап Италиа ауниверситетқәеи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵарц ҳгәы иҭоуп, италиатәи абизнесуааи аратәи анаплакцәеи аимадарақәа рыбжьалоит. Абас еиԥш ахы инаркны аҵыхәанӡа Аԥсны мацара иазку аицәажәарақәа Европа уажәаԥхьа имҩаԥаҳамгацызт аҳәынҭқарратә ҩаӡара аманы», – ҳәа азгәеиҭеит Кан Ҭаниа. 

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакьи ари аицәажәара иахьалахәыз уи аҩаӡара иаҳагьы ишьҭнахит, Аԥсны егьырҭ атәылақәа рзы ишаарту аршаҳаҭит.

«Абри аҩыза атрибунақәа рҟынтә аԥсуаа ҳҿахәы ҳҳәартә иахьыҟалаз аҵак дуӡӡа амоуп, ақырҭуа пропаганда алаҟьашьымкәа аԥсуа бжьы цқьа анго. Ҳәара аҭахума, Аԥсны ахадара ари аицәажәара иахьалахәыз иаршаҳаҭуеит ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымра азхазҵаша атәылақәа рхыԥхьаӡара еиҳахар шаҳҭаху, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы иалахәра иаҳәоит миллионҩыла адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспорагьы ари аполитикатә шьаҿа ишадгыло», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Абри ахҭыс ахаҭа амҩаԥысра зыбзоуроу 2017 шықәсазы иаартыз Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакра аусуроуп, ҳәа ациҵеит Ҭаниа.

Адипхаҭарнакра анаартха, уи аусуразы аҭакԥхықәра рыдлеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо  ацҳаражәҳәаҩцәа Вито Гриттани Кан Ҭаниеи. Убри аахыс иахьанӡа имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала асоциалтә-культуратә усмҩаԥгатәқәа, Аԥсны аӡбахә бзиа, ҳкультура, ҳҭоурых ӡырызго.

«Адипломатиа – аамҭеи аџьабаа рацәеи зҭаху процессуп, ауаагьы аҭахуп, аматериалтә ресурсгьы маҷымкәа иақәырӡтәуп. Италиеи, егьырҭ европатәи аполитикцәеи ҳареи ҳдиалог ԥхьаҟагьы иацаҳҵалоит, Европа иахьаҵанакуа иқәынхо ажәларқәа зегьы Аԥсны иахьатәи алакҭа иҭаԥшырц, ҳтәыла аҭоурых ҵабырггьы рдыруазарц. Абри амҩала ацара шаҭаху азы гәыҩбара ҳамаӡам, Аԥсны мҽхакы ҭбаала адипломатиатә азхаҵара аиурц азы, - ҳәа иажәа хиркәшеит Кан Ҭаниа.

Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит аналитик, агеополитиказ абжьгаҩ Суоми Монселлато, ААР ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Вито Гриттани, Аԥсны аҩызцәа абас еиԥш адәныҟатәи аполитиказы аҵакы змоу аусмҩаҿпгатә аиҿкаара иахьацхрааз. 

Фото 1: Италиа Апарламент аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциа. Арыӷьарахьтә арымарахь: адвокат Антонио Латтанцио, аналитик Суоми Монселлато, акультуратә ассоциациа "Кантьере лабораторио" анапхгаҩы Витторио Джильотти, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа зырҭо Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани, адепутат Маттео Далль-Оссо, Италиа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Михаил Россииски, ҩыџьа италиатәи ажурналистцәа.

Фото 2: Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа онлаин имҩаԥысуаз Италиа Апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо ипресс-конференциа аан

Фото 3: Мусса Егзакьи Кан Ҭаниеи онлаин имҩаԥысуаз Италиа Апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо ипресс-конференциа аан