Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет аҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит. Аԥснытәи абитуриентцәеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рхыԥхьаӡараҟынтә абитуриентцәеи ари аҵараиурҭа хәыда-ԥсада иҭалар ауеит.
Саид Барганџьиа
Аԥсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа рҟынтәи абитуриентцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет аҭаларазы ашәҟәқәа аларҵар рылшоит. Ашәҟәқәа рыдкылара хацыркын хәажәкыра 1 инаркны.
Ари аҵараиурҭа аԥсуаа рзы хәыда-ԥсада аҭалара алшартә иҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети 2020 шықәса абҵарамзазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова адырра ҟалҵеит, абакалавриат ҽынлатәи аҟәша абиуџьет ҭыԥқәа рахь иаанахәар зҭаху рышәҟәқәа аларҵароуп ҳәа ԥхынгәы 20 рҟынӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11 рҟынӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.
Богатова еиҭалҳәеит, аҭаларатә ԥышәарақәа шымҩаԥысуа ҩ-форматк рыла, абитуриент реиҳа иизыманшәалоу алихуеит: ма адистанциатә формат ала ауниверситет асаит аҟны (https://spbftu.ru/sistema-distantsionnoj-sdachi-vstupitelnyh-ispytanij/), мамзаргьы хаҭала аҵараиурҭаҿы днеины. Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәы 23 рзы.
Ауниверситет аҭаларазы арзаҳал алаҵараан абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аҵаразы ашәҟәы (аттестат) ахкьыԥхьаа ма аоригинал, 3×4 сантиметр зышәагаа ыҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа адокумент, мамзаргьы урыстәылатәи атәылауаҩра.
Абарҭ ашәҟәқәа зегьы рынашьҭра ауеит иҷыдоу асервис ахархәарала, ауниверситет асаит аҟны (https://spbftu.ru/abitur/elektronnaya-priyomnaya-komissiya-podat-zayavlenie/).
АААКи Санкт-Петербургтәи ауниверситети русеицура иазкны
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит «аҵараиурҭа аганахьала иаадырԥшыз азҿлымҳаразы акыршықәсатәи аусеицура хықәкыс иҟаҵаны».
Лара иазгәалҭеит Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет 65 шықәса раахыс жәларбжьаратәи аҩаӡарала еиуеиԥшым адунеитә ҵараиурҭақәеи, афондқәеи, аилазаарақәеи аус шрыцнауа, агәыӷрагьы аалырԥшит Аконгресси аҵараиурҭеи русеицура аҩ-ганкгьы еицырзыфеидоу, ринтересқәа ирықәшәо акакәны ишыҟало. Елена Богатова иазгәалҭеит убасгьы, аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа реимадара аганахьала АААК иамоу алшарақәеи мҽхакы ҭбаала уи имҩаԥнаго аинформациатә усуреи ахархәара рыҭаны, абитуреинтцәа адырра рыҭара иаԥсоуп ҳәа 2021 шықәсазы ашанс шрымоу Санкт-Петербург иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа иреиуоу абнанхамҩатә университет иҭаланы аҵара бзиа роурц.
«Аконгресс аиҿкаареи аинформациа аларҵәареи рганахьала ацхыраара ду ҳнаҭоит: абитуриентцәеи ҳареи ҳаиқәшәарақәа реиҿкаараҟны, аҵараиурҭа ажәабжьқәа реиҭаҳәареи, ҳусмҩаԥгатәқәа рӡыргареи рҟны, иара убас араҟа аҵара зларҵо ихадароу ахырхарҭақәа ауаа рыларҵәараҟны. Ԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп аинтернет ахархәарала жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә усеицура аформақәа еиҳагьы рырҭбаара, Аԥсни Ҭырқәтәылеи иҟоу аҵараиурҭақәеи ҳареи еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡара амҩала», – лҳәеит Богатова.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа еиҳа инарҭбаау аинформациа иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис аҟны абри аелектронтә пошьҭала: info.spb@abaza.org, мамзаргьы аҭел иасны: +7 812 514 88 55.
АИЛЫРКААГА: Сергеи Киров ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә (абнатехникатә) университет (СПбГЛТУ) 2020 шықәсазы 217 шықәса ахыҵит, араҟа иуоур улшоит ибжьаратәу, иреиҳаӡоу, ихарҭәаау аҵара. Абнанхамҩеи, амҿы аус адулареи, абнатә химиеи, ақьаадҭыжьреи, агидролизи рганахьала аспециалистцәа разыҟаҵареи,
рзанааҭдырра аизырҳареи, аҭҵаарадырратә усқәа мҩаԥыргартә еиԥши аус рыднаулоит, ишьаҭанкылатәу аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.
Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет Урыстәыла аиԥш зеиԥшу аҵараиурҭақәа раԥхьа апофессионалтә ҵара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла иуоуртә еиԥш асистемахь ииасит. Иахьазы араҟа аҵара рҵоит 600-ҩык инареиҳаны астудентцәа 42 тәыла рҟынтә. Ауниверситет аҭҵаарадырратә уасхыр ӷәӷәа амоуп. Арҵаҩратә коллектив ахәшьара ҳаракы змоу итрадициатәу аметодикақәа реиԥш, иҿыцу арҵаратә хырхарҭақәа рхы иыдархәоит, идырҿиоит. Апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара акәзар, зыҩаӡара ҳаракӡоу ҟазацәоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.