Аԥсны ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәҩы, аҳақьым-онколог Баҭал Кациа.

Ауаҩԥсы акоронавирус ахьцәырҵхьоу атәылаҟынтә даазар, имцашоура 38,5 еиҳазар, убри аан иԥсыԥ еивахозар, акоронавирустә ҿкы имазар ауеит ҳәа ахәышәтәырҭаҿы ишьҭаҵаразы иҵаҵӷәуп. Абри атәы иҳәеит Акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәҩы, аҳақьым-онколог Баҭал Кациа ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҿы.

Кациа иазгәеиҭеит, ауаҩы абас еиԥш асимптомқәа ихы иадибалозар, раԥхьаӡа иргыланы ихы ԥхьаикроуп ҳәа, анаҩс ацхыраара ласы аномер ахь дасроуп, мамзаргьы Агәабзиарахьчара аминистрра иаԥнаҵаз аимадара ҷыда аномер 0303 ахь.

«Шәықәра 65 шықәса иреиҳазар, ишәылаҽу ачымазарақәа ыҟазар, ашьақар чымазареиԥш, ма агәы ачымазарақәа, даҽакала иаҳҳәозар – шәгәабзиара ҵызшәаар зылшо ауашәшәырақәа шәыманы, авирус асимптомқәагьы шәхы иадыжәбалазар, ахәшәтәырҭаҿы шәышьҭаҵара аҭаххар ҟалоит», – ҳәа азгәеиҭеит Кациа.

Аоперативтә штаб алахәҩы хазы иаликааны дрыхцәажәеит ахыԥхьакра арежим иқәымныҟәо ауаа.

«Шәара шәхы мацара акәӡам ашәарҭара иҭашәыргыло, шәааигәа иҟоу ауаа зегьы рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭашәыргылоит», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Баҭал Кациа иҳәеит убыржәтәи аамҭазы Аԥсны амедицинатә бригадақәа рышьақәгылара ишаҿу, урҭ, иаҭахны иҟалозар, инҭыҵны акоронавирус азы атестқәа мҩаԥыргалар рылшоит.

Атәыла аиҳабыра ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аԥкрақәа аланагалеижьҭеи Аԥсны ауааԥсыра есыҽны иҟоу-иану азы аинформациа рҭоит Амедицинатә зҵаарақәа рзы Аоперативтә штаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны агәабзиарахьчара аминиср ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ииасыз уахыки-ҽнаки рыла – мшаԥы 5 рзы акоронавирус аарԥшразы алаборатортә диагностика иахысит хәҩык ауаа.

«Апациентцәа аӡәымзарак акоронавирус идбаламызт», – иҳәеит Кәанџьариа. Иара иациҵеит убасгьы уахыки-ҽнаки рыла иаку аимадаратә центр аҟны шәкы инареиҳаны аҭел асрақәа рҭак шыҟаҵаз.

«Иахьатәи амш азы Аԥсны акоронавирус ыҟоуп ҳәа шьақәыргылаӡам, аха егьа ус акәзаргьы аҭагылазаашьа ҷыда арежим иқәныҟәалатәуп, – ҳәа даҽазнык ааԥхьара ҟаиҵеит аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. – Ҳара еилаҳкаауеит акыраамҭа ахыԥхьакра ауадаҩрақәа шацу. Изаҳӡари, уажәи-уажәи иҳаҳауеит шьоукы-шьоукы арҭ аԥҟарақәа шеиларго. Агәра шәҳаргоит ҿыӷәӷәала, иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы рынагӡара ҳшаҿу, аха урҭ зегьы башахоит, аӡәыцыԥхьаӡа зегьы ахыхьчара аԥҟарақәа ҳрықәымныҟәалар».

2020 шықәса хәажәкыра 24 инаркны Аԥсны аиҳабыра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аԥкрақәа аланагалеит – иаанкылоуп ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа, иаркуп аҵаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ҳәааркуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәеи аԥҭекақәеи рыда, ауааԥсыра реиҭанеиааира ԥкуп, иара убас егьырҭ аԥҟарақәа алагалоуп.

Хәажәкыра 28 раахыс атәылаҿы иалагалоуп Аҭагылазаашьа ҷыда: аамҭала иаркуп аԥсуа-аурыс ҳәаа адипломатцәеи аруааи рыда атәымуаа зегьы рзы, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаагьы аҳәааҿы ргәаҭара акыр ирӷәӷәоуп.

Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы ацхыраара рыҭаразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 50 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи  «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.