АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ирыдиныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи.
Саид Барганџьиа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза жәлар рахь ихы нарханы ирыдиныҳәалеит иааиуа аныҳәақәа – Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи. Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз 2018-тәи ашықәс азы аԥсуа-абаза милаҭ рзы акрызҵазкуа аус дуқәа шымҩаԥгаз.
«Иахьатәи адунеи алакҭа зеиԥшроу ала, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа актуалра аҵоуп аԥсуа-абаза жәлар ҳуникалтә культуреи, ҳҵас-қьабзқәеи, ҳбызшәеи реиқәырхара азҵаара. Иҟаҳҵахьоу аҿы аангылара ҟалаӡом, иаку аетнокультуратә еиужьра аԥҵара иацаҳҵалароуп, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳатрадициақәеи рыҿиара ҳацхраалароуп, абаза жәлар рхаҭарнакцәа реимадарақәа ҳарманшәалалароуп, еиҳа еиҿцааларц, еибабаларц азы», – ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә текст.
Егзакь иазгәеиҭеит, хықәкык еицызмоу ауаа гәыԥҩык еиқәшәоу русура абзроурала, есааира ишазҳауа Аконгресси аиҿкаара «Алашареи» имҩаԥырго апроектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи ирызҿлымҳау, урҭ ирылахәхо ауаа рхыԥхьаӡара.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы агәра ганы дыҟоуп, 2019-тәи ашықәс ҿыц иҭало абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы «ари адунеи иаҳа излеиӷьыстәри ҳәа иазхәыцуа, ақьиареи агәыбылреи реихаҳара рҭахны, аԥсуа-абаза милаҭ аизҳара ахьӡала».
«Ҳаидгыланы иаҳзыҟамҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам!» – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Мусса Егзакь.
Аҵыхәтәан Егзакь ажәлар зегьы аныҳәақәа рыдиныҳәалеит. Ашықәс ҿыци Қьырса лашеи – ахәышҭаара иатәу аҭаацәара зегь еизызго ныҳәақәаны иԥхьаӡоуп. Ҭаацәала зегьы ирзеиӷьишьеит агәабзиара, агәамч, агәырӷьареи, аҭынчреи, бзиарақәас иҟоу зегьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.