Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 912 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 3313-ҩык ауаа.
Саид Барганџьиа
Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 912-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 3313-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 112-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 91 ыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 29-ҩык, 46-ҩык бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 35-ҩык акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы – 22-ҩык, Тҟәарчал – 15-ҩык, Гагра – 32-ҩык, Аҟәа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны 50-ҩык.
«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 9961 ыҟоуп. Урҭ рахьтә 7506-ҩык ргәы бзиахеит, 142 рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.
Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.