Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс амчқәа зегьы археит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчара аус ахь.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны ауаажәлар акоронавирустә чымазара ҿкы рацәыхьчара аганахьала активла аусура аҽазнакит. Абри атәы иҳәеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалара аахыс (акоронавирустә ҿкы Аԥсны аламырҵәаразы, иара убасгьы атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы атәылаҟны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп ҳазҭоу ашықәс хәыжәкыра 28 инаркны – аред.), АААК имҩаԥнаго аусқәа зегьы атәыла ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара ахырхарҭахь ииаган ҳәа.

Иара иажәақәа рыла, Аконгресс акоманда алахәцәа ҩ-напык рыла аус рыцура иалагеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы иаԥҵоу Аусбарҭабжьаратә оперативтә штаби, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьарази», ауаажәларратә-информациатә центр «Адгылареи».

«Иара убасгьы АААК еиԥмырҟьаӡакәа иамадоуп Москватәи аԥсуа диаспора, хаҭала уи ахантәаҩы Беслан Агрба ихаҿрала – авирус алаҵәара аанкыларазы хәы змаӡам ацхыраара ҟазҵахьоу. Авирус аҿагыларазы аоперативтә штаб аҽамаданы, уи ишьақәнаргылаз асиа инақәыршәаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаанахәараны иҟоуп хыԥхьаӡарала имаҷымкәа ахыхьчаратә маҭәашьарқәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Мусса Егзакь.

Аҭыԥантәи ахеилакқәеи АААК аусзуҩцәеи инарыгӡо ароль

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит лымкаалатәи русура ахырхарҭа: зхала зҽыԥхьазкыз ауаа ацхыраара рыҭара. Иара еиҭеиҳәеит, АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа шықәсык аҩнуҵҟала ашьақәгылара ишаҿыз, насгьы иахьазы дара хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵара активла ишалахәу.

«АААК акомандеи «Кьараз» аусзуҩцәеи иахьазы зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа 30 инарзынаԥшуа ирыцхраахьеит, акарантин ахьынӡаҟоу аамҭа иазхаша афатә-ажәтә рызнаргеит, насгьы уи ацхыраара аанкылаӡам, уажәгьы имҩаԥысуеит. АААК Аҿар рхеилак алахәцәа аволонтиорцәа раҳасабала ирыцхраауеит Аԥсны авирус алаҵәара иаҿагылоу азинмчра змоу аҭыԥантәи аусбарҭақәа, ауаажәлар рҟынӡа инаргоит авирус аҽацәыхьчаразы иҟаҵатәу, насгьы зықәра акыр инеихьоу абыргцәа ирыцхраауеит. АААК аинфопортал апресс-маӡаныҟәгаҩ Саид Барганџьиа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иаԥнаҵаз Акоронавирустә ҿкы аҿагыларазы Аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб алахәылас дҟалеит, аштаб аусура иазку аинформациа аларҵәараҟны ацхыраара ҟаиҵоит. Иааидкыланы иуҳәозар, АААК акоманда ҳауаажәлар авирус рацәыхьчаразы имҩаԥысуа аусура иахәҭакны иҟоуп. Сара агәра згоит, абри аҭагылазаашьҿы зегьы ззеиԥшу, гәхьаа зкым ауаа шыҟам, убри азын ауааԥсыра зегьы ҳамчқәа еилаԥсаны ҳзықәшәаз ахҭыс қәҿиарала ҳшаиааиуа», - ҳәа агәрагара ааирԥшит Егзакь.

Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аусзуҩцәеи, АААК Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуеи еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟны инхо заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа ирызку агуманитартә цхыраара рызнаргоит.

Иара иазгәеиҭеит, зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ауааԥсыра рыцхыраара аус ԥхьаҟагьы ишымҩаԥысло, «еиҳаракгьы, Аԥсны акоронавирус алаҵәара аиуны иҟалар».

«Уажәазы ҳазҭагылоу иуадаҩу аамҭазы, ацхыраара еиҳаракгьы ирҭахуп ахшара рацәа змоу, заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи, зықәра акыр инеихьоу, зхала инхо абыргцәеи. Сара ари аус сҽазыскырц зысыӡбазгьы, акы сахәарц сҭахуп азоуп. Уи адагьы, шәхаҿгьы ишәзаагом аҿарацәа шаҟаҩы ацхыраара ҟарҵо», – иҳәеит иара.

Адунеи атәылақәа зегьы ирзеиԥшхаз ари ацәгьа – ишәарҭоу авирус апандемиа аҿагылара – доусы илшо ала ихәҭаа алеиҵоит, згәы былуа ауаа рнапы еиқәыршәны изтәом.

Убас, АААК Аинформациатә портал иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа лнапала аҿаршәқәа ӡахны изҭаху ирзылшоит.

АААК Аинформациатә портал иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа лнапала аҿаршәқәа ӡахны изҭаху ирзылшоит.
© АААК

АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа рылахәцәа аинформациатә центр «Адгылара» активистцәа ирыцны Аԥсны ақалақьқәа рҿы акоронавирус аҽацәыхьчашьас иамоу зну абӷьыцқәа кыдырҵоит, АААК аппарат аусзуҩцәеи аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ауаа рахь авидео-ааԥхьарақәа ҟарҵоит аԥҟарақәа еиламгакәа рыҩны иҟазарц, нас АААК асоциалтә ҳақәа рҿы иамоу аканалқәа ирҭарҵоит.

Ф-бызшәак рыла ахҭысқәа зегьы раарԥшра

АААК аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит апортал аусзуҩцәа зегьы имҩаԥысуа ахҭысқәа раарԥшраҿы иаҭаху ацхыраара аҟаҵара ишазыхиоу.

«Акоронавирус аҿагылара ахьынӡамҩаԥысуа аамҭазы ҳпортал ажәабжьтә формат ахь ииасуеит: уажәраанӡа ажәабжьқәа ҳконтент ахәҭак акәын ишьақәдыргылоз. Ҳара инарҭбааны ҳарзааҭгылалоит акоронавирус аламырҵәаразы ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аусқәа зегьы абжьааԥнеиԥш, апортал абызшәақәа рыфба рыла. АААК апортал – адунеи иалаԥсоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ауааԥсыра аҿкы ишацәырыхьчо ахьеилыркаауа ҭыԥҳоит. Ҳара иаҳдыруеит аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ишрызҿлымҳау, еиҳаракгьы уажәы – абас аамҭа цәгьа ҳанҭагыла. Ҳара еилаҳкаауеит, абри дара рзы шаҟа аҵанакуа, уи азоуп абас еиԥш заҳаӡбазгьы», – лҳәеит Амина Лазԥҳа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-маӡаныҟәгаҩ, иара убас Акоронавирустә ҿкы аҿагыларазы аоперативтә штаб иалоу Саид Барганџьиа аштаб аусушьа шцо еиҭеиҳәеит: иара Аԥсны ауааԥсыра ирлас-ырласны иҟоу-иану азы аинформациа риҭоит.

«Аштаб ахь есыҽны иаҳзаауеит аҿкы змазар зылшо ауаа ирызку адыррақәа. Акоронавирус иеиԥшу асимптомқәа зхы иадызбало зегьы агәаҭара иахрыжьуеит. Анцәа иџьшьаны, ҳтәыла ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаалахьоу рахьтә – 50-ҩык инареиҳауп дара – аӡәгьы ари аҿкы имоуп ҳәа шьақәырӷәӷәамызт», – иҳәеит Барганџьиа.

Ҳара ҳаидгылоуп

Ишәгәалаҳаршәоит, ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 24 инаркны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы Аԥсны аиҳабыра аԥкрақәа шаланагалаз. Ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа аԥыхуп, аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аԥсшьаратә хықәкы рыманы Аԥсны аҳәаа рахысра аанкылоуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭырҭақәеи зегьы, аус зуа афатә-ажәтә ахьырҭиуа адәқьанқәеи аԥҭекақәеи роуп. Русура аанкылоуп убасгьы акрыфарҭа-чарҭақәа зегьы, убас аҵаратә усбарҭақәагьы, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи абанкқәеи русура ҳәааркуп. Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа зегьы аҿкы аиааиразы рымчқәа рхоуп.

Абарҭ амшқәа рзы аԥсуа наплакцәа гәыԥҩык рҽеидыркылеит «Ҳара ҳаидгылоуп» ҳәа аусмҩаԥгатә анагӡарала. Мышқәак рыла акоронавирус аҿагыларазы еизган 42 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара. Арҭ аԥарақәа зегьы шьҭуп Аԥсны агәабзиарахьчара асистемазы иаҭаху амаҭәахәқәеи, арзҩыдатәгақәеи раахәарахь. Ари аус активла рхы аладырхәит Москватәи аԥсуа диаспорагьы. Уаҟа еидкылан 6 миллионк мааҭ инареиҳаны аԥара, уажәазы дара амедицинатә усзуҩцәа рзы иахәҭоу амаҭәахәқәеи ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи аахәаны раашьҭра аус рнапы алакуп.

Раԥхьатәи амшқәа инадыркны амчқәа рыхәҭак рхан зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа фатәыла-жәтәыла реиқәыршәарахь. Ари аус иаразнакала иахаҵгылеит згәы былуа атәылауаа, урҭ гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы рааигәа-сигәа иҟоу ацхыраара зҭаху ауаа ирыхәоит, зхала инхо абыргцәа афатә рызнаргоит.

2020 шықәса, хәажәкыра 27 рзы аиҳабыра ирыӡбеит ҳтәылаҿы Аҭагылазаашьа ҷыда алагалазарц. Аԥсны акоронавирустә ҿкы аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны хәажәкыра 28 инаркны аԥсуа-аурыс ҳәаа атәымуаа зегьы рзы иаркын аруааи адипломатцәеи рыда. Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуаз Аԥсны атәылауаагьы аҳәаа рахысраан ргәаҭара акыр ирӷәӷәан: атепловизорқәа рыла ршоура гәарҭон, иаауа зегьы ҩы-мчыбжь рыҩнуҵҟа иԥхьаркуеит аҭыԥантәи абизнесуаа еиқәдыршәаз хаҭалатәи асасааирҭақәа рҟны.

Активла аус ауеит иаку аимадаратә центр, ҽнакала 200-ҩык иреиҵамкәа ауааԥсыра адҵаалоит уи. Зегьы рызҵаарақәа рҭакқәа раҳауеит, ирыхәҭоу ацхыраара роуеит, апсихологиатә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.

Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа рзы еиԥҟьарада атренингқәа мҩаԥысуеит.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи  «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.