Ҳазҭагылоу амшқәа рзы инарылукааша аҧсуа литератор Даур Занҭариа диижьҭеи 70 шықәса аҵра инамаданы, АААК аинфопортал иакьыҧхьуеит уи ирҿиареи иҧсҭазаареи ирызку аочерк.

Асҭа Арӡынҧҳа

«Ихьаау аҵхқәа раан сангәаҟуаз,

Аҧхыӡқәа рыла схы сырҿион,

Ҧсыҧны аҿымҭрашәоуп илазгоз,

Иҩазгоз ажәа аҧсы акәны избон.

- Аӷьеҩҳәа еимысҧаар аҧарда,

Аиаҵәара зегь ныҭҟьашт,

- Схы иҭҳәаау рызегьы уажәшьҭа,

Лабҿаба хаҭала избашт».

Даур Занҭариа

Аҧсуа, аурыс шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа диит лаҵарамза 25, 1953 шықәсазы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан, зеиҧш ҳбац анхаҩы иҭаацәараҿы. Ҩыџьа иаҳәшьцәа - Риммеи Евеи наидкыланы, аҭаацәараҿы хҩык ахәыҷқәа рыман.

Уамашәа иубаша ахәыҷы

Даур иаб, Баӡ Занҭариа, деибашьҩын, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду далахәын. Иуацәеи иқыҭауааи ргәалашәараҿы даанхеит ацәажәара иазҟазаз, зеиӷьыҟам аиҭаҳәаҩ иаҳасаб ала: иҟалап, ажәа азҟазара аб иҟнытә аҧа иахь ииасзаргьы. Даур, зеиҧшла аҟыбаҩ илан.

Даур абаҩхатәра злаз хәыҷын. Ашкол данҭаз ибзианы ицааиуан аматематикатә ҭҵаарадыррақәа, дыӷәӷәан алгебреи агеометриеи рҿы, ибзиаӡоу ахәшьарала иаиҭон афизика. Аха убасҟантәи аамҭақәа инадыркны, ахы аанарҧшхьан алитературахь абзиабара, иубарҭан уи аганахь ала иҷыдоу аҧсабаратә ҟыбаҩ шилаз.

Абар, аинтерес зҵоу фактк: абжьбатәи акласс аҿы дантәаз Даур аҧсуа бызшәахьы еиҭеигеит «Евгени Онегин» ахқәа руак. Иааиҧмырҟьаӡакәа даҧхьон аурыс шәҟәыҩҩцәеи, егьырҭ ҳәаанырцәтәи арҿиаҩцәеи раҧҵамҭақәа, арҵаҩцәа уамашәа ирбон илоу аерудициа аҩаӡара, избанзар еснагь ашколтә программа иаҵанакуаз инацҵаны даҧхьон.

Апоезиа апоп-музыка ахаҭыҧан

Даур имҩаду аҿаҧхьа дынхон класск аҿы ицтәаз иҩыза - анаҩс ипоетхаз, афилологиа адоктор Владимир Занҭариа. Ҳәара аҭахума урҭ ринтересқәеи ргьамақәеи ахьеиқәшәоз рацәан. Анаҩс, Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы Даур аҵара ицызҵоз Владимир Занҭариа игәалаиршәоит ианыҷкәынцәаз «винил» азыӡырҩра бзиа ишырбоз. Аха урҭ еицырдыруаз амузыка зҭаҩыз аҳәаанырцәтәи агрампластинкақәа ракәмызт, Сергеи Есенин, Владимир Маиаковски, Анна Ахметова реиҧш иҟаз апоетцәа рықәгыларақәа рыҟнытә лассы-лассы иуҧыхьамшәоз анҵамҭақәа ракәын. Аҟыбаҩ злаз арҧарцәа иргәаҧхон аурыс классикцәа рыбжьы хаҭа азыӡырҩра. Аиҩызцәа еицхырааны ирҩуан Аҧсуа драматә тетар аспектакльқәа рзы арецензиақәа, урҭ анаҩс агазеҭ «Аҧсны Ҟаҧшь» аҿы иркьыҧхьуан.

«Даур иҭаацәа, аб Баӡ - ҭеиҭҧшла улаҿы иааиуаз аибашьҩы, ирацәаны аорденқәа занашьаз, лассы-лассы иҧхьалон Тамшьтәи ашкол ахь аҵаҩцәа рҿаҧхьа ақәгыларазы, - иан, Наҭелла, - арҭ ауаа круҩцәан, аус руан аколнхараҿы, аҭаҭын аадрыхуан. Еснагь асас изгәдууз, ҭаацәала згәы ҭәны инхон уаан, аха ирымоу зегьы ихьанҭоу рџьабаа иалҵшәан. Аҭаацәа уаҩ имам ҳәа акгьы рымамызт, Даургьы дырқьынцыцны дааӡамызт», - ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Занҭариа.

Даур Занҭариа 1975 шықәсазы далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Раҧхьа аусура далагеит Аҟәа,  ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы. Ари аамҭазы иҭижьит аҧсышәала иҩыз иажәабжьқәа реизга «Набережная» (аҧс. «Аҧшаҳәа – аред. изгә.) (1979 шықәса), «Нар улбааит» (1981 шықәса).

«Алахаҵ зыргьежьуа» атекстқәа

1984 шықәсазы Даур дҭалеит Москва иҟоу Иреиҳау аконосценаристцәа ркурсқәа. Аҵара иҵон асоветтә фильмқәа «Баллада о солдате», «Белое солнце пустыни» рзы асценариқәа равтор, акинодраматург Валентина Иван-иҧа Ежов иҟазарҭаҿы. Иара убри ашықәс азы Занҭариа СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәҩхеит (уи аамҭазы, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далалахьан), ҩызцәас иман Андреи Битов, Фазиль Искандер, Татиана Бек, Марина Москвина реиҧш иҟоу алитераторцәа (аҵыхәтәантәи - аочерк «Житие Даура Зантария, колхидского странника» давторуп, Занҭариа изку агәаларшәагатә еизга еиқәлыршәеит - аред. изгә).

Ирҿиаратә мҩа алагамҭазы Даур еиҳарак дызлаҩуаз аҧсуа бызшәа акәын, аха анаҩс иаҳа-иаҳа аурыс бызшәахьы диасит. Иҧҵамҭақәак аҧсшәа аҟнытә аурысшәахь ихала еиҭеигеит. Убри аамҭазы Даур иаҧиҵоит аҭоурыхтә повестқәа ҩба. Актәи - «Судьба Чу Якуба», уи зызкыз аубыхцәа Османтәи аипериахь ианахыргоз, XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы имҩаҧысуаз ахҭысқәа ракәын. Афырхаҵа хада, Чу зжәлаз аубых Иакуб, Каир имҩаҧысыз, асулҭан иҿагылаз ақәгылара анапхгаҩцәа дреиуан. Аҩбатәи аповест - «Енджи-Ханум, обойденная счастьем» - аҧсуа аҳкәажә илызку, иуадаҩу драматә ҭоурыхуп.

«Уи (аҩбатәи аповест - аред. изгә.) аповест баҩхатәрала аҩра адагьы, аҟыбаҩ ҷыда шаҵоу ҩашьомызт, - ҳәа игәалаиршәоит - ашәҟәыҩҩы Андреи Битов. Ари аҩыза агәаанагара зыхҟьаз, уи аҟазшьоуп - ианыҧшуеит ажанр ҿыц, ашәҟәыҩҩы ҿыц - аепоси, ахроникеи, афольклори, ашықәсынҵеи реидкылара алҵшәа. Угәы иаанагар ҟалон Фазиль Искандер иаамышьҭахь аҧсуа-аурыс прозаҿы иҟауҵо акагьы ыҟам ҳәа. Аха Даур иҧшааит иҳәаадоу амч злагӡоу амҩа». Аповестқәа рыҩбагьы, ииашаны, Занҭариа ирҿиара анҭыҵгьы, зеиҧшла Аҧсны алитературатә ҧсҭазаара анырра анаҭеит.

Москватәи иколлецәеи иҩызцәеи Даур Занҭариа иҟазара ахә ҳаракны иршьон. Андреи Битов еиҭеигеит уи иажәабжь «Витязь Хатт из рода хеттов». Аиҭага кьыҧхьын 1987 шықәсазы. Агазеҭ «Россия» аредактор хада Иван Подшивалов иажәақәа рыла, Даур илшон «Аҧсы аамсҭашәара шанала ашәҟәы» ианылартә аиҧш аҩра.

«Акьыҧхьра ианаалоз Даур итекстқәа (избанзар егьырҭ, иара иҟазшьаз, ахдырра хырхарҭа рацәала имҩақәызҵоз аҩышьа, ауаҩы иблахаҵ дыргьежьуан) иаҧхьоз зегьы иџьаршьон», - ҳәа азгәеиҭон Подшивалов.

Аибашьра

«Аҩнқәа ҭӡыда иахьгылоу амш,

Бзиара умаз, уеизгьы,

Хыбда иахьгылоу аҩнқәа – Тамшь,

Бзиара умазааит уаргьы».

Даур Занҭариа, «Тишина»

Аҧснытәи аибашьра (1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра – аред. изгә.) алагеит аҧхын, уи аамҭазы Даур дыҟан Аҧсны. Аибашьра ашәҟәыҩҩы изы гәырҩацәгьахеит. Изааигәаӡаз ауаа анаҩс изларгәалашәоз ала, Даур илахь еиқәылеит, ҩнуҵаҟала акы даргәаҟуан. Даур иқыҭа гәакьа Тамшь ишьаарҵәыраз аидысларақәа ирҭыҧхеит. Иаб иҩны еилабгеит, анапылаҩырақәа реиҳарак – амца иалаблит. Амина ахьыҵаз адәқәа, бомбала ирбгаз ахыбрақәа, ҿыц ауаа анышә иахьамадоу аҧсыжырҭақәа Даур анаҩс дрыхҵәажәоит ирҿиамҭақәа рҿы, изгәакьаз аҩны акәзар – иазикит игәыҭшьаагоу ажәабжь «Три свидания с домом». Аибашьраҿы иҭахеит Даур иашьцәа, дҭахеит изааигәаӡаз иҩыза Адгәыр Инал-иҧагьы. Даур анаҩс иҩыза ихьӡынҩыланы иаҧиҵоит «Сижу под вязами…» зыхьӡу, еицырдыруа ажәеинраала.

Иара убри аамҭазы кыршықәса дзыргәаҟуаз ачымазара иахҟьаны лыдунеи лыҧсахуеит иҧшәмаҧҳәыс Лариса. Даур иҧа Нар имацара диааӡар акәхеит.

1996 шықәсазы ашәҟәыҩҩы иҧа диманы еиҭа Москваҟа дхынҳәуеит. Аусура далагеит ажурналистика аҟәшаҿы. Даур агазеҭ «Россия» ахҳәааҟаҵаҩс даман, ажурнал «Эксперт» аҿы корреспондентс аус иуан. Абарҭи егьырҭ аҭыжьымҭақәеи рҿы иркьыҧхьуан Кавказ ауадаҩрақәеи, аибашьратә еимакқәеи ирызкыз Даур иессеқәеи истатиақәеи.

Ашәҟәыҩҩы Петр Алешковски ари аҩыза аҧсҭазаара аҧсахра аганахь ала иҩуан, Занҭариа Аҧснынтәи Москваҟа «дыбналеит» ҳәа, избанзар аибашьра ахылҿиаақәеи аиҿымкаареи изыхгомызт. Даур ииашацәҟьаны ахыҧхьакырҭа дашьҭан, избанзар иқәҳаз аҧсҭазааратә уадаҩрақәа зегьы рыхгара мариамызт. «Даур инамыс даргәаҟуан, ауаа ирыхәаша акы аҟаҵара ахьилымшо дахәаҽуан. Убри аҟнытә иҟаиҵеит илшоз – ашәҟәы иҩит», - иҳәеит Алешковски.

Занҭариа ихьтәы роман

Даур Занҭариа хадара злоу ироман, иҟазара ақәцә аҿы иҟоу арҿиамҭа – «Золотое колесо» - акьыҧхь абеит 1998 шықәсазы, Москва. Ари, анашанатә реализм аелементқәа злоу аҭоурыхтә роман ҳәа акритикцәа ирыҧхьаӡаз, аҧсуа-ақырҭуа еибашьра иазкыз рҿиамҭоуп. Уи аҭыжьра аамышьҭахь Занҭариа Габриель Гарсиа Маркес диҿдырҧшуа иалагеит, уи аҩыза аиҿырҧшра иара ихаҭа рацәак ишигәамҧхозгьы.

«Изеиҧшразаалак ныррак, ма акы ахьҧшызаара ацәаара анызбалак, излауала сҽацәысхьчоит» - иҳәон иара апоетесса Татиана Бек аинтервиу анлиҭоз. Иажәақәа рҵакы реилыркаауа, иациҵон: «Акритика имҩаҧнагахьеит алаҭын-америкааи сареи ҳаиҿырҧшра. Иалацәажәон амифологиеи анашанатә реализми. Сара уи аҿы еилыскаауа маҷуп. Аҩыратә традициа змам, ма имаҷны измоу ажәларқәа роуп хадаратәла иҷыдоу аҟазшьа зныҧшуа, ибеиоу афольклор иазхьаҧшуа. Афольклор аҿы ажәлар зегьы арҿиара иалахәуп, уи аус алитераторцәа рнапы ианымҵакәа. Уи ауп ахатә дац ҳәа иҧхьаӡоугьы. Убри аҟнытә, ажәлар сынрылацәажәо амифологиада схәарҭаӡам. Убас акәхап Маркесгьы ижәлар рҭоурых шиҩуаз – ақьаад ҿыц ала».

 «Золотое колесо» ҩын урыс бызшәала. Автор игәаанагарала, аҧсышәала ари ароман хазхон.

«Раҧхьаӡа акәны џьара сасра имҩахыҵыз ауаҩы дзеиҧшроузеи? Уи иҽазишәоит илахҿыху, зыхшыҩ ҵару уаҩны аҟазаара, еиҭеиҳәоит дахьынтәааз аҵкар иазку, зеиӷьыҟам ажәабжьқәа. Убри еснагь еиднакылалоит урыс бызшәала иҩуа, аха иурысым ашәҟәыҩҩцәа зегьы, уи аан урҭ рыҩаӡара ҵакы амаӡам – Гоголь инаиркны, сара сҟынӡа зегьы иаҳҟазшьоу акоуп: дара (ҳара) – аурыс литератураҿы ҳсасцәоуп. Сара исылшон ари ароман ҧсышәала иаҧҵаны аурыс бызшәахьы аиҭагара. Аха усҟан, ари ароман зынӡа ихазхон: сыжәлар ирзынархахон аҟнытә, маҷк иаҳа иџьбарахон», - ҳәа азгәеиҭон Даур Занҭариа Татиана Бек илиҭоз аинтервиу аҿы.

Аҭынха

Сыҧсы – уазыҧрып Асар рымҩа,

Рыгага угәыдкыл,иузгәакьаӡоу уа,

Нас ианаамҭоу иахәҭакхап уцәаҩа,

Аанхареи ахашҭреи зегьы ҳахьцауа.

Даур Занҭария, «Ночь»

Даур Занҭариа 48 шықәса ракәын ихыҵуаз, нанҳәамза 7, 2001 шықәсазы аинфаркт иахҟьаны, иаалырҟьаны иҧсҭазаара анҿахҵәоз. Идунеи иҧсахит аметро «Сокол» азааигәара иамихуаз ауаҭах аҿы.

Шықәсык ашьҭахь, XV-тәи Москватәи жәларбжьаратәи ашәҟәытә џьармыкьа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит ишәҟәы «Колхидский странник» аӡыргара. Уи ашәҟәы ианылеит Занҭариа иҩымҭақәа рыҟнытә иреиӷьӡоу арҿиамҭақәеи, иҩызцәа – Андреи Битов, Евгени Реин, Татиана Бек, Петр Алешковски ргәалашәарақәеи. Аизга аиқәыршәаҩ – Марина Москвина, сахьала аиқәыршәаҩ – Леонида Тишкова. Уи ашәҟәы иану агәалашәарақәа, Даур иеиҧш иҟоу, аҩаӡара ду змоу арҿиаҩы инысмҩа нҭкааны аилкааразы хәызмам дырроуп. Урҭ ахархәара рыҭоуп  абри аочерк аиқәыршәараангьы.  Даур Занҭариа игәалашәара аҳаҭыр азы 2010 шықәсазы Аҟәа, уаанӡа дахьынхоз ауаҭах аҿы иаҧҵан Даур Занҭариа ихьӡ зху Акультуратә центр. Ацент аҧҵаҩы, аиҳабы – ауаажәларратә усзуҩы Циза Гәынҧҳа.

2013 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы ҩ-томкны, аҧсышәалеи урысшәалеи икьыҧхьын Даур Занҭариа ирҿиамҭақәа Реизга. Уа ианылеит уаанӡа иҭыжьмыз аҧҵамҭақәа, апублицистика, амшынҵа. Аиқәыршәаҩ, аҭыжьымҭа аҧхьажәа автор – Владимир Занҭариа.

Ҩ-томкны иҟоу ари ашәҟәы аизга ҳәа ахьӡуп згәаҭарала ҳәа азгәеиҭоит аиқәыршәаҩ. Аҭыжьымҭа ианылеит Даур ирҿиамҭақәа рыҟнытә иаҳа инарылукааша, аха ашәҟәыҩҩы иҭынха абеиара зеиҧшроу ала, иҭыжьзар ауеит «ахҧатәи атомгьы, аҧшьбатәи атомгьы».

Владимир Занҭариа игәаанагарала, Даур ирҿиамҭақәа рҿы «амифи аҧсҭазаара хаҭеи рыбжьара аҳәаа арҩашьара илшеит». Ари, иахьа амифоепика ҳәа изышьҭоу – афольклор аҟнытә иаагоу амотивқәеи, аиллиузиақәеи, амифологиатә хаҿрақәеи асахьаркыратә текст алаҵара ауп.

«Даур изхеит агәаӷь аклассикатә аҧсуа литература аҧҟарақәа арыцәхьаҵразы. Уи даҿагылеит еихала ичаҧаз алитературатә традициақәа. Ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа аламаламзар асленг рхы иадырхәомызт, иара уи изымариан. Даҽа мҩак ылхны, зхатә ҟазшьа змоу, ибеиоу астиль аҧиҵеит. Даур еиҟараны илшон ҧҟара ҷыдала инхо аӷьыч аихцәажәара, мамзаргьы Аҟәатәи ацынагцәа рыҧсҭазаашьа аарҧшра. Иара дрызҿлымҳан урҭ ртипажқәа. Илшон Аҟәатәи абарон иҿы хәылбыҽхала сасра амҩахыҵра, илшон аӷьычцәа «рҽырбаратә» жаргон ахархәара, - ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Занҭариа.

Даур Занҭариа ирҿиара аҟазшьа ҷыдақәа рахь иаҵанакуеит – аирониареи иҵаулоу алафи. Уи аирониала Даур, инарылукааша даҽа ҧсуа шәҟәыҩҩ дук – Фазиль Искадер диеиҧшмызт, еиҩудрауан. Даур идыруан арҿиараҿы имаз аҭыҧ ҷыда, Фазиль – иара итәы. Ари ахшыҩҵак дақәшаҳаҭуп Даур иҩыза, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариагьы.

«Сара Даур сицәыхарам уи ирҿиара салацәажәартә еиҧш, - ҳәа ҳгәы ҳҽаниҵоит Ӡиӡариа. – Ҳара даара ҳаизааигәан, ҳаҧсқәа еихәлан. Ас аиҧш иҟаз ҳаибабара, хымҧада шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала имаз аҩаӡара ду аҵәахуан. Аха иҳәатәуп Даур акалашәа дшыҟаз, даҽаӡәы дышиламҩашьоз. Даара иҵаулаз, иуадаҩыз, зацәажәара аинтерес аҵаз уаҩын иара. Аҧсҭазаараҿы длахҿыхын, ҳара, иҩызцәа ҳаихыччалон. Аха уи ихшыҩҵакқәа ҳавсны ицомызт. Даур уаниацәажәалак, уара ухаҭагьы ахәыцра ҿыцқәа узаатуан».

Даур Занҭариа иҭынха аиқәырхара акәзар, ари апроцесс макьана ихыркәшам, иахьазы уи ахырхарҭаҿы иубарҭоуп атенденциа бзиақәа ҳәа азгәеиҭоит асахьаҭыхҩы.

«Уажәазы ҳтәыла имариам аамҭақәа ирҭагылоуп. Аха зеиҧшла иаҳҳәозар, «Аҧсны» проект аҳасаб ала изышьақәгылар, ҳара ҳхаҭа милаҭк аҳасаб ала ҳзышьақәгылар, ҳауаажәлар рҿы абзиара згәы иҭоу амчқәа аиааира ргар – усҟан хымҧада, Даур Занҭариагьы ҧхьаҟатәи Аҧсны дахәҭакхоит, дзыҧсоу аҭыҧ ааникылоит».