Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Агәабзиарахьчара аминистрра адгыларала имҩаԥнагоз Аԥсны ақыҭатәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рзеиԥш диспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа ҟанаҵеит.

Аԥсны ақыҭатәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рзеиԥш диспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа рыҟаҵаразы  астол гьыжь аформат ала аиԥылара мҩаԥысит. Адиспансеризациа мҩаԥыргеит 27 ҳақьыми 20 медеҳәшьеи. Агәаҭара иахыжьын 718-ҩык. Урҭ рҟынтәи  605-ҩык ҵаҩцәан, 113-ҩык рҵаҩцәан.

Апроект аԥаразоужьра мҩаԥысуеит  Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы  Мусса Егзакь ихатә ԥарақәа рҟынтә.  Адиспансеризациа аҩбатәи аетап азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса  цәыббрамзазы.

Аиԥыларахь инаԥхьан адиспансеризациа иалахәыз аҳақьымцәа, Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа, Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа, ахәыҷы иусқәа хылаԥшра рызҭо Мактина Џьынџьалԥҳа, ауаҩытәыҩса изинқәа хылаԥшра рызҭо Анас Кьышьмариаԥҳа,  ахатә лабораториа «MedLife» анапхгаҩы Лариса Аҳәԥҳа, ареспублика амедусҳәараҭқәа рҳақьым хадацәа, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла дара рзы ихадараз иахьынӡазалшо ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара, инарҵауланы анализқәа рзыҟаҵара акәын.

Астол гьыжь аартуа апроект автор, ОСАЗ анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа илҳәеит адиспансеризациа алҵшәақәа рылацәажәара  хымԥада ари аус иалахәыз аҳақьымцәеи  аминистрра ахаҭарнакцәеи ахьалахәу акыршаҵанакуа.

 «Ҳкомандазы ари апроект реиҳа бзиа иаабаз проектхеит. Аҳақьымцәагьы ҳаргьы даара хра змоу уск шыҟаҳҵоз аабон. Ишыхәарҭаз ҳдыруан. Зегьы еицырдыруеит заанаҵтәи адиагностика ачымазарақәа жәпакы  қәҿиарала риааразы ишыхәарҭа дуу. Ашколхәыҷқәа  ргәаҭараан иаарԥшын  еиуеиԥшымыз апроблемақәа, иҟан ихьанҭоу апатологиақәа, дара ахәыҷқәа реиԥш рҭаацәагьы  урҭ рыҟазаара рзымдыруаз. Ианаамҭоу ухы алоумгалар арҭ ачымазарақәа ԥхьаҟа ауадаҩрақәа рхылҿиаар алшон. Ҳара ҳзы ари лҵшәоуп. Ԥсҭазаарак акәзаргьы  еиӷьу ахь иҳазкылгозар – иааироуп» ҳәа лҳәеит Ҳагԥҳа.

ОСАЗ аҟазауаҩ Наур Хышба еиҭеиҳәеит зны-зынла ишалшоз  еизааигәаз ашколқәа рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи знык ала агәаҭара рахыжьра. Қыҭа-цыԥхьаӡа рҟны апроект х-етапкны имҩаԥыргон. Актәи аетап – АААК аусзуҩцәа аҭыԥ ахь рнеиреи агәаҭарақәа рылацәажәареи, аҩбатәи аетап -  азеиԥш анализи ажьшьақар аҩаӡареи реилкааразы ашьагара, ахԥатәи аетап – иҟоу анализқәа ҵаҵӷәыс иганы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи  агәаҭара рахыжьра.

«АААК "амедицинатә картақәа" азнархиоит  аҵаҩцәа рыцԥхьаӡа: рыхьӡ, рыжәла, ианиз арыцхә, аҭаацәа рҭел, роура, рыкапан, аҳақьымцәа рзанааҭ ҷыда арбаны. Акартақәа ирыҵадыркуеит анализқәа рырбагақәа. Аҳақьымцәа ахәыҷқәа ргәабзиаратә ҭагылазаашьеи рабжьгарақәеи рзы аинформациа рнырҵоит. Амедшәҟәқәа ахәыҷқәа рыҩныҟақәа ирырҭоит. Иара убасгьы аволантиорцәа алархәны онлаин форма еиҿыркаауеит, ироуз арбагақәа аелектронтә  шьақәгылахь ииаргоит. Ари заҭаху аҳақьымцәа разгәаҭақәа рымазааразоуп. Урҭ анаҩс анализ рзыҟаҵахоит» ҳәа иҳәеит Хышба.

Адиспансеризациа инарҵаулоу астатистикеи раион-раионла аҭҵаарақәа рзы адыррақәеи еизаз идирдырит НИИЕПиТ усзуҩ еиҵбы Валери Џьынџьал.

Анализқәа  рҵаҵӷәала иаарԥшуп адемографитә дыррақәа, еиҳа лассы-лассы иуԥыло ачымазарақәа (аневрологиа, аофтальмологиа, аендокринологиа ҟазшьақәа), ашьахылҿиаарақәа рҭагылазаашьа (астатистика инақәыршәаны).

«Иҳауз аҟаҵарбақәа ранализ акраҵанакуаны иҟоуп, избанзар адиспансеризациа алҵшәақәа хырхарҭарацәала, комплексла рызнеишьа иунаҭоит алшара  агәабзиарахьчаратә система  еиҳа хра аманы аус ауларцазы аспектқәа рышьақәыргылараҿы. Адиспансеризациа  ахықәкқәа иреиуоуп: пациент-цыԥхьаӡа ацхыраара иҭара, заанаҵы ачымазара аарԥшра,  аиланхарҭаҿы ачымазарақәа рылассы-лассра, адефицитқәа раарԥшра,  ҷыдала апопулиациақәа рзы ареференсқәа реиҿкаара. Иазысыԥхьаӡоит арҭ адыррақәа аус рыдулара аҵак ду рымоуп ҳәа Агәабзиарахьчара аминистрра аусура апланыртәразы» ҳәа иҳәоит Џьынџьал.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит адиспансеризациа аиҿкаара бзиа шамаз, аусура анализ ахәшьара алҭеит, иааиуа егьырҭ аетапқәа раан ацхыраара ишазыхио атәы лҳәеит.

«Шәара иҟашәҵаз, аусура шеиҿышәкааз, аҟазауаа зегьы русура  еишьашәаланы иҟалартә шалшәыршаз – ҿырԥшыгоуп. Адиспансеризациа актәи аетап иаанарԥшит  атехникатә еиқәыршәара аԥсыҽрақәеи  аӷәӷәарақәеи. Ҳара иҳамоуп аамҭа уи ишахәҭоу еиԥш аиҿкааразы» ҳәа лҳәеит Делԥҳа.

Апроект автор Изольда Ҳагԥҳа ажәадгала ҟалҵеит  апроект  арҭбаара иалацәажәазарц, Агәабзиарахьчара аминистрраз ихымԥадатәины аҟаҵаразы.

Аиԥылара иалахәыз АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, Аԥсны Жәлар реизара адепутат Инар Гыцба Агәабзиарахьчара аминистрра иабжьигеит 2024 шықәсазтәи абиуџьет аиҿкаараан ҷыдала адиспансеризациаз ахарџьқәа рыхәҭаҷ арбазарц.

«Уажәы 2024 шықәсазтәи абиуџьет аиҿкаара иаамҭоуп. Исҳәо Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҵара аминистрра, Аконгресс, адепутаттә корпус  шәахь  иагьжәалагалоуп иагьааԥхьароуп аусеицурахь, адиспансеризациа аус ацҵараз алшарақәа рыҟаҵараз. Иахьа заанаҵтәи адиспансеризациа аихшьаалақәа ҟаҳҵоит, алҵшәақәа умбарц залшом, ахәшьарагьы уадаҩуп. Агәра згоит Апарламент аҿгьы адгылара шыҟарҵо» ҳәа иҳәеит Гыцба.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа агәыӷра аалырԥшит  адепутатцәа адгылара ҟарҵап ҳәа ари азҵаара Апарламент аҿы иахәаԥшраны иҟазар.

«Сара иаԥшьызгар сылшоит 2024 шықәсазы  аминистрра ахарџьқәа рҿы адиспансеризациаз ахарџьқәа ҷыдала иарбазарц. Макьаназ ахәыҷқәа ргәаҭара атәы ҳалацәажәалап, избанзар ахәыҷқәагьы адуцәагьы  реицгәаҭара аԥара маҷымкәа иаҭаххоит. Ахәыҷ ала ҳалагап, нас ԥхьаҟа ҳцап» ҳәа лҳәеит Делԥҳа.

Аминистрра аганахь ала апроект акоординатор Есма Гәниаԥҳа ҭабуп ҳәа ахылҳәааит Аконгресс иҟанаҵаз адиспансеризациаз ажәадгала, ҭабуп ҳәа ралҳәеит  аҳақьымцәа, убри аан иазгәалҭеит араионқәа рҿы аҳақьымцәа разымхара, асеиԥш ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҵак ду амазаара.

Астол гьыжь алахәылацәа зегьы ахәшьара ҳарак арҭеит адиспансеризациа аиҿкаашьа, агәабзиарахьчареи  аҵареи рхаҭабзиара аимадара, еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла аусеицура ишазыхио атәы рҳәеит.

Адиспансеризациаз апроект аусура  иаланаргеит АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы аҟәша (ОСАЗ) 2023 шықәса хәажәкырамзазы. Апроект анагӡара иадыԥхьалан жәпаҩыла аҟазауаа: акардиологцәа, аотоларингологцәа, аневрологцәа, аофтальмологцәа, апедиатрцәа, ауролог-рентгенолог, иара убасгьы амедицинатә коллеџь астудентцәа.