«A-MAJOR» аҧсуа лига официалла иҭаҩуп ахархәаҩцәа ахьырацәоу, агәыҧтә, акомпиутертә хәмарра DOTA-2 аҿы.
Селма Базҧҳа
Акиберспорт Аҧсны иҟалароуп! Акомпиутертә хәмарра DOTA-2 азы «A-MAJOR» аҩбатәи аицлабра мҩасуеит Аҧсны, нанҳәамза 5 инаркны 11-нӡа. Аха ари ажәабжь хада акәым.
Ҳазҭоу ашықәс азы имҩасраны иҟоу аицлабра уаанӡатәи еиҧшым, избанзар Аҧснытәи ахархәаҩцәа ахәмарра рхы аладырхәыр рылшоит «Dota 2 Tournament in the beautiful country of soul Abkhazia» ҳәа изну аҧсуа логотип иаҵагыланы.
DOTA-2 – VALVE акорпорациа еиқәыршәаны иҭнажьыз, ахархәаҩцәа рацәаҩны измоу, агәыҧтә, акомпиутертә хәмарроуп. Ахәмарра иалахәуп хәҩы-хәҩыла ишьақәгылоу агәыҧқәа ҩба. Урҭ хықәкыс ирымоуп атәым хырӷәӷәарҭа ахыбра хада арбгара. Аматч ахьынӡацо, ахәмарҩцәа дара-дара еибашьуеит, аӷацәа ма егьырҭ анеитралтә «крипқәа» ирандаҭлоит. Ашьра абзоурала ахәмарҩы ирҳауеит аҧышәеи ахьи. Анаҩс, урҭ ирҭнырҧсахуеит алшара ҿыцқәеи ихәарҭоу амаҭәарқәеи. Матчцыҧхьаӡа жәаҩык афырхацәа алахәуп. Dota аҿы иҟаӡам араундқәеи аамҭатә ҳәаақәеи. Ахәмарра мҩасуеит 15 минут инаркны, сааҭла, аха бжьаратәла сааҭк маҷк инеиҵны аамҭа агоит.
Ари ахәмарра аиҧш зеиҧшу ирылыркаауеит аиааиратә фонд ашәагаала. Ус, акиберспорт аҿы арекорд шьақәыргылан 2021 шықәсазы. Усҟан агәыҧқәа рыбжьара иршеит 40 миллион доллар.
Зегь реиҳа еицырдыруа акомпиутертә хәмаррақәа руак аҿы аҧсуа лига официалла ишцәырҵызи, ахархәаҩцәа рзы ари ахҭыс ҵакыс иамоуи дрылацәажәеит аҿари абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.
«Абар уажәшьҭа хышықәсоуп Аҧсны акиберспорттә еилазаара Dota-2 азы аицлабрақәа мҩаҧыргоижьҭеи. Ари ахәмарра Аҧсны еиднакыло ауаа рзы 2024 шықәса ҷыдала аҵакы амоуп, избанзар знык ала ҩ-хҭыск ҟалеит. Раҧхьа иргыланы, сынтәа официалла иаҧҵан Аҧсны Аҳәынҭқарра акиберспорт Ассоциациа. Уи анаҩсан, ахәмарра аҧҵаҩцәа ҳзыҳәара иақәшаҳаҭхан, еиқәдыршәеит «A-MAJOR» алига. Даҽакала иаҳҳәозар, аицлабра Dota-2 аҟны, «азҿлымҳаратә» зыхьӡу ахәҭа аартызар, дарбанзаалак иҧшаауеит аҧсуа лига «A-MAJOR».«Абасала, аицлабра иалахәу зегьы «Dota 2 Tournament in the beautiful country of soul Abkhazia» ҳәа аҟазшьарбага рзанҵаны ахәмарҩцәа рзеиҧш база иахыҧхьаӡалоуп», - ҳәа еиҭеиҳәеит Берзениа.
Берзениа ишазгәеиҭаз ала, Аҧсны ирацәоуп жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы егьырҭ атәылақәа рацлабра зылшо, аҟыбаҩ злоу аҿар.
«Акиберспорт иаҳа-иаҳа ауаа еицырдыруа аҟалара иаҿуп, Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы (ЖәАЕ) акәзар – акиберспорт азы Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаҧгара иадгылеит. Ари аспорт хкы адунеи аҿы амҽхак анеизҳалак, Аҧсны ирацәоуп еиуеиҧшым аҩаӡарақәа рахь иаҵанакуа аицлабрақәа рҿы ҳтәыла ахьӡ ҳаракны аӡыргара зылшаша аҿар», - иҳәеит иара.
Аҩбатәи акиберспорттә еицлабра «A-MAJOR» иалахәуп 9-гәыҧк. Уи ахәмарра аиааиратә фонд 200 нызқь мааҭ ыҟоуп.
Аицлабра еиҿкаауп ахәмарратә клуб VOID-и, Аҧсны акиберспорт ассоциациеи рыла, амобилтә еилахәыра «А-мобаил» ацхыраарала.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.