Ашколқәранӡатәи аҵарадырра иадҳәалоу апроблемақәа ирызкыз ҩымштәи аинтенсив мҩаҧган Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша ицәырнагеит апроект ҿыц - ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы атренингқәа.

Аекспертцәа раҳасаб ала иқәгылеит апсихолог, алогопед-адефектолог Иулиа Дубицкаиеи, апсихолог, ахәыҷтәы центр «Росток» анапхгаҩы Анна Подолианкеи.

Аинтенсив мҩаҧысуан ҩымш. Уи рхы аладырхәит Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа 19-ҩык. Атренинг еиҿыркааит Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 ахыбраҿы.

Ашколқәранӡатәи акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа рпсихикатә ҿиара анормақәа, адырра иашақәа рырҳара, ахәыҷқәа аҵара ахьырҵои рыҿиара ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәеи рҭагылазаашьа, ӷәӷәала, ма ибааҧсымкәа зцәажәара еилагоу ахәыҷқәа аус рыдулашьа, ааӡамҭацәа рҭаацәеи ааӡаҩцәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргыларазы аусура, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирылацәажәон ҩымш имҩаҧысуаз аинтенсив аҿы.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба еиҭеиҳәеит ари аҩыза апроект ахацыркразы агәҭакы шрызцәырҵыз.

«Адиспансеризациа иазынархаз апроект аус ахьынӡадаҳулоз ҳара ҳахь ааҧхьарақәа рацәаны иҟарҵон зпсихикатәи зцәажәаратәи ҿиара еиҵахоз ахәыҷқәа алзҧшаауаз аҳақьымцәа. Агәабзиара иадҳәалоу аҷыдарақәа ишаҳдырбо ала, ари аҭагылазаашьаҿы аҵакы дууп заанаҵтәи адиагностикеи ахәшәтәратә плани. Ари азҵаараҿы аҭыҧ ду ааныркылоит ашколқәранӡатәи аҵарарҵаратә усбарҭақәеи ахәыҷбаҳчақәеи, хаҭала иаҳҳәозар, урҭ рааӡаҩцәеи русзуҩцәеи. Убри инамаданы, ҳгәы иаанагеит ахәыҷбаҳчақәа рҿы аус зуа ааӡаҩцәа рзы аинтенсивтә тренингқәа рымҩаҧгара иаамҭоуп ҳәа», - иҳәеит иара.

Атренинг иалахәыз иддырбеит ашколқәранӡатәи акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа рышьақәгылашьеи, рпсихикатә ҿиара анормақәеи, ахәыҷбаҳчаҿы зцәажәара ҧку ааӡамҭацәа аус рыдулашьеи ирызкыз апрезентациақәа жәпакы.

Апсихолог Иулиа Дубицкаиа лгәаанагарала, аиҧш зеиҧшу аинтенсивқәа дҵа хадас ирымоуп ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа русзуҩцәа «ааӡаҩ-аҭаацәа-ахәыҷы» асистемала аимадара рҵартә еиҧш ацхыраара рыҭара.

«Ҳара ҳҽазаҳшәеит излауала ирацәаны ахәыҷқәа рықәратә психологиа иадҳәалоу аинформациа арыҭара, ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуа азыҳәарақәа зеиҧшразар ахәҭоу дырҵара. Иара убасгьы, ҳалацәажәаны аҧышәаҿы ҳҽазаҳшәеит ахәыҷбаҳчаҿы иахьатәи аамҭазы ицәырҵыр зылшо аҭагылазаашьақәа цәаныррала реилкаара, ахәыҷы иҿиашьа ҭаҳҵааит, аҭҵаарадырратә литератураҿы иаҳҧыло аҧҟарақәеи ахәыҷбаҳчақә рҿы ахәыҷқәа рхымҩаҧгашьеи зеиқәымшәо ҳазхәыцит», - лҳәеит Дубицкаиа.

Аексперт иазгәалҭеит есышықәса ишацло еиуеиҧшым агәабзиаратә еилагарақәа змоу ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара, ари аҭагылазаашьа ааӡаҩцәа рҿаҧхьа адҵа ҿыцқәа ықәнаргылоит.

«Иахьазы иҳамбар ауам аиҿкаашьала иманшәалам аинклиузиа аҭыҧ шамоу, избанзар еиуеиҧшым агәабзиаратә еилагарақәа змоу, мамзаргьы ҷыдала изызныҟәатәу ахәыҷқәеи зыҿиара ақәратә нормақәа ирықәшәо ахәыҷқәеи азеиҧшҵаратә усбарҭак ахь еицныҟәоит. Ари аҭагылазаашьа ааӡаҩцәа ирызцәырнагоит еиуеиҧшым аҳасабтәқәа – аҵаратә, акоррекциатә, арҵаратә. Убри аан, аматериал-техникатә база маҷуп, ааӡаҩцәа ирызхаӡом ҷыдала изызныҟәатәу ахәыҷқәа аус рыдулашьа иазку адыррақәа. Ари аҭагылазаашьаҿы, ааӡаҩцәа русура уадаҩхоит. Имҩаҧаҳгаз ҩымштәи асеминар азҵаара ҵарқәа рыӡбараҿы ааӡаҩцәа ирыхәар ахәҭоуп», - ҳәа ацылҵеит лара.

Дубицкаиа иазгәалҭеит лколлегеи лареи ирылшоз зегьы шыҟарҵаз ааӡаҩцәа русураҿы ирыхәаша адыррақәа рыҭаразы.

Ҳаамҭазтәи ааӡаҩ ихықәкы хада ауп ҳәа иҧхьаӡоуп еиуеиҧшым ахәыҷқәа аус рыдулара арманшәалара, ашьцылареи агәырцҟәыл аарҧшреи рҿы ахәыҷы ицхраара, аҭаацәеи дареи рыбжьара агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.

 Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аиҳабы Изольда Ҳагҧҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит апроект ҿыц анагӡара иадҳәалоу зегьы.

«Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҩымш ирылагӡаны ахәыҷбаҳчатә ааӡаҩцәа рзы атренингқәа мҩаҧызгоз Иулиа Дубицкаиеи Анна Подолианкеи. Иазгәаҭатәуп, аусмҩаҧгатә ахә ҳаракны ишыршьаз, ирҽхәаны ишахцәажәаз Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа рнапхгаҩцәеи, урҭ зегьы еидызкылаз ақалақь аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиба-Хышбеи. Ҳара игәцаракны ҳрылацәажәеит атренинг аҿы ицәыргаз атемақәа, ҳагьырзааҭгылеит ҳаспециалистцәа рзы иаҳа ихәарҭоуп ҳәа иҳаҧхьаӡаз х-зҵаарак», - лҳәеит лара.

Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла, аҩаӡарақәа зегьы рахь иаҵанакуа анапхгаҩцәа рыспециалистцәа аҟазара аизырҳара акурсқәа ирхысны, иҿыцу акы рҵандаз ҳәа иахьашьҭоу аҵакы шдуу, избанзар уи иацааиуа ахәарҭара зегьы зныҧшуа ҳхәыҷқәа роуп.

Апроект анагӡаҩцәа иргәиҭоуп ҳазҭоу ашықәс ҭагалан азы, аиҧш зеиҧшу ҩымштәи аинтенсив Гәдоуҭа араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы амҩаҧгара.