Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкыз аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Мықә ақыҭан.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа милаҭтә ҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Очамчыра араион Мықә ақыҭан, Мықәашҭа адәаҿы, ахәашаҽны, цәыббрамза 28 рзы. Сынтәатәи аҽырыҩра азкын Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа 25 шықәса ахыҵра.

Аицлабрақәа ирылахәын Џьгьарда, Кәтол, Мықә, Ԥақәашь, Уарча, Тамшь, Ӷәада ақыҭақәа рҟынтә еизгоу акомандақәа.

«Иахьатәи аҽырыҩра иалахәу аҽқәа зегьы Аԥснытәқәоуп, урҭ реиҳарак Кәтол аҽырхәмарратә школ аҟны иааӡоуп», – ҳәа АААК аинфорпортал иазеиҭеиҳәеит аҽырхәмаррақәа реиҿкааҩцәа ируаӡәку, Очамчыра ақалақь ахадара аусзуҩ Михаил Агрба.

Иара иациҵеит, ари аусмҩаԥгатә хықәкыс ишамоу аҽырхәмарратә спорт Аԥсны аларҵәара, иара убасгьы аҽыҩҷкәынцәа рыҩаӡара аизырҳара.

Зегь иреиҵбоу аҽыҩҷкәын 15 шықәса ихыҵуеит, Баграт Ҵәыџьба ихьӡуп. Аицлабраҿы иара дықәгылан Уарча ақыҭа ахьӡала.

«Абар шьҭа ҩышықәса раахыс аҽырыҩрақәа срылахәуп. Даара исгәаԥхоит сызҿу. Саԥхьаҟагьы аҽырхәмарратә спорт садҳәалазарц сгәы иҭоуп», – иҳәеит Ҵәыџьба.

Ԥақәашьынтә иааз, ари аҽырыҩра иалахәу Беслан Бабуа иазгәеиҭеит аспортсменцәа ашықәснтәарак аҽырыҩра рыҽшазыҟарҵо.

«Ҳара ҳзы ари акрызҵазкуа хҭысуп, даара игәцаракны ҳҽазыҟаҳҵоит. Аҽырхәмарратә-спорттә школ аҿы ҳҽазыҟаҳҵоит.

Аҽырыҩраҿы иқәыргылан ԥшь-ҳамҭак: Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихраҿа, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ихраҿа, иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихраҿа, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара иазку ахраҿа. Ҩ-нызқь метра иҟаз адистанциаҿы еиԥхныҩуан аҭыԥантәи аҽқәа.

Иаразнакала х-ҳамҭак дыриааит Кәтолтәи аҽыҩҷкәын Инал Гәаланӡиа. Уи даԥсахеит Владислав Арӡынбеи, Рауль Ҳаџьымбеи рыхраҿақәа, иҭахаз аҵеицәа рыхьӡала иаԥҵаз ахраҿеи. Абас қәҿиарала зхы аазырԥшыз аспортсмен иазгәеиҭеит иқыҭа гәакьа ахьӡала дахьықәгылаз – ҳаҭыр дуны ишиԥхьаӡо, убри аҟнытә хынтә дахьаиааиз иаҳагьы дшеигәырӷьо.

Сергеи Багаԥшь ихраҿа даԥсахеит Ӷәадатәи аспортсмен Алиас Папба.

Аҽырхәмаррақәа рҟны акомандақәа еицлабуан иара убас «Аҵәеигәыдҵа» захьӡу аԥсуа милаҭтә хәмарраҿы. Ари ахәмарра аԥҟарақәа рыла, аҽы ушакәтәоу, аҵәы ыршәны узацлабуа аҿыҩҷкәынцәа ма урҭ рыҽқәа урықәшәароуп. Аҵәы ахаҭа акалам иалхуп, аура метрак инеиҳауп, аха ахқәа ҵарӡам. Аҽы уақәшәар – укоманда очкок азааугоит, аҽы иақәтәоу уиқәшәар – ҩ-очкок угоит. Реиҳа зауз акоманда аиааиуеит.

«Ари ахәмарра аинтерес ду аҵоуп, ашәарҭарагьы ацуп. Аспортсменцәа ааха ӷәӷәақәа анроуа ҟалалоит. Абас иахьшәарҭоу азы акәзар ҟалап ари аҽырхәмарра абас азҿлымҳара дугьы замоу», – иҳәеит ахәмаррақәа рыӡбаҩ.

Аицлабрақәа рыпрогорамма иалан Ҽыла ампыл архәмаррагьы. Уи аԥҟарақәа ишырҳәо ала, аҽы ушакәтәоу адәаҿы ампыл урхәмаруеит иҷыдоу алабала, убас мацара узацлабуа акоманда рымба ампыл ҭауршәроуп. Реиҳа ҭазыршәыз акоманда аиааира агоит.

Аҩ-хәмаррак рҟны аиааира ргеит Кәтолаа. Иааидкыланы арҭ аҽырхәмаррақәа ирылахәын 60-ҩык аспортсменцәа.

Очамчыра араион, Мықә ақыҭан аҽырыҩрақәа сынтәа 25-нтә имҩаԥысит. Аицлабра апрограмма иахәҭакуп 1400, 1600, 1800, 2 000 метра адистанциақәа рыла аҽырыҩра, иара убас амилаҭтә ҽырхәмаррақәа – аҵәеигәыдҵеи, ҽыла ампыл архәмарреи. Аҽырыҩра иахәаԥшырц есышықәса шәҩыла ауаа арахь иаауеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә. Ҳтәылаҿы Аиааира амш иазкны имҩаԥысуа аҽырхәмаррақәа – ихадоу ракәны иԥхьаӡоуп.