Москватәи аԥсуа диаспора Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәанаҭеит аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны» амҩаԥгарала.

Москватәи аԥсуа диаспора (МАД) раԥхьаӡа акәны имҩаԥнагеит «Аԥсны» ҳәа хьӡыс изауз аԥсуа культура афестиваль. Абри аформат ала Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш цәыббра 30 рзы имҩаԥысит адиаспора рхаҭарнакцәа изаамҭанытәиу реиқәшәара.

Афестиваль мҩаԥысит Москва ақалақь агәҭаны, «Красная пресня» апарк аҿы. Аԥсуа милаҭтә кәашарақәеи, ашәаҳәарақәеи ирыцлеит ԥсыуа ҵасла аҭаца лаагашьа арбара, Аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҿтәи атмосфера, амилаҭ чысқәа рыҟаҵаразы амастер-классқәа уҳәа иҵегь ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа.

Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Аграб иажәақәа рыла, адиаспора актив еиуеиԥшым аныҳәа азгәаҭара аформақәа ирылацәажәон, аҵыхәтәан ирыӡбеит акультуратә фестиваль мҩаԥыргарц.

«Ари Москва имҩаԥысуа раԥхьаӡатәи ԥсыуа фестивальуп – зегьы рзы иаарту, хәыда-ԥсада узҭаар ауа. Жәанызқьҩык рҟынӡа ауаа ҳҭааит, сгәанала, ари қәҿиара дууп. Уи, ауаа ҳамԥхьаӡаргьы иубаратәы иҟан, аҭааҩцәа зегьы рхы-рҿқәа еихаччо, ргәы алаҟаны зегьы иахәаԥшуан, иҭабуп ҳәа ҳарҳәон иара уа афестиваль анцоз аамҭазгьы, ианынҵәа ашьҭахьгьы – доусы рсоциалтә даҟьақәа рҿы», – иҳәеит Агрба.

Ари аныҳәа амҩаԥгара иаҵаз аидеологиатә ҵакы аилкаара мариоуп – ҳхы ргәаҳарԥхар ҳҭахын ҳәа ациҵеит иара. Москватәи аԥсуа диаспора ахада ихшыҩҵак ҳаилиркааит абас: «Ауаҩы иаангьы ус ами ишыҟаҳҵо. Иҟаҳҵои аӡәы ҳаигәаԥхарц анаҳҭаху? Ҳкәашоит, ҳшәаҳәоит, ажәабжь гәырҿыхагақәа еиҭаҳҳәоит, иҳамоу ачыс хаақәа иреиӷьу ргьама иҳарбоит, аныҳәаҿақәа шьҭаҳхуеит, аԥсҭазаара ҳшазыҟоу изеиҭаҳҳәоит, афильмқәа иҳарбоит – абри еиқәысыԥхьаӡаз зегь ыҟан ҳфестиваль аҿгьы! Ҳаргәаԥхар ҳҭахын, ҳҩызцәа ргәы ҳахәарц, насгьы аҩызцәа ҿыцқәа ҳарҳарц. Иагьҳалшеит уи».

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

Афестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку Наста Агрԥҳа еиҭалҳәеит, иаарту адәаҿы афестиваль амҩаԥгара аформат ала ҳара ҳасасцәа идҳаркыр ҳҭахын аԥсуа қыҭақәа ргәыбылра, еиҳаракгьы ақыҭа ныҳәақәа рҿы аҳра зуа ахақәиҭреи, агәырӷьареи, асасдкылареи рцәаҩа ҳәа. 

«Афестиваль ала ҳара иаҳҳәар ҳҭахын, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны – амшыни, апальмақәеи, амандаринқәеи рыдагьы иҟоу шырацәоу, иара ақыҭақәа рыла ишбеиоу, ахатә культура дуӡӡа шамоу, амилаҭ чыс ахкырацәара, аԥсабара аԥшӡара уҳәа убас ирацәаны излаҽхәаша шамоу», – ҳәа азгәалҭеит лара. 

Афестиваль иаҵаз сиурпризқәак ртәы еиҳа инарҭбааны ҳазааҭгылап.

Москватәи «Брехаловка» аҿы ҭагалантәи ашьыжь, мамзаргьы аԥсуа џьыка ҟаԥшь шыҟарҵоз

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ишаԥу еиԥш, ашьыжь акаҳуала иалагоит, «Брехаловка» ҳәа иахьашьҭоу амшын аԥшаҳәаҿы игылоу акафе аҟны аԥслымӡ аҿы идыршуеит иара, нас ҭынч инаҿыхәо аԥсҭазаареи, аполитикеи рҿы уҳәа иҟоу-иану ирылацәажәоит.

Абасҵәҟьа иалагеит уи аҽны Москва агәҭаны, «Красная пресня» апарк аҟны иаартыз «Брехаловка» аҿтәи ашьыжьгьы: акаҳуа аԥслымӡ аҿы идыршуан, игәырҿыхагоу ацәажәарақәа ыҟан, иара амшгьы Аԥснытәи еиԥшны, амра хааӡа иԥхон, цәыббрамза анҵәамҭазы – ари даара иџьоушьаша акоуп Москва аклимат азы.

Амала еиԥшымзаарак ыҟан зегь акоуп: амшынцәгәырԥақәа рыбжьы уаҳауамызт, амшын аҵаа-фҩы ахаҭыԥан еизаз зегьы ааимнадеит апырпыл ҟаԥшьи ахәсхәақәеи рыфҩы хаа. Уи иаанагоз аԥсуа џьыка ҟаԥшь аҟаҵашьа иазкыз амастер-класс алагеит ҳәа акәын.

Ааи, Москватәи апаркқәа руак аҿы аԥсуа чеиџьыка зыда ухаҿы иузаамго аџьыка ҟаԥшь ахаҭаҵәҟьа ҟарҵон. Уи абара акыр иаԥсан. Афестиваль аиҿкааҩцәа иазԥхьагәарҭеит иара убас егьырҭ аԥсуа чыс хадақәа – аилаџьи, ачашәи рыҟаҵаразы амастер-классқәагьы. 
Ҳәара аҭахума, афестиваль аҭааҩцәа алшара рыман аԥсуа ҩқәа ргьама абара, иргәаԥхоз аахәара. 

Москва агәҭаны «Аԥсуа чара» амҩаԥгареи, «Амцабзаа» рыкәашара аурокқәеи

Аныҳәа иацҵахон, ус даацәырҵит ҭацамаҭәала еилаҳәаз аҭыԥха, лҩызцәа ҩыџьа лывагыланы, «агәара» дааҭаргалеит, шәаҳәарала-кәашарала, аԥсуа чараҿы ишаԥу еиԥш. Зегь рыла ирхиоуп аишәачарагьы, абыргцәа хатәрақәа аныҳәаҿақәа шьҭырхуеит.

Абас афестиваль аиҿкааҩцәа ирыӡбеит Москва ақалақьуаа аԥсуа чара аҵасқәа ддырбарц. Асасцәа ирбарц рылшон аҭацаагара иадҳәалоу ажәытәтәи аԥсуа ҵасқәа аазырԥшуа ақәыргыламҭа.

Аҭацаагаратә традициақәа даара аинтерес рызцәырнагеит афестиваль аҭааҩцәа, уи азгәеиҭеит адиаспора реиҳабы. 

«Москва ақалақьуаа ҿыц блала срыхәаԥшит иахьа, даара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп иаадырԥшуаз аинтерес азы, қәрала еицәыхараз ауааԥсыра еиҟараны иазҿлымҳан ари аусмҩаԥгатә. Рыԥсшьарамш ныҳәак еиԥш имҩаԥаагеит», – иҳәеит Беслан Агрба.

«Ачара» амҩаԥгара дырԥшӡон арҿиаратә коллективқәеи амузикантцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: акәашаратә ансамбль «Амцабз», Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, ашоу «Голос» алахәцәа Ҭемыри Дениси Ҳагаа (Timband). 

Аԥсуа кәашара арҵаразгьы амастер-класс мҩаԥган. Уи мҩаԥыргеит Игор Моисеев ихьӡ зху академиатә ансамбль алахәыла Ахра Ҭаниеи, ансамбль «Амцабз» анапхгаҩы Лаша Марыхәбеи. Имҩаԥган иара убас аԥсшәа арҵара аурокқәа шымҩаԥысуа аӡыргара.

Афестиваль аҭааҩцәа алшара рыман Ҭенгиз Ҭарба ифотоҭыхымҭақәа рыхәаԥшра абраҵәҟьа иаартыз «Ишьхатәылоу Аԥсны» апроект ацәыргақәҵаҿы. Афестиваль хыркәшахеит Миха Лакрба иновеллақәа рыла иҭыхыз зметр кьаҿу афильмқәа дырбаралеи, аиҿкаара «Послы доброй воли» имҩаԥыргаз ашьапылампылтә матч алеи.

Атәыла абзиаӡбахә аларҵәареи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ирызкны

Афестиваль аиҿкааҩцәа руаӡәк, Москватәи аԥсуа диаспора адиректор Даур Барганџьиа излаиԥхьаӡо ала, афестиваль аформат даара иманшәалахеит, убри аҟнытә адиаспора агәҭакқәа иреиуоуп иара шьҭарнахыс есышықәса амҩаԥгара. 

Афестиваль аҿы иаарԥшыз ахкырацәара зегьы иргәаԥхеит, аскептикцәагьы уамашәа ирбаратәы иҟалеит, иҳәеит иара.

«Афестиваль ҷыдарас иамоу – зегьы рзы иахьаарту ауп. Ганкахьала, Москватәи ҳауаажәлар ас еиԥш иҟоу иҭбаау аусмҩаԥгатә рхы аладырхәразы алшара ҟалеит. Даҽа ганкахьала, Москва ақалақьуааи асасцәеи ирыдаагалеит аныҳәатә ҟазшьа змоу аамҭа ахгара аформат, ҳкультуреи ҳтәылеи иаҳагьы иааигәаны рызнагарала», – ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Анаҩстәи афестиваль аӡбахә аҳәара макьана изаауп ҳәа лгәы иаанагоит Наста Агрԥҳа. Аха иара ҟалозар, программас иамазаалакгьы, иалахәцәахо азусҭцәахалакгьы – иара уажәеиԥш иаартызаауеит, ҳкультура иазкызаауеит, аҭааҩцәа зегьы иргәаԥхо иҟалоит лҳәеит лара.

Беслан Агрбагьы ари афестиваль есышықәса амҩаԥгара дадгылоит, аха убри аан ицәырҵуа ауадаҩрақәак рыӡбахә иҳәеит.

«Ҳара иалаҳхыз ашықәс аамҭазы аратәи аклимат даара ибааԥсуп. Сынтәа амш еилганы иахьыҟалаз – даара иҳақәҿиеит, ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәон, амш ҟаларцаз. Убри аҟнытә ари афестиваль аԥхын имҩаԥгалазар еиӷьуп… аха аԥхын еиҳараҩык ԥсшьара ицоит, еимпуеит. Ахәыцра ҳаҿуп, ажәакала. Ҳхаҭақәагьы убас иаҳгәаԥхеит ари афестиваль, еиҭамҩаԥаҳгарц даара иаҳҭахуп аиашазы», – иҳәеит иара.

Беслан Агрба иҭабуп ҳәа раиҳәеит афестиваль аиҿкаара иалахәыз, уи иацхрааз зегьы.

«Аӡәыцыԥхьаӡа рыхьӡқәа рҳәара салагом, даара ирацәаҩуп дара. Аха ихадароу аныҳәа аиҿкааҩцәа иреиуоуп: Даур Барганџьиа, Инна Барчан, Наста Агрԥҳа, Галина Белькова, Дмитри Ҳашба, Наталиа Хлиустова, Руслан Ҳагба, Нара Папԥҳа уҳәа убас ирацәаҩӡаны», – ҳәа азгәеиҭеит адиаспора аиҳабы.

Афестиваль аиҿкаара хымз инарзынаԥшуа аамҭа агеит, уи аиалхәын 50-ҩык ауааԥсыра, аволонтиорцәа налаҵаны.