Аҟәа имҩаԥысыз иҷыдоу ацәыргақәҵаҿы еизаз идырбан хкырацәала ахҭырԥаҿаҳәашьақәа.

Саид Барганџьиа

Ацәыргақәҵа «Ахҭырԥа»: аҭоурых, атрадициа, иахьатәи амш» ҳәа хьӡыс измаз мҩаԥысит Аҟәа, ахаша, ԥхынҷкәын 26 рзы. Ахҭырԥақәа рцәыргаразы аиҿкааҩцәа рхы иадырхәеит аԥсуа скульпторцәа русумҭақәа – аҭоурыхтә фырхацәеи, еицырдыруа актиорцәеи, ашәаҳәаҩцәеи рхаҿсахьақәа зманы ичаԥаз. Апроект аиҿкаара иалахәын Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор «Аҟәафон».

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра >>    

Апроект авторцәа руаӡәк, афотосахьаҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа еизаз асасцәа идирбеит ахҭырԥа аҿаҳәашьа жәаҩа варинат. Иагьазгәеиҭеит, арҭ авариантқәа ҟазшьала еиуеиԥшым ахҭысқәеи, аусмҩаԥгатәқәеи ишрызку.

Ацәыргақәҵа авторцәа ируаӡәку, афонд «Ахеидкыла ацҳа» аԥҵаҩы Елена Лабахәуа 20 шықәса инареиҳаны аԥсуа милаҭтә маҭәа аҭоурых ҭылҵаауеит. Ажурналистцәа рацәажәараан иазгәалҭеит, ахҭырԥа – аԥсуа милаҭтә маҭәа иахадоу елементны ишыҟоу.

«Ахҭырԥа иамоуп акыр иҵаулоу аҵакы, уи иаҳнарбо амилаҭтә еиԥшзаара мацара акәӡам, иара убасгьы еиқәнаршәоит аҷыдаҟазшьатә хаҿсахьа. Ҳара еизаз идҳарбарц ҳҭахын, ахҭырԥа аныҟәгара иахьагьы ишактуалу, ҳазҭоу аамҭа ишақәшәо», - лҳәеит Лабхәуа. Убасгьы лара иацылҵеит, ари апроект ишеиднакыло аҟазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, ахәаԥшҩы атрадицеи аҭоурыхи рахь дхьазырԥшуа.

Апроект иаа убас ацавторс иҟоу аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа еиҭеиҳәеит, ахацәа ахҭырԥа рхаҵара ҭагылазаашьак ишадҳәалаз, иара убасгьы ахҭырԥа ныҟәызгоз ишааирԥшуаз имоу агьамеи, иоригиналреи.

Ацәыргақәҵаҿ убасгьы идырбан Ибрагим Ҷкадуа ифотоусумҭақәа, «Аҟәафон» есышықәстәи амзар ианылақәаз.

Аилахәыра «Аҟәафон» аӡыргареи анҭыҵтәи аимадарақәеи рыҟәша анапхгаҩы Асҭан Барцыц игәаанаграла, ари апроект «акыршықәса аԥсы ҭазаауеит», убасгьы иазгәеиҭеит, ацәыргақәҵа шырзынархоу Аԥсны инхо ауааԥсыреи, Кавказ ажәларқәеи, амилаҭтә традициақәеи, акультуреи ирыдҳәалоу ауааԥсыреи зегь рахь.

Аусмҩаԥгатә азҿлымҳара рызцәырнагеит Аҟәа инхо ауааԥсыреи, уи асасцәеи.

«Даараӡа аинтерес аманы имҩаԥысит ацәыргақәҵа, амилаҭ маҭәала ҳкультура абадырра хықәкыс измоу. Избоит иахьагьы ахҭырԥа актуалра шамоу, иҟоуп иныҟәызго ахацәагьы. Сыблала избеит ахҭырԥа аҿаҳәашьақәа жәаҩа варинат», - ҳәа ицәаныррақәа ҳацеиҩишеит ацәыргақәҵа иаҭааз асас Ҭемыр Мықәба.

Ахҭырԥа – амилаҭтә маҭәа ихадоу ахәҭақәа ируакуп аԥсуааи, ашәуааи, иара убас Кавказ иқәынхо амилаҭқәа жәпакы ркультураҿы. Иахьагьы ахҭырԥа актуалра амоуп. Кавказ иқәынхо ажәларақәа ҭызҵаауа аҵарауаа аӡәырҩы иазгәарҭоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан хкырацәала ахҭырԥаҿаҳәашьа авариантқәа шыҟоу.