Аԥсуа аамысҭацәа рҭаацәара иалҵыз Константин Лакрба аӷа ихы дашьит Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан. Иара дшыҷкәыназ дҭахеит, аха иааирԥшыз ахаҵареи агәымшәареи ихьӡ наунагӡа аҭоурых иазынрыжьит.
Арифа Қапԥҳа
Константин Шьаҳан-иԥа Лакрба Черқьессктәи аполк апрапоршьчик Шьаҳан (Иасыф) Ҳасан-иԥа Лакрба иҷкәын иакәын. Убасгьы аиуара рыбжьан Аԥсны еицырдыруаз амалуаҩы Мырзаҟан Лакрба иҟны. Мырзаҟан иашьцәеи иареи Дәрыԥшь ақыҭан идыргылахьан ашколи ауахәамеи.
Константин Лакрба диит ажьырныҳәа 8, 1891 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аԥсуа милаҭтә традициақәа инарықәаршәаны дааӡан. Иԥсадгьыл амԥсахреи, аиҳабацәеи аҳәсеи ҳаҭыр рықәҵареи – абарҭ зегьы гәникылеит, ишырҳәо еиԥш, иан лкыкахш иацны. Аҭауад жәлақәа рҿы ишаԥыз еиԥш, ахацәа иалырхуаз азанааҭ заа иӡбан – уи аррамаҵура акәын.
Константин Лакрба аҵара иҵон аҭауад ду Михаил Павел-иԥа Воронежтәи икадеттә корпус аҟны, анаҩс – Елизаветоградски акавалертә ҵариурҭаҿы. Иқәыԥшыз Константин Лакрба аҵариурҭа иҭаз зегьы даарылукаартә дыҟан, иреиӷьқәаз рыгәҭа дгылан. Иҵара анхиркәша ашьҭахь, 1913 шықәсазы акорнет ичын ирҭеит, дагьырышьҭит 16-тәи адрагәынтәи Твертәи аполк ашҟа.
Аибашьра агәҭаҵәҟьа
Акорнет Лакрба илахьынҵан Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан «аԥсуаа рышәк» ҳәа изышьҭаз ахагылара. Уи Черқьессктәи аполк иалан, иара аполк ахаҭа Кавказтәи акавалериатә дивизиа иахәҭакын. Ари «дикаиа дивизиа» ҳәа изышьҭаз акәын, уи ахьыӡгьы баша иахымлеит.
Ашәҟәыҩҩы Лев Толстои иҷкәын, ажурналист Илиа Толстои арҭ аибашьцәа дрылацәажәо абас иҩуеит: «Аполкқәа рыҽқәа еиваргыланы амҩа ианысны ицон, ақалақь ауааԥсыра зегьы урҭ ишанханы ирыхәаԥшуан – аӡә иаҵкьыс аӡә дыԥшӡан. Саргьы ауаа сынрылагылан снаԥшит, иагьеилыскааит арҭ аҽыуаа ирыхәаԥшуаз зегьы ирызцәырҵуаз ацәаныррақәа зеиԥшраз. Сахьгылаз схаҭагьы иаасхаҵәеит ахабзиабара ацәанырра, уи исанаҳәон ари аргьы ҳара ишаҳтәу, аурыс ир ишахәҭаку, ҳара иҳавагыланы аӷа ииааира ишазыхиоу, ус анакәымхагьы аибашьра адәаҿы аԥсра ишацәымшәо. Уаҩытәыҩса ишьапы ахьықәимыргылац аҭыԥ џьашьахәқәа рҿы изызҳауа ашәҭқәа ирҩызан урҭ, адунеи иацыршаз аханатәтәи аԥшӡара зхьыкәкәо, илаша-лашо, уздызыԥхьало аԥшӡара. Рҽырԥагьаны инеиуеит рыхқәа шьҭқәыцәаа, аламалагьы урҭ «ашәҭқәа» рааигәара узнеиуам, иузхҵәом, унапы ахәрацәгьа амоукәа».
«Аԥсуаа рышәк» шьақәгылан жәаҩыла аибашьцәа гәымшәақәа рыла, урҭ зегьы милаҭла иаԥсыуаан.
Константин Лакрба иуа аҭауад Баҭа Анчабаӡе иахь ииҩыз ашәҟәы аҟны еиқәиԥхьаӡеит адивизиа иалаз асолдатцәа рыхьӡқәа: Ардашьын Ақырҭаа, Миха Чрыгба, Калистрат Ӡыӡаа, Миха Ермолов, Уасил Лакоба, Качубеи Инал-иԥа, Дич Кәакәасқьыр, Константин Маан, Ниф Ҭаниа, Семион Арнауҭ, Миша Анчабаӡе, Пакә Ҵышәба, Мамед Абыхәба, Чыч Қапба, Кәакәын Агрба уҳәа убас егьырҭгьы.
Иара уи ашәҟәаҟны акорнет Лакрба абас иҩуеит: «Даара сеигәырӷьоит аибашьра Ду аамҭазы сара сыжәлар гәакьа рхаҭарнакцәа напхгара ахьырзызуа, иҟасҵо зегьы сыжәлар ирзеиӷьхаразоуп сзаҿу. Аиаша шыҟаҵәҟьоу исҳәоит: минуҭкгьы схы сазхәыцуам, сывара игыланы исыцеибашьуа арԥарацәа роуп сзызхәыцуа, аӡәгьы дрымшьындыз, аӡәгьы дрымхәындыз ҳәа. Слахьынҵа саҭабует, сџьынџьуаа срылагыланы, еицаҳзеиԥшу ҳаԥсадгьыл Урыстәыла аинтересқәа ахьаҳахьчо, ҳҭахаргьы хаҵаралоуп ҳашҭахо, ишьаарцәыроу аидыслараҿы акәхоит. Хаҵарала ҳуал нагӡаны мацароуп ҳшыхынҳәуа ҳаԥсадгьыл ашҟа, ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳаԥхамшьакәа рыла ҳҭаԥшыртә, аҭабура ажәа ҳазыԥшны: ҳ-Аԥсны ахьаҳмырԥхашьаз, иҳадырҳәалоз агәыӷрақәа ахьҳарҵабыргыз, хьӡи-ԥшеи ҳаманы иҳазгәакьоу аԥсуа дгьыл ҳахьықәгылоу азы».
Аб иҟынтә аԥа иахь
Изларԥхьаӡо ала, «аԥсуаа рышәк» еизызгаз акорнет Лакрба иаб – Шьаҳан Лакрба иоуп, уи Аԥсны дналаланы, 150-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьра ацара иазыхиаз арԥысцәа иԥшаан, раԥхьа дгыланы амаҵура иаҵагылаз ар дацлеит.
«1915 шықәса жьҭаарамзазы Шьаҳан Лакрба игәамбзиара иахҟьаны аамҭала инижьыр акәхоит дзызгәакьаз аибашьцәа, – ҳәа иҩуеит арккаҩы Константин Маҷавариани. – Аԥсуа еибашьцәа рыԥсадгьыл иацәыхараны рымацара инымхарц азы, аб ихаҭыԥан Твертәи адрагунтә полк аҟнытә Черқьессқтәи аполкахь иара иԥа Константин Лакрба диаргарц азы акыр аџьабаа баны аусқәа еиқәиршәеит. Акорнет усҟан акавалериатә полкқәа руак афицар қәыԥшс дыҟан.
Абас ала «аԥсуа рышәк» анапхгара акорнет Лакрба иаб иҟынтә ииоуит. Акорнет аӷа ихы данашьгьы, иаб Шьаҳан даараӡа дигәырҩон иҷкәын, уи иҭахара иара ихы иавибон.
«Схырхәоит Аԥсны афырхацәа рҿаԥхьа»
Инакәзаалак акорнет Лакрба дазхәыцуамызт «схы сыхьчап» ҳәа – аӷацәа рахь арыцҳашьара имаӡамызт, аибашьра адәаҟны даара игәымшәаз хаҵаны ихы ааирԥшит. Ус шакәугьы, ииҩыуаз асалам шәҟәқәа рҿы зныкгьы даламцәажәеит ихаҵареи, ихамеигӡареи ртәы. Ииҩуаз еиҳарак зызкыз ицеибашьуаз афырхацәа ракәын, урҭ рыԥсадгьыл ахьӡала аԥсра ишацәымшәо атәы еиҭеиҳәон.
Хыхь зыӡбахә ҳәоу Баҭа Анчабаӡе иахь асалам шәҟы аҟны акорнет Лакрба аҳәара ҟаиҵоит аԥсуа жәлар ирзеиҭаҳәарцаз, «аԥсуаа рышәк» иалоу арԥысцәа иаадырԥшуа агәымшәареи, ахаҵареи ртәы, рхықәкы ишацәхьамҵуа атәы, – убасгьы, 45-ҩык аԥсуаа, 300 австриуаа ажәылара уахыки-ҽнаки рхала мацара аанкылара шрылшаз, насгьы аԥсуа еибашьҵәа есымша ишыхынҳәуа, зыҟнытә хынҳәышьа змам ҳәа иԥхьаӡоу аидысларақәа рҟынтә. «Ҳара ҳашәк рышьҭит зегь реиҳа ишәарҭаз аҭыԥахь, иаартынгьы иҳарҳәеит, уахь ицаз рыԥсы ҭаны хынҳәышьа рымаӡам ҳәа, - иҩуеит Лакрба. – Аӷа идгыланы еибашьуан ԥшь-ротак, урҭ ирылаз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 600-ҩык рҟнынӡа инаӡон, дара ирыман артиллериеи, апулемиотқәеи: ҩ-версҭк шьҭахьҟа ҳнаскьеит, абраҟа макьанагьы ҳаҟоуп. Ҳаилаганы ҳаҟазшәа ҳаибашьуан, ихлымӡааху сахьоуп ҳазлысыз. Ахеиқәыршәақәа ҳазхомызт, арҭҟәацгақәа рыбжьы зегьы ахәаҽуан. Адҵақәа ҳаҳауамызт, аха ҳарҭ ҳуалԥшьа нагӡаны, ари аидыслара фырхацәаны ҳалҵит. Аполк ҳанадла, аӡәгьы изхаҵомызт ҳаԥсы ҭаны, ҳаиқәханы ҳахьыхынҳәыз. Зегьы ҳгәыдыркылон, ҳхыдыркылон. Уи аҽны ахәрақәа зауз зегьы рыԥсы еиқәхеит, избан акәзар урҭ реиҳарак ӷәӷәамызт. Ихәыз аҽқәа акәадырқәа рықәаҳхит. Убасгьы иалаҳгеит ихәыз ачерқьесцәа, ашьаҟауаа. Аполк аҟны ҳаннеи, уи акомандаҟаҵаҩ пату ҳақәиҵеит – ихылԥа ааихыхны ус иҳәеит: «Аԥсны афырхацәа рҿаԥхьа схырхәоит. Шәарҭ, аԥсуаа рыхьӡ-рыԥша арӷәӷәара ахьшәылшаз адагьы, уи иазшәырҳаит».
Акорнет Лакрба «аԥсуаа рышәк» аибашьцәа дрыхӡыӡаауан, есымшагьы иазгәеиҭон, урҭ зегьы еиԥшны дышрызнеиуаз, рыбжьара еилых шыҟаимҵоз атәы. Иара дашьҭан аибашьцәа ргәышьҭыхра, убасгьы, атыл аҟны инхази дареи реимадара, агәкаҳара зынӡа аԥыхразы.
«Сыԥсы схыҵаанӡа, ԥсыуак иуадаҩу аҭагылазаашьаҟны дынсыжьуам, – иҩуеит Константин Шьаҳан-иԥа. – Уи акы. Иҩбахаз, аҳәара ҟасҵоит ишәыҩларц ҳара ҳахь асалам шәҟәқәа, зынӡа ишәхашҭит ара иҟоу шәыуаажәлар рхаҭарнакцәа, иахьазы зыԥсадгьыл иацәыхароу. Ирзаашәышьҭла акабақәа, акәымжәқәа, аимсқәа уб.егь. Уи даараӡа иаргәырӷьоит, насгьы дара Аԥсны ихьыргәалашәо еиҳагьы амч рызҭанаҵоит.
Акорнет ивагыланы аибашьра
Акорнет Лакрба ифырхаҵара далацәажәомызт, аха лассы-лассы ишыҟалало еиԥш, иара игәымшәара иазку ахҭысқәа еиҭарҳәон дыздыруаз ауаа. Абҵарамза 1, 1915 шықәсазы Ар Ахада иҟаиҵаз адҵаҟны абас аҳәоит: «… акорнет Лакрба, еилаԥсаз ачерқьесцәа рҟәыҵәак иманы, артиллериатә хысрақәа дрылсны, инапы хәны, аӷа иргылаз аԥырагыларақәа дырхысны импыҵеихалеит афицарки, даҽа 25-ҩык чынла еиҵу, иара убасгьы аԥыԥшырҭатә ҭел. 40-ҩык инареиҳаны аҳәала акырынтә ахәра рыҭан. Гәахәарыла ирыласҳәоит напхгара ззызуа Кавказтәи ари Кавказтәи арратә округи ашьҿарыуаа рхаҵара».
Уамак зоура думыз, изгыз Константин Шьаҳан-иԥа Лакрба уахьихәаԥшуа уцәа уҭазырӡыӡуа аӡә иакәны дыҟамызт. «Доуҳала ифырхаҵаз, ԥшралагьы дуарбоуп ҳәа узҳәомызт. Аиашаз, иаҳа инаалон ауарба ԥшқа ҳәа изуҳәар, уи ишазҷыдоу еиԥш иԥынҵагьы маҷк ирхәан», – абас иҩуан ибзиаӡаны акорнет дыздыруаз Симон Басариа. Акорнет Лакрба ихазы иҩуан, милаҭла даԥсыуаны, аурыс ир афицарс дахьыҟоу иара даара дшазгәдуу.
Чынла иара иаасҭа еиҵыз џьашьахәыс дҟарҵон, ицеибашьрагьы ԥылаҵас ирыԥхьаӡон. «Чынла иеиҵыз рыбжьара акорнет имаз агәрагара даараӡа идуун, – иҩуеит Симон Басариа Константин Лакрба изикыз аочерк аҟны. – Аибашьцәа шәарак рыла ихымкәа афырхаҵа ивагыланы ажәылара ицон. Аполк аҟны иҟан агәрахаҵарақәа, акорнет ицны жәылара ицаз иԥсы ҭаны, деибганы дхынҳәуеит ҳәа».
Ухаҿы иузаамго афырхаҵаразы анапеинҟьарақәа
Акорнет Лакрба аибашьра адәаҟны акы иацәымшәоз фырхаҵаны мацара акәӡам дшыҟаз, иара убасгьы ихаҿы изаагомызт иҩызак ишәарҭоу ҭагылазаашьак аҿы иныжьра, мамзаргьы уи дытҟәаны дыргар иуазма, ихәу димыцхраакәа ҟалашьа имазма. Аҭоурых иадыруеит хҭыск, уеиқәханы уахьзалымҵуа, ԥсыхәа змамкәа иҟаз аҭагылазаашьаҿы иҩыза деибганы дшалигаз атәы.
Иҟалеит ари ахҭыс аидысларақәа руак аан. Акорнет Лакрба напхгара ззиуаз аибашьцәа ирҿагылан атирол хысыҩцәа. Атиролцәа, иҩуеит Маҷавариани, убас рҽеидкыланы, бџьар ӷәӷәала «аԥсуаа рышәк» иаԥылеит, аҵыхәтәантәиқәа ирзынхаз акы акәын – иаарласны ахьаҵра.
Ахьаҵраан акорнет Лакрба игәеиҭеит, акыршықәса иидыруаз иҩыза, аҵариурҭа ицҭаз акорнет Асенков дыхәны аибашьра адәаҟны дшынхаз, аӷацәеи иареи ирыбжьазгьы шә-метрак ишеиҳамыз. Константин Лакрба ибзианы еиликаауан ари аҭагылазаашьа аҿиашьа ҩ-мҩазаҵәык шамаз: акорнет Асенков иоуыз ахәрақәа ирыхҟьаны дыԥсуеит, мазаргьы аӷацәа дыршьуеит. Убарҭ аминуҭқәа рзы иара иӡбеит – иҟалалакгьы ихәны ишьҭоу иҩыза деиқәирхарц.
«Абар Лакрба иҽы дақәтәаны абна далыуааны атиролцәа рҭабиқәа иҽрымариашаны анеира даҿуп, – иҩуеит ари ахҭыс иазкны аурыс шәҟәыҩҩы, ажурналист Николаи Брешко-Брешковски. – Австриауаа ари аҩыза агәымшәара иаршанхеит, азныказы иҟалаз рзеилымкааит. Анаҩс рабџьар аацәырган акорнет Лакрба иқәкны ахысра иалагеит, аха ахы ҳәа уи акгьы иқәымшәеит. Акорнет ихәны ишьҭаз Асенков иаԥхьа даннеи, иҽы иртәеит, аха иҩыза дарԥыс баҟан, уи ишьҭхра иара илшомызт. Аха уи аҭагылазаашьагьы акорнет Лакрба ихықәкы анагӡара иаԥырхагамхеит. Абар даҽа ссирк – Лакрба иаҳәа ааҭыганы иҽы аԥхьатәи ашьапқәа иарала дныркьысзыр, аҽы ихәны ишьҭаз иганаҿы иаашьҭаиеит. Минуҭк ашьҭахь аҟабарда ҽы аашьҭыуаауеит, аха уажәазы ҩыџьа аибашьцәа ақәыртәаны. Австриауаагьы ахысра иааҟәыҵын, уамашәа ибаны, уаҳа иҟалозеишь ҳәа рыхқәа кылырҳәҳәаны иԥшуеит. Лакрба иаҳәа атиролцәа рахь инарханы иҟьеит, уи ашьҭахь дымццакыкәа иара итәқәа рахь иҿынеихеит. Ишьҭаҵаны аӡәгьы дхысуам – убас иршанхеит Франц-Иосиф дзызгәдууз ар. Уи адагьы, атиролцәа рҟынтә еибашьҩык, иҟоу аиҿагылара ихашҭны, напеинҟьарала акорнет Лакрба днаскьеигеит, уи иааирԥшыз афырхаҵара аҳаҭыр баны».
Арҭ реиԥш ахҭысқәа акорнет иԥсҭазаараҿы ирацәан. Иҽаликахьаан аԥшыхәраҿгьы, уаҟа акыр ицхраауан анемец бызшәа ахьидыруаз.
Аибашьра аҟны илшамҭақәа рзы акорнет Лакрба ианаршьахьан еиуеиԥшым аҳамҭа ҳаракқәа: Аиааирагаҩ Гьаргь Ацқьа иорден 4-тәи аҩаӡара, Ацқьа Анна лорден 3-тәи, 2-тәи аҩаӡарақәа (аҳәақәа зцу), Станислав Ацқьа иорден 2-тәи аҩаӡара (аҳәақәа зцу) убас иҵегьы. Раԥхьатәи аорденқәа хԥа иара ианашьан Ачерқьес полк, Галицкитәи афронт аҟны аррамаҵура данахысуаз, аҵыхәтәантәиқәа – драгунтәи аполк даналаз агерман фронти рҟны.
Акорнет Лакрба иҭахара
Симон Басариа абас еиԥш иҟаз ахҭыс шаҳаҭс даман. Ааԥынран, 1916 шықәсазы акорнет Лакрба ахәра иманы Армавирҟа дышьҭын. Уи аамҭазы, Басариа уаҟатәи Иреиҳаӡоу алагаратә ҵариурҭа дҭан, акорнет Лакрба ифырхаҵара иазкны акыр ажәабжьқәа иаҳахьан. Уаҟа дара агьеибадыруеит. Лакрба даара игәы иалан, иара ишиҭаху еиԥш ирласны ихәра ахымӷьоз. Уи шааҟалаз еиԥшҵәҟьа, иаарласны дхынҳәуеит иашьцәа-аибашьцәа рахь, ҳәа иҩуеит Басариа.
Аибашьра адәахьы ахынҳәра иахыццакуаз акорнет Лакрба, аԥшыхәра амҩаԥгараан, Галициа иҟоу ақыҭа Чертовец азааигәара аӷа ихы иқәшәоит. Иара дҭахоит рашәарамза 15, 1916 шықәсазы, 26 шықәса шихыҵуаз.
Аԥсы ибаҩ иԥсадгьыл Аԥсныҟа иааргеит. Аибашьра афырхаҵа ажәлар зегьы дырҵәыуан.
Убарҭ амшқәа абас дрыхцәажәоит Константин Маҷавариани: «Акорнет Лакрба иԥсыжра аҽны иҟаз зегьы аиҭаҳәара даара иуадаҩуп, иахәҭоу ажәақәагьы узыԥшаауам. Зынӡа иуадаҩын Кәаҵиа (акорнет аҩны хьӡыс имаз – аред.) иааӡӡеи (кормилица) уи лыуацәа ҳәсақәеи рыхәаԥшра. Урҭ ргәышԥы иасуан, рхы-рҿы рцәыкәкәон, рыхцәқәа кыдырхуан. Аԥсы дызҭаз акәыба гәыдыркылон, иагәӡуан, рыхқәа акәыба иадырқшалон. Аԥсанышәаҭаратә процессиа аҽарҭбааит Гәдоуҭа инаркны Лыхнынӡа, зегьы даараӡа ргәы далсит, дышқәыԥшӡаз дҭахеит».
Акорнет Лакрба анышә дамадоуп иқыҭа Лыхны, бзиа иибоз идгьыл аҿы. Иара иԥсадгьыл иазикхьан абас еиԥш иҟоу ажәақәа: «Аибашьра ашьҭахь ҳара ҳҟамлар, гәаҳәарас исымоу, сызшәыҳәо акызаҵәык оуп – аԥсуаа шәызегьы ишәылшо ала иҳазгәакьоу Аԥсны шәахәала, шәыуаажәлар ирзеиӷьхаша ҟашәҵала».
Ахархәара зызуыз алитература:
· Константин Маҷавариани истатиа «Светлой памяти павшего на войне героя корнета К. Ш. Лакербай»
· Симон Басариа иочерк «К.Ш. Лакербай»
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.