Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ааиаанӡа мызкы инеиҵны ирыгуп. Аҭакҧхықәра зцу ари аамҭазы иреиҳау аҳәынҭқарратә маҵура аанкылара иашьҭоу акандидатцәа активла имҩаҧыргоит алхратә кампаниа, алхыҩцәа ирҧылоит, еиқәдыршәаз апрограммақәа цәырыргоит, иахцәажәоит атәыла ҧхьаҟатәи аҿиара шырбо.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси (АААК) аидгылара «Алашареи» уаажәларратә еиҿкаарақәоуп, аполитикатә қәҧара иалахәӡам. Аха агәра ганы ҳаҟоуп алхратә кампаниа аартыла, адемократиатә принципқәа инарықәыршәаны ишымҩаҧгатәу. Акандидатцәа зегьы ирымазароуп еиҟароу алшарақәа алхыҩцәа рҧылареи алхратә программақәа рцәыргареи рзы.

Алхратә зин змоу Аҧсны атәылауаа рыхәҭак атәыла анҭыҵ инхоит. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рнаҩсан урҭ нхоит Урыстәыла, хаҭала иаҳҳәозар Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика. Уаанӡа ишаҧыз еиҧш, сынтәагы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы Черкесск иаадыртуеит алхырҭатә ҭыҧ.

Ҳгәы иаанагоит Ҟарачы-Черкессиа инхо алхыҩцәа зегьы акандидатцәа ирҧыларатәы, азҵаарақәа рырҭаратәы, рпрограммақәа рызцәырыргаратәы алшара рзаҧҵара аҵакы дууп ҳәа. АААКи, «Алашареи», егьырҭ ауаажәларратә еидгыларақәеи азыхиоуп урҭ реиҧш иҟоу аиҧыларақәа реиҿкаараҿы ацхыраара аҟаҵара.

Абжьааҧны аиҳагьы иахьа аҵак ду амоуп алхрақәа разырхиареи рымҩаҧгареи ирыдҳәалоу апроцессқәа зегьы азакәанҧҵара инақәыршәаны реиҿкаара. Аҧсныжәлар гәыӷуеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵура аанкылара иашьҭоу акандидатцәа рыҟнытә ироуп ҳәа атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазку, еилкаау, ццакрада еикәыршәоу, ауаажәларра аидкылареи атәылауаа рыҧсҭазаара аҩаӡара ҭышәынтәаларала аҿиареи аиӷьтәреи ирызку агәаанагарақәа, апрограммақәа. Аҧсны Ахадас иалырхуа ауаҩы ажәлар реидкылара зылшаша, аихьӡара ҿыцқәа ргәазырҧхаша ҧызаны дҟалароуп.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси аидгылара «Алашареи» рыдҵа хада ҳәа иҧхьаӡоуп адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҧсуа-абаза жәлар ракзаара аиқәырхареи арӷәӷәареи. Ари астратегиатә дҵа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиара амҩаҿы хадара злоу факторуп. Ҟарачы-Черкессиеи Аҧсни кыршықәса имҩаҧаҳго аусура иарҵабыргуеит ауаажәларратә аҧшьгарақәа алҵшәа бзиа шаадырҧшуа. Ҳазыхиоуп аинтерес змоу аганқәа аҧышәеи аидеиақәеи рымадара.

Агәра ганы ҳаҟоуп иӷәӷәоу еизыразу атәылауаҩратә еилазаара аҧҵара ишалнаршо Аҧсны Аҳәынҭқарра ҭышәынтәаларала аҿиара. Амчеибыҭара мацаралоуп ишалыршахо крызҵазкуа алҵшәақәеи, ауаажәларратә институтқәа рырӷәӷәареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы иҭышәынтәалоу ауасхыр ашьҭаҵареи.

М. Х. Егзакь – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аидгылара «Алашара» Ахада