Аҩбатәи Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019 хыркәшахеит мшаԥымза 8 рзы, аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьарала.

Саид Барганџьиа

Косовои Франциеи рҟынтә арежиссиорцәа рфильмқәа – «Лара», «Месье Ендерсон» Аҩбатәи Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019 агран-приқәа ргеит. Абри атәы рылаҳәан афестиваль ахыркәшаратә церемониаҟны ашәахьа, мшаԥымза 8 рзы.

Аиааира згаз иранашьан аԥаратә ҳамҭа – 150 нызқь мааҭ. Аӡбаҩцәа рхантәаҩы – урыстәылатәи акинорежиссиор, апродиусер Алексеи Федорченко иажәақәа рыла, афестиваль аҳамҭа хада ҩыџьа рыбжьара ашара – ус мариала иззааиз ӡбамҭамызт. Аекспертцәа х-сааҭк инарзынаԥшуа активла аилацәажәара иаҿын, аиааира руа изҭатәу афильм акыр еимакырҭахеит.

«Аҩ-фильмкгьы агран-при аиура иаԥсахеит. Руакы – асоциалтә ҟазшьа змоу арт-фильмуп, егьи – ахшыҩҵак ҵаула зҵоу жанртә фильмуп», – ҳәа азгәеиҭеит ажиури рхантәаҩы.

Косовотәи арежиссиор Мора Рака лкиносахьа «Лара» аҟны иаалырԥшуеит аԥҳәыс ллахьынҵа уадаҩ. Асахьа фырԥҳәызба хадас иалоу – аҭыԥҳа қәыԥш Зана лаб еиҿикааз заатәи лхаҵацара излалылшо ала даҿагылоит. Ари асценари ацәырҵра машәырӡам: акинематографиа анахысгьы арежиссиор Косово аҳәса рзинқәа рыхьчара лнапы алакуп.

Тома Скои зметр кьаҿу ифильм «Месье Ендерсон» – комедиоуп, уи афырхаҵа хада Огиуст Луазо занааҭла аԥсы деиҿызкаауа иоуп. Мистер Ендерсон ҳәа иԥсыз аӡәы деиҿикаарц иҩны даннеилак, диԥылоит иара иԥҳа – лара акыр дџьоушьартә еиԥш дыҟоуп. Тома Скои – уаанӡа дынџьнырын, арежиссиорра ихала ииҵаз акоуп. Аԥхьа астуденттә хеидкылақәа рҟны аҭыхшьа иҵон, нас хаҭалатәи аурокқәа игон.

Акинофестиваль аӡбаҩцәа III-тәи апремиа ианаршьеит арежиссиор Антон Мамыкин зметр кьаҿу ифильм «Ашкәакәала аиқәаҵәаҿы» азы. Ари аҭоурых афырхаҵа ҽнак зны иԥҳәыс илеиҳәоит дшиԥсахыз, убри ашьҭахь иԥсҭазаараҿ уамашәа иубаша ахҭысқәа дрыниоит: иара ашахтаҿы аус иуеит, аха зынӡа дҟьашьӡом, дыцқьашәқьаӡа дааҭыҵуеит.

Аҳамҭақәа ранашьан иара убас иреиӷьу ахаҵеи аԥҳәыси ррольқәа рзы. Иреиӷьу ахаҵа ироль азы аҳамҭа иоуит италиатәи актиор Фабио Ризутто (афильм «Аԥшатәы ӡлагарақәа»), иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы – актриса қәыԥш Лиуциа Диез, аиспан фильм «Акасыжә иалху акьанџьа» аҟны ихәмарыз.

Афестиваль аҟны иреиӷьу режиссиорс лыхьӡ ҳәан Мариа Полиакова (афильм «Парижҟа аныҟәара»), иреиӷьу операторс – Игор Маркович (афильм «Аӡахәа»), ахәаԥшцәа иалыркааз фильмхеит белоруссиатәи арежиссиор Митри Семионов-Алеиников ифильм «Франка».

Акинофестиваль аҟны ицәырган иакзаҵәыкыз аԥсуа фильм «Асас», арежиссиор Џьано Ҵурҵумиа иҭихыз еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба иновелла ала.

«Гәахәара дууп Аԥсны уажәшьҭа ҩышықәса раахыс абас еиԥш жәларбжьаратәи акинофестиваль ахьеиҿкаахо. Адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә арежиссиорцәа ҳзаауеит, Аԥсны аӡбахә раҳауеит, лабҿаба ирбоит», – иҳәеит Ҵурҵумиа.

2019 шықәсазы акинофестиваль агеографиатә мҽхакы акырӡа иҭбаахеит лҳәеит афестиваль апродиусер Занда Какалиа. Лара лгәаанагарала, афестиваль ахәаԥшцәа агәахәара рнаҭеит уи иалахәыз акиносахьақәа рбеиарала.

«Ҳара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит афильмқәа ралԥшаара азҵаара: аицлабрахь иалаҵаз х-нызқь фильм инареиҳан, убарҭ зегьы ҳрыхәаԥшит . Ҳаигәырӷьон ауаа рацәаҩны афильмқәа рыхәаԥшрахь иахьааиуаз , ҵыԥх аасҭа сынтәа ахәаԥшцәа еиҳан», – лҳәеит Какалиа.

Аҩбатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019 уажәшьҭа ҩынтә раан Аҟәа имҩаԥысуеит. Сынтәа аицлабрахь иаашьҭын х-нызқь инарзынаԥшуа азыҳәақәа, урҭ рҟынтә иалхын зметр кьаҿу афильмқәа 30 абарҭ атәылақәа рҟынтәи: Испаниа, Франциа, Германиа, Аҩадатәи Кореиа, Польша, Косово, Иран, Естониа, Тунис, Италиа, Румыниа, Бырзентәыла, Китаи, Казахстан, Андорра, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Белоруссиа, Аԥсны.