Абаза жәлар ахәбатәи рмилаҭтә хәмаррақәа рҟны ихадоу аџьазтә храҿа аҩныҟа иргоит Ельбырӷантәи акоманда, иҷыдоу аҳамҭа акәзар – аул Инџьықь-Ҷкәын аҟны иаанхоит.

Саид Барганџьиа

Ахәбатәи аԥсуа-абаза хәмаррақәа ԥхынгәы 21 рзы иаартын иблахкыгоу аслиут ала, уи анаҩс алахәцәа реицлабрақәа рахь ииасит.

Акомандақәа еиндаҭлон еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҟны: армреслинг, ашьаҟа ахалара, хара аԥара, аидара хьанҭа ашьҭыхра, ахаҳә аршәра, 100 метрактәи адистанциала аҩра, аҵәҟьа иаарханы ахысра, ашаха ахара, иара убас аволеиболи ашьапылампыли.

Аицлабрақәа ирылахәыз аӡәырҩы иазгәарҭон, дара рзы аиааира аасҭагьы ихадароу абра иахьыҟоу, ахәмаррақәа иахьрылахәу шакәу.

«Сара хәышықәса раахыс арҭ ахәмаррақәа схы рыласырхәуеит. Гәахәара дууп абас еиԥш алшара ахьҳамоу – аспорт аҿы иҳалоу амч, аҟыбаҩ аарԥшра анахысгьы, аҳәаанырцәынтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳахьеибадыруа, ҳахьеиҩызцәахо», – иҳәеит аул Аԥсуа аҟынтә алахәыла.

Аԥснытәи аволеиболтә команда аԥхьагыла Илона Гәынԥҳа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит: «Ҳкоманда иахьа ԥшь-хәмаррак ирылахәын, рыԥшьбагьы рҿы аиааира ҳгеит. Сынтәа хынтәуп арҭ ахәмаррақәа рахь ҳаауеижьҭеи, еснагь еиԥш уажәгьы аиааира ҳаманы ҳцоит. Ҳара есышықәса даара ибзианы ҳҽырзыҟаҳҵоит абаза хәмаррақәа, гәахәара дулагьы ҳхы рылаҳархәуеит», – лҳәеит аспортсменка.

Иааидкыланы ахәмаррақәа рҟны зегь реиҳа аиааирақәа рацәаны иагеит аул Ельбырӷан акоманда, урҭ ракәхоит, ихадоу аҳамҭа – амилаҭтә орнаментқәа рыла иҩычоу, аџьазтә храҿа аҩныҟа изгогьы.

Аҳамҭа ҷыда – Тарас Шамба ихьӡ зху ахраҿа иаԥсахеит Инџьықь-Ҷкәын акоманда.

Азеиԥш хыԥхьаӡарала аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит аулқәа Ҟәыбина, Гәым рҟынтә акомандақәа.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа Қарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы сынтәа ахәынтә раан имҩаԥысуеит. Уи алахәцәа рхыԥхьаӡара есышықәса иазҳауеит, дара ахьынтәаауа аҭыԥқәагьы ишрыцло еиԥш: аҭааҩцәа ргеографиа иамҽханакуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи.