Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иусумҭақәа рцәыргақәҵа Аҟәа иаатит.  

Витали Џьениа исахьақәеи, амҿи, агиԥси, аџьази ирылху искульпутрақәеи, цәырган Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны Аҟәа, ахәаша, лаҵарамза 17 рзы. Ацәыргақәҵа еицырдыруа асахьаҭыхҩы ииубилеи иадҳәалоуп, ҳазҭоу ашықәс азы иара 70 шықәса ихыҵуеит.

Ари ахҭыс Џьениа изы акраҵанакуа иҟалеит, арҭ амшқәа рзы иара ианашьан Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ацәыргақәҵа аартраҿы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала аҟаза дидныҳәалеит уи иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, иагьизеиӷьишьеит «арҿиарала иҭәу ақәра ду ниҵырц».

Витали Џьениа дхәыҷаахыс дҭыхуан, аха аԥхьақәа раан асахьаҭыхҩы, ма аскульптор изанааҭ аиура дазхәыцуамызт.

«Сани саби сҳақьымхарц рҭахын. Амедицинатә ҵараиурҭа сҭаларц сгәы иҭан, аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, аррахь исыԥхьеит. Уахынла санҷаԥшьуаз зны иаарццакны ҳкомандир исахьа иҭысхит. Иара сусумҭа аниба убас игәаԥхеит, хымԥада усахьаҭыхыҩхароуп ҳәа исыдицало далагеит. Усҟантәи аамҭақәа рзы схаҭагьы еилыскаауа салагеит асахьаҭыхра саҿызарц шысҭаху», – ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аҟаза, иагьациҵеит, аррамаҵура данахыс ашьҭахь асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, аскульптура афакультет дышҭалаз

.

Иахьа Витали Џьениа – Аԥсныи уи анҭыҵи зыхьӡ рдыруа асахьаҭыхыҩцәа дыруаӡәкуп, иара аус иуеит амонументалтә скульптуреи апластика маҷи рхырхарҭала. 2012 шықәса хәажәкырамзазы Урыстәыла акультуреи аҟазареи рзы Жәларбжьаратәи Академиаҿы ахьтәы медал ианаршьеит аҟазара амаҵ азуразы. Иара иусумҭақәа рцәыргақәҵақәа – еснагь ауаа рацәа адзыԥхьало культуратә хҭыс духоит.

«Ари ацәыргақәҵа сазыԥшуижьҭеи акрааҵуан, избан акәзар Витали Џьениа иусумҭақәа еснагь угәаҵанӡа инеиуеит. Иҭабуп ҳәа исҳәоит ирҿиаразы», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит ацәыргақәҵа иаҭааз Индира Дарчам.

Витали Џьениа ицәыргақәҵа амза нҵәаанӡа иаартуп, уи хәыда-ԥсада иаҭаар рылшоит изҭаху зегьы.