АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа иҟарҵеит Аконгресс аусура бжьаралатәи аихшьалақәа, иагьазгәарҭеит 2019 шықәса нҵәаанӡа рҿаԥхьа ишьҭоу аусура ихадоу ахырхарҭақәа.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь имҩаԥигеит Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа аԥшьбатәи реизара, аҩаша, рашәарамза 11 рзы.

Аизара мҩаԥысит авидеоконференциа аформат ала. Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа АААК Аҟәатәи аофис рҽамардеит абарҭ ақалақьқәа рҟынтә: Москва, Санкт-Петербург, Черқьесск, Нальчик, Ставрополь, Сҭамԥыл, Сақариа. Аизара амш азҵаарас иарбан Аконгресс аусура бжьаралатәи аихшьалара рыҟаҵара, иара убасгьы Аконгресс аусураҿы ихадоу ахырхарҭақәа ралкаара.

Афинанстә нхамҩа аганахьала АААК аусура аихшьалақәа ртәы далацәажәеит Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» анапхгаҩы, Аконгресс аревизиатә комиссиа хада ахантәаҩы Мураҭ Мыкәа. Иара инарҭбааны дазааҭгылеит 2018 шықәса (лаҵарамза) инаркны 2019 шықәса (мшаԥымзанӡа) имҩаԥгаз аусура аҳасабырба.

Мыкәа иажәақәа рыла, абри аамҭахҵәаха иалагӡаны Аконгресс аныхтәқәа наӡеит 27 045 000 мааҭ рҟынӡа, урҭ рҟынтә 27 018 000 мааҭ Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Москватәи аԥсуа диаспора ахада, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрбеи Аконгресс афонд иаларҵаз аԥароуп. Убри аан алахәцәа рыхәҭалагалақәа наӡеит 27 000 мааҭ рҟынӡа. Иара убасгьы Мыкәа иазгәеиҭеит, иарбоу азеиԥш еихшьалахь ишаҵанакуа – Аконгресс Аҟәатәи аофис аусуҩцәа рулафахәы, ашәахтәқәа, амаҵураныҟәаратә ныхтәқәа, агуманитартә проектқәа ирзоужьыз ахарџь, аныҟәгаратә ныхтәқәа, аофис аныҟәгареи уи аремонт азуреи иазоужьыз ахарџь, аофисмаҭәеи атехникатә хархәагақәеи раахәара иазоужьыз аԥара, аинфопортал аинформациатә маҵзура иахнашәаауа ахарџь уҳәа убас егьырҭгьы.

Убри инацҵаны, аревизиатә комиссиа лкаас иҟанаҵеит – иарбоу аамҭахҵәахазы ицәыргаз Аконгресс афинанстә-нхамҩатә усура аихшьалақәа ибзиоуп ҳәа рыԥхьаӡара шалшо. Аконгресс аусура иаԥырхагахаша аилагарақәа ԥшмаамызт», – иҳәеит Мыкәа.

Аизара анаҩстәи азҵаара азкын 2019 шықәсазы Аконгресс имҩаԥнагараны иҟоу аусура ахырхарҭақәа рышьақәырӷәӷәара. Аплан аҟны иарбоуп Аконгресс аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа Аԥсны раартреи, жәларбжьаратәи аусура аларҵәареи, аусуратә ныҟәарақәа рымҩаԥгареи (Ҭырқәтәыла, Египет, Иорданиа, Германиа), агәыҳалалратә акциақәа реиҿкаареи уҳәа уб.иҵ.

Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, Аизара аусуратә аплан шаднакылазгьы, иара аус адулара ишацҵахо, иҵегь ишхарҭәаахало.

Аизара ахԥатәи ахәҭа азкын итрадициатәхаз аныҳәа – Аԥсны абираҟ амш аҽны ҞЧА имҩаԥысуа аспорттә усмҩаԥгатә – «Абаза жәлар рыхәмаррақәа». Уи азҵаара аганахьала ажәахә ҟаиҵеит Мураҭ Мыкәа. Иара еиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә аиҿкааратә еилакы имҩаԥнаго аус атәы, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа рыҟнытә агәыԥқәа реизгара ишаҿу атәы.

Ахәмаррақәа дрылацәажәо Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, «зегьы ирылшо ҟарҵароуп агәыԥқәа ари аусмҩаԥгатә рхы аладархәырц. Ҳара ҳгәыӷуеит арҭ ахәмаррақәа, ҵыԥх аҵкысгьы еиҳа еиӷьны имҩаԥаҳгап ҳәа».

АААК аинфопортал бжьаралатәи аихшьалақәа ртәы еиҭалҳәеит апортал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа. Лара иазгәалҭеит, апортал анаартыз аҽны инаркны иахьанӡа ишҭыҵхьоу хә-бызшәак рыла еиуеиԥшым аформат змоу 1500 материал.

«Аҵыхәтәантәи аквартал атәы ҳҳәозар, асаит иаҭааит 20 нызқьҩык рҟынӡа иуникалтәу ахархәаҩцәа. Апортал активла иаԥхьоит Урыстәыла, Қырҭтәыла, Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Ирландиа, Ермантәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Азербаиџьан, Британиа Ду уҳәа убас егьырҭ атәылақәа рҿы», – лҳәеит Лазԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы ҳазҭоу амза анҵәамҭазы апортал аҟны аусура ишалаго араб бызшәатә версиа. Иахьазы асаит иакьыԥхьуеит анҵамҭақәа аԥсшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа, англыз, абаза бызшәақәа рыла.

Ашықәс анҵәамҭазы апортал иалагалахоит иҿыцу афункциақәа, иаҳҳәап, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ирызцәырҵуеит алшара асаит ахархәарала аимадара ашьақәыргыларазы ҳәа инацҵаны иазгәалҭеит аинфопортал анапхгаҩы.

«Ҳаизара аламҭалаз аусура иалагеит иҿыцу алшара – Аконгресс алахәцәа рыхәҭалагала уажәшьҭа ашәара рылшоит онлаин-ахшәаарала, иара убасгьы уи афункциа ахархәарала агәаҳәара зауа зегьы Аконгресс апроектқәа афинанстә цхыраара рырҭарц рылшоит. Иахьазы уи афункциа аус ауеит Аԥсныи Урыстәылеи, аха хара имгакәа, урҭ рсиа иацлоит адунеи атәылақәа зегьы», – лҳәеит Лазԥҳа.

Аизара аихшьалақәа ҟаҵо, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Ахеилак алахәцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит активла рхы аладырхәларц Аконгресс аусмҩаԥгатәқәа, иара убасгьы ажәалагала ҿыцқәа ҟарҵаларц.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аизарақәа еиԥҟьарада имҩаԥысуеит. Уажәтәи аизара иаԥхьанеиуаз аиԥылара мҩаԥган 2019 шықәса, ажьырныҳәамзазы Сҭамԥыл ақалақь аҟны. Уаҟа иалацәажәон шықәсыктәи АААК аусура ихадоу алҵшәақәа.