Есышықәстәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» афбатәи ахәмаррақәа аатит Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликаҟны.

Саид Барганџьиа

600-ҩык инареиҳаны еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аԥсуа-абаза амилаҭ ахаҭарнакцәа рхы аладархәит Абаза жәлар VI-тәи рыхәмаррақәа. Ахәмаррақәа мҩаԥысит ақыҭа Ельбырӷан, ҵыԥх аиааира згаз рџьынџьдгьыл аҟны.

Ахәмаррақәа мҩаԥган есышықәстәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» апрограмма инақәыршәаны. Сынтәагьы, ҵыԥх еиԥш, ахәмаррақәа еиҿыркааит – Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы ассоциациа «Алашареи», «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси» (АААК).

Абаза жәлар афбатәи рыхәмаррақәа еиднакылеит Аԥсныи, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи, Ставрапольтәи атәылаҿацәи рҟынтә акомандақәа. Афестиваль иалахәын Ҟарачы-Черқьестәыла иҟоу абаза қыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа, иара убасгьы Москватәи аԥсуа диаспора агәыԥ.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

Сынтәа афестиваль ахь ааԥхьара рыман Ҭырқәтәылантәи алахәцәагьы, аха Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны агәыԥ аидкылара залымшахеит. Иара агәыӷра ааирԥшит, ҳаԥхьаҟа Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспорагьы ахәмаррақәа рхы рыладырхәып ҳәа.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы, аидгылара «Алашара» ахада Мусса Егзакь VI-тәи ахәмаррақәа дрылацәажәо иазгәеиҭеит, уи аҽны Ельбырӷан ишыҟаз «ажәала иузеиҭамҳәо аныҳәатә гәалаҟара».

«Аспорт, еиуеиԥшым ақәреи аинтересқәеи змоу ауаа еиднакылоит, аха зегь реиҳа ихаданы иҟоу – арҭ ахәмаррақәа ирылахәуп адунеи зегьы аҟнытә Абаза жәлар ахаҭарнакцәа, ҳҿар. Сынтәа раԥхьаӡа акәны афестиваль рхы аладырхәит Египет инхо ҳмилаҭ ахаҭарнакцәагьы. Урҭ раара алыршахеит уҳәар ҟалоит сынтәа АААК аделегациа Египет раҭаара иабзоураны», – иҳәеит Егзакь.

Иара иажәақәа рыла, ахәмаррақәа хықәкы хадас ирымоуп – 50-тәыла инареиҳаны ирықәынхо Абаза жәлар ахаҭарнакцәа реидкылара, реизаагәатәра, иара убасгьы амилаҭтә культуреи аҵасқәеи реиқәырхара, рырҿиара. Егзакь иазгәеиҭеит, аусмҩаԥгатә аиҿкаашьа аҩаӡара есааира ишыҳаракхо, уи алахәцәа ахьынтәаауа аҭыԥқәагьы рхыԥхьаӡара ишацло.

«Ҳаԥхьаҟа, традициала иалахәу агәыԥқәа рынахысгьы ахәмаррақәа ирылахәхоит Шьамтәылеи Иорданиеи рҟынтә ҳашьцәагьы. Ҳгәыӷуеит Евроеидгыла атәылақәа рҟынтәгьы агәыԥқәа раара ҳзиҿкаап ҳәа», – иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Ахәмаррақәа сасык иаҳасабала дрылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Витто Гриттани, хықәкыла уи азы Италиантәи иааз.

«Сара Аԥснытәи агәыԥ аиааир сҭахын. Еиҳарак аԥсуа напылампыласыҩцәа сгәаԥхеит, урҭ даараӡа ибзианы ихәмаруан. Иахьа абра иҟоу ауаа зегьы аспорт еиднакылеит, аспорт ауаа раамҭа лахҿыхрала ирхыргаразы цхыраагӡоуп», – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Акомандақәа еицлабуан напышьашәалатәи аспорт аҟны, ашьаҟа ақәлараҿы, хара аԥараҿы, ахаҳә аршәраҿы, шә-метрактәи адистанциала аҩраҿы, аҵәҟьара иақәкны ахысраҿы, ашаха ахараҿы, ашьапылампыли анапылампыли рҟны.

Ашәуа қыҭа Ԥсыж инхо Амина Кьышьмахәа раԥхьаӡа акәны ахәмаррақәа дрылахәын. Лара аҵәҟьара иақәкны ахысраҿы аиааира лгеит.

«Сыԥсҭазаараҿы шьаҿа дук ҟасҵеит. Абаза жәлар рыхәмаррақәа ҟалаанӡа абри аспорт хкы аӡбахәгьы сыздыруамызт. Ашкол аҿтәи сырҵаҩы ислырҵеит ахысшьаҿы хадара злоу аԥҟарақәа. Саԥхьаҟагьы уи иацысҵалар сҭахуп», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Гәымлоуқыҭ инхо Аслан Џьанаев сынтәа иқыҭа ахьӡала ашьапылампыл дасуан.

«Сгәалаҟазаара шьахәуп, зегь сгәаԥхоит, зегьы ԥшӡаны, ихазынаны еиҿкаауп», – иҳәеит иара.

Москватәи аԥсуа диаспора акоманда алахәҩы Абзагә Ҵәыџьба ахәмарра аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Араҟа зегь ҳаиҩызцәоуп. Даара ибзиаӡаны ҳрыдыркылеит, аицлабрақәа зегьы ҳрылахәуп, ахәмаррақәа аинтерес ду рыҵаны имҩаԥысуеит, зегь реиҳа ихадароугьы – аҩызцәа ҿыцқәа ҳарҳауеит», – ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Абзагә.

Сынтәагьы ахынтә раан анапылампыл асразы Аԥснытәи аҭыԥҳацәа ркоманда аиааира агеит. Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы урҭ ириааиуа ҳәа уаҩ дзыҟамлеит.

«Ҳиааира даара ҳаигәырӷьоит, иҳацхәмаруазгьы акыр иӷәӷәан. Аҩынтә раан арҭ ахәмаррақәа ҳрылахәуп, зегь рыла иаҳгәаԥхоит», – лҳәеит Аԥснытәи акоманда алахәҩы Илона Гәымԥҳа.

Аицлабрақәа зегьы реихшьаалақәа рыла, сынтәагьы ҵыԥх еиԥш актәи аҭыԥ ааныркылеит Ельбырӷан ақыҭа акоманда, аҩбатәи аҭыԥ ргеит Ҟәыбина ақыҭа акоманда, ахԥатәи – Инџьықь-Ҷкәын акоманда.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа Ҟарачы-Черқьестәыла афынтә раан имҩаԥысуеит. Уи алахәцәа ахьынтәаауа аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Урыстәыла арегионқәеи рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит.