Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь изкны иҭлыжьыз ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысит Черқьесск ақалақь аҟны.
Лиудмила Аисанова
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инысымҩа иазку ашәҟәы «Аҟәыӷареи агәымшәареи рымҩа» («Путь мудрости и мужества») апрезентациа мҩаԥысит Черқьесск, ашәахьа, ԥхынгәымза 22 рзы. Ашәҟәы авторс дамоуп еицырдыруа ажурналист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа.
Аиԥылараҿы лҭыжьымҭа цәыргауа, лара иазгәалҭеит Черқьесск уи апрезентациа амҩаԥысра даара дшеигәырӷьо, анаҩс аԥсуа поет Владимир Анқәаб иажәеинраала «Абаза жәлар сшәеихырхәоит» даԥхьаны, аешьаратә жәлар аԥсшәа ралҳәеит.
«Сергеи Багаԥшь ашәуаа лымкаала дырзыҟан, игәы рзыбылуан, ҳаешьаратә жәлар рҟны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла далахәын. Убри аҟнытә ҳара ҳзы акраҵанакуеит ари ашәҟәы апрезентациа Черқьесск амҩаԥгара, изныкымкәа иара дахьааихьаз Акьыԥхь аҩны ахыбраҿы», – лҳәеит Бебиаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит, ашәҟәазы аматериалқәа реидкылара дшалагахьаз аполитик иԥсы анҭаз аамҭазы, аха Багаԥшь ԥсабарала ахӡырымгара злаз уаҩын аҟнытә, урҭ аматериалқәа рцәыргара иаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡомызт.
«Сергеи Уасил-иԥа еснагь аԥсуара иқәныҟәоз уаҩы аамысҭашәан», – ҳәа азгәалҭеит ашәҟәы автор.
Екатерина Бебиаԥҳа лгәаанагарала, Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи аус аҟны Багаԥшь илагала хәы змаӡам акоуп. Уи аҿы лара илықәшаҳаҭхеит егьырҭ апрезентациа алахәцәагьы. Хаҭала иаҳҳәозар, «Ҟарачы-Черқьестәыла Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ачерқьес бызшәала иҭыҵуа агазеҭ «Черкес хэку» аредактор хада, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Увжук Тхагапсов иазгәеиҭеит жәлар рԥызак иаҳасабала Сергеи Багаԥшь ихаҭара Аԥсназы аҭоурыхтә ҵакы шамоу.
«Игәахәароуп, акыргьы аҵанакуеит Владислав Григори-иԥа Арӡынба иаамшьҭахь Аԥсны дахьахагылаз уи иус ацҵара зылшоз, зыжәлар рҵеи иашаз иҟаз, иргәыӷырҭаз аԥыза. Абас еиԥш аԥхьагылацәа змоу атәыла, зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррак аҳасабала ԥхьаҟа аҿиаразы, аизҳазыӷьаразы алшара дуқәа амоуп», – иҳәеит иара.
Зыхьӡ нагоу аԥсуа поет Гәында Сақаниаԥҳа Сергеи Багаԥшь иӡбахә далацәажәо, Нарҭаа репос афырхаҵа Сасрыҟәа диҿлырԥшит – зыжәлар рзы аеҵәа кыдызԥааз, аҵыхәтәан зыдгьыл зхы ақәызҵаз.
Лара иазгәалҭеит, «ас еиԥш ҟоу ауаа Анцәа ишааишьҭуа аус дуқәа, аус бзиақәа рынагӡаразы».
Сергеи Багаԥшь иааигәаны дыздыруаз зегьы еиҭарҳәон иара иуаҩра атәы, абаза жәлар гәыбылрала дшырзыҟаз атәы, иара убасгьы Абаза муниципалтә раион хазы иҟоу административтә-ҵакырадгьылтә ак аҳасабала ашьақәгылараҿы иҟаиҵаз алагала атәы.
Сергеи Багаԥшь иԥсы ахьынӡаҭаз акыр иааигәаны иҿцаауаз дыруаӡәкуп аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, 2004-2011 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Нхыҵ Кавказ консулс иҟаз Олег Еҭлыхә, уигьы апрезентациа далахәын. Иара Аԥсны аҩбатәи ахада дигәлаиршәеит зыжәлар рыбзиабареи раҳаҭырқәҵареи ирыԥсахаз, Аԥсныи аешьаратә жәларқәеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа зырҿиоз иуникалтәу политикк иаҳасабала.
«Сергеи Уасил-иԥа изныкымкәа ҳтәыла (Ҟарачы-Черқьестәыла – аред.) аиҳабыреи, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәеи дырԥылахьан, абаза жәлар ирызцәырҵуаз апроблемақәа инарыдҳәаланы, урҭ қәҿиаралагьы рыӡбашьа дақәшәон. Иара наунагӡа ҳгәалашәараҿы даанхоит зыжәлар рҵеира иаԥсахаз политик дуны, уаҩы лашаны», – иҳәеит Еҭлыхә.
Аиԥылара иалахәын ҷыдала уи азы Аҟәатәи аделегациа иацны иааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша астудентцәа. Астудентка Раҭха Матуаԥҳа апрезентациаҿы еизаз рҿаԥхьа иазгәалҭеит «аҩны дыҟоушәа лхы шылбо». Ицәажәаз зегь реиԥш, ларгьы Сергеи Багаԥшь дуаҩ дуун ҳәа ихылҳәааит.
«Абри ашәҟәы уанаԥхьалак еилукаар улшоит аҟәыӷареи агәымшәареи рымҩа ишаныстәу», – лҳәеит аҭыԥҳа.
Ашәҟәы апрезентациа иаҭааит Ҟарачы-Черқьестәыла аҭҵаарадырратә, арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, ажурналистцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, абаза уаажәларратә хеилакқәа рылахәцәа, аҿар.
Ашәҟәы автор Бебиа Екатерина Гьаргь-иԥҳа – Аԥсны зҽаԥсазтәыз журналиступ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ лхуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорс дыҟоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.