Аԥсуа-абаза жәлар зегьы рзы хра злоу азҵаарақәа рылацәажәаразы АААК Адискуссиатә клуб аусура хацнаркуеит абҵарамза алагамҭазы.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны Адискуссиатә клуб аанартуеит, аԥсуа-абаза жәлар реиқәырхареи рыҿиареи ирыдҳәалоу атемақәа инарҭбааны иахьрылацәажәаша ҭыԥны. Аклуб аатуеит абҵарамза 7 рзы, уи аилатәарақәа ирылахәхар рылшоит атәыла ауааԥсыра изҭаху зегьы, қәрас ма социалтә гәыԥс изҵазкуазаалак. Аклуб анапхгаҩыс дықәгылоит ААУ Аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы Ирина Турааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, аклуб аусура принцип хадас иамазаауеит «аиҟарара», уи иаанаго – аклуб алахәцәа зегьы рыбжьара гәаартылатәи, ишиашоу иҟоу аицәажәареи аусеицуреи роуп. Арҵаҩы ари аҩыза азнеишьа «ҳәаа змам» ҳәа азылҳәоит.

«Ҳара ҳаиԥыларақәа убас ала ишьақәҳаргыларц ҳгәы иҭоуп, аҿар ргәы иҵхо азҵаарақәа зегьы аиҳабыратә абиԥара ирырҭартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаларц, абжьаратәи атәылауаа аекспертцәа, ма амаҵура ҳаракқәа аанызкыло ауаа ишиашоу ала рыҽрымадара рылшарц азы. Аҳәаақәа рыҟамзаара атәы анысҳәо, зыӡбахә сымоу ахь иаҵанакуеит аклуб аусушьа аиҿкаарагьы: аиԥыларақәа зегь раан – аиқәшәарақәа ракәыз, алекциа акәыз, апрактикатә усура, мамзаргьы атренинг ракәзаргьы – ицәажәо ауаҩи аудиториеи еидызго, еиҟәызҭхо ҳәа акгьы ҟалаӡом, акафедра, ма астол реиԥш иҟоу», – лҳәеит Ирина Турааԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, аклуб аусура аиҿкаараҿы ихадароу дҵас ирымаз – аилатәарақәа раҭаара зегь рыла иманшәаланы аҟаҵара акәын ҳәа. Убас, аклуб алахәцәа рзы иазгәаҭаны иҟам «иарбанзаалак алахәҩы ихәҭалагалақәа уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ афинанстә ныхтәқәа».

«Аидеиақәеи ахшыҩҵакқәеи реибыҳәара иацхраауа иманшәалоу аҭаацәашәаратә атмосфера аԥҵаразы, аиԥыларақәа зегьы чаижәрала ихыркәшалахоит», - ҳәа азгәалҭеит аклуб анапхгаҩы.

Ирина Турааԥҳа иалылкааит аклуб аусураҿы ихадароу ф-хырхарҭак: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, ахатәы бызшәала иаԥҵоу алитература аларҵәара ацхраара, аԥсуа-абаза милаҭ рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи ацхраара, итрадициатәу аморалтә-етикатә кодекс Аԥсуара аиқәырхараҿы ацхыраара аҟаҵара, иааҳакәыршоу аԥсабареи аекологиеи рыхьчара.

Абарҭ атемақәа доусы рзы еиуеиԥшым аиԥыларатә форматқәа азгәаҭоуп. Урҭ лекциазар ҟалоит, ма итренингзар, мамзаргьы аекспертцәа злахәу аинтерактив, ма астол гежь. Темацыԥхьаӡа иазкны аусура мҩаԥыслоит хымз рыбжьара, аҵыхәтәан уи аусура иалҵшәахоит АААК агрант аиуразы ирхиоу апроект аларҵартә еиԥш алшара аҟалара. Арҵаҩы иацылҵеит, иалаҵоу азыҳәақәа зегьы ирыхәаԥшны иреиӷьу апроектқәа ралхразы Акомиссиа шаԥҵахо.

«Аклуб анааҳартлак ашьҭахьҵәҟьа, ҳара ҳарԥылоит Аԥсны иҟоу АААК арегионалтә хеилак анапхгареи, Аинформациатә портал анапхгареи, изҭаху зегьы Аконгресс ҳтәылаҿы аусура иазкны ироуа азҵаарақәа рҭиирц, ԥхьаҟатәи агәҭакқәас иамоу еилыркаарц, ирҭахны иҟалозаргьы – урҭ апроцессқәа активла ирылахәхарц», - ҳәа адырра ҟалҵеит Ирина Турааԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, аклуб иазԥхьагәаҭаны ишамоу иара убас иавтономтәу апроектқәагьы (ихадоу атемақәа фба рынахыс – аред.), урҭ аус рулоит дара «рхатә режим ала», раԥхьатәи убас иҟоу апроект иахьӡуп – «Анацәеи абацәеи рыклуб», уи аартра азгәаҭоуп абҵарамза анҵәамҭазы.

Адискуссиатә клуб шәалахәхарц азы анкета хашәырҭәааруп, шәзызҿлымҳау ахырхарҭа алкааны, анаҩс иара шәышьҭыроуп аклуб анапхгаҩы лелектронтә пошьҭахь (discussclub@abaza.org). Хырхарҭацыԥхьаӡа иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара ԥкуп: уи зыдҳәалоугьы аклуб аилатәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ (Лакоба имҩала игылоу Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоу «Алашара» аофис) 25-30-ҩык рыда ахьазымкуа ауп. Аха, иалкаау темак алацәажәара зҭаххо рхыԥхьаӡара еиҳахаргьы, аиҿкааҩцәа уи ацикл даҽазнык амҩаԥгара рҽазыршәоит. Реиҳа акрызҵазкуа аиԥыларақәа рвидеонҵамҭақәа АААК YouTube аканал аҿы иҭагалахоит. Иазгәаҭоуп иара убас аклуб аилатәарақәак асоциалтә ҳақәа рҿы ишиашоу ицо аефир ала рышьҭра.

АДИСКУССИАТӘ КЛУБ АЛАХӘҨЫ ИАНКЕТА АҬГАРА