Аҭоурыхҭҵааҩ Саида Возԥҳа шәҟәык аҿы еизылгеит зхәыҷра шықәсқәа раан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахаану 55-ҩык ауаа еиҭарҳәаз ргәалашәарақәа.

Аԥсны иҭыҵит зхәыҷраамҭазы Аџьынџьтәылатә еибашьра зхызгаз ауаа ргәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәы. Ари аизгаҿы иаагоуп 55-ҩык ауаа ианыхәыҷқәаз рыблала ирбаз, шаҳаҭс измоу ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа. Ашәҟәы ҭрыжьит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет атипографиаҟны. Уи авторс дамоуп ААУ аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориеи ркафедра адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт ахыҵхырҭаҭҵаара аҟәша аиҳабы Саида Возԥҳа.

«Ҩынҩажәи жәохәҩык рлахьынҵақәа» ҳәа хьӡыс измоу аизга цәаҳәа ҟаԥшьны иалсуеит ахшыҩҵак хада: ухәыҷны иубо, иуныруа алагьы аҭоурых ҵабырг шьақәгылоит.

Саида Возԥҳа иазгәалҭоит, ашәҟәы аус адулара даналагоз аамҭазы лҿаԥхьа ишцәырҵуаз азҵаара – ахәыҷқәа зхысыз аԥышәа ҭоурых ҵабыргыҵәҟьоуп ҳәа уԥхьаӡар ауама ҳәа. Аха нас, лыгәҩарақәа зегь насҭха инышьҭаҵаны, агәра лгеит «угәы иҵхо акрыҟазар, убри уҽазукроуп ҳәа».

«Абри ашәҟәы рзыскуеит аибашьра зхызгаз ахәыҷқәа зегьы. Ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны исаҳаз аҭоурыхқәа даара ирацәоуп. Урҭ исхадыршҭуам ахәыҷқәа ари адунеи даҽа блак ала ишахәаԥшуа», – лҳәеит автор.

Ашәҟәаҿы иаарԥшуп, иагьалацәажәоуп ахәыҷқәеи аҿари аибашьра шырныԥшуа, зынӡа иқәыԥшқәаз аҷкәынцәа аибашьра ишалархәыз атәы иазааҭгылоуп, уи ныррас ирнаҭаз атәы уҳәа.

«Лассы-лассы ҳхы ҳазҵаауама аибашьра ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ишԥарныԥшуеи ҳәа? Аҵыхәтәантәи шәышықәса рыла имҩаԥысуаз аибашьрақәа раан ахәыҷқәа рроль акыр аҽаԥсахыма? Аҿарацәа, зны-зынла ахәыҷқәагьы аибашьрахь ацара ргәазырԥхои, мамзаргьы ирылшозеи ахәыҷқәа аҭынчра аагараҿы? Ахәыҷқәа «атәыла ԥеиԥшс иамоу роуп» ҳәа лассы-лассы ирҳәоит. Аха ԥеиԥшс иамоузеи атәыла, уи ауааԥсыра реиҳараҩык аибашьрамзар акагь рымбацзар? Ирызҳашьахои ас иҟоу ахәыҷқәа, раԥхьаҟа ирзыԥшузеи, хшыҩла, доуҳала, махәҿыла реизҳаразы ихадароу аҿырԥшқәа рызҭаша аҭагылазаашьа анрымам? – абас иҟоу азҵаарақәа ықәлыргылоит ашәҟәы автор, ахәыҷқәа рҭоурыхқәа еиҭаҳәауа урҭ аҭакқәагьы дрышьҭоуп.

Саида Возԥҳа ашәҟәы аус адулараан лхы иалырхәеит «ҿырҳәалатәи аҭоурых анҵара» аметод. Убас иагьеизеит 55 ҭоурых. Автор лгәаанагарала, абас иҟоу аинформациа аизгараан, ҿырҳәала ауаҩы дзыниаз ахҭысқәа анузеиҭеиҳәо, игәалашәарақәа ануцеиҩишо иааԥшуеит даҽаџьара иузымбо аҭоурых аспектқәа.

«Ҿырҳәалатәи аҭоурых – зыԥсы ҭоу ҭоурыхуп, ауаа лабҿаба ирбаз, ирхыргаз ахҭысқәа рыла, аҭоурых ҵабыргыҵәҟьа уагәылаԥшыр улшоит. Аҭоурых ахәшьара аҭаразы амҩа ҿыцқәа аанартуеит, аха убри аан иара ахатә методикала аус ауеит, иара убри алагьы егьырҭ адисциплинақәа иреиԥшым. Ҿырҳәалатәи аҭоурых гәыцәс иамоу – аҭоурых иагәылоу ауаҩ иоуп», – ҳәа еиҭалҳәоит Саида Ввозԥҳа. Лара лыстуденттә шықәсқәа раангьы абри аҩыза ашәҟәы аԥҵара дазхәыцхьан

«Сара схаҭагьы схәыҷны аибашьра збеит, уи иацу ахьаа здыруеит, аибашьра иалиааз ахәыҷқәа ргәы иҭоу еилыскаауеит, убри аҟнытә ҿыӷәӷәала исҳәарц сылшоит: знык аибашьра зхызгахьоу ахаангьы иҭаххом даҽа еибашьра ҿыцк ахы акра», - лҳәоит автор.

Лара излалԥхьаӡо ала, доусы ихигаз аҟынтә ихатә гәалашәара изынхоит. Лышәҟәы афырхацәа зегьы гәаартыла илыцеиҩыршеит акыршықәса ихьыу-хьыуа ргәы иҭаз рхьаа, ицәыргамкәа иҟаз ргәалашәарақәа.

«Сышәҟәы афырхацәа – усҟан ихәыҷқәаз, иахьа зықәра наӡахьоу уаауп. Сара сзы акраҵанакуеит аибашьра ашьҭахь акыршықәса шыҵхьоугьы раԥхьаӡа акәны ргәалашәарақәа ахьсыцеиҩыршаз, уаанӡа аӡәыр дразҵаахьазма: «Аибашьра иаанагозеи уара узы? Иугәалашәои уи иазкны?» ҳәа. Еибашьрак еицахаану реиԥш, ҳара гәаартыла ҳаицәажәон», – лҳәеит автор.

Ашәҟәы афырхацәа иреиуоу – Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, аҭҵаарадырратә усуразы аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа лоуп. Лара иахьатәи аамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы иаҿагыланы иқәԥо дыруаӡәкуп. Дхәыҷны аибашьра иахаану лаҳасабала Алиса Матуа ибзианы илдыруеит аԥсҭазаара азықәԥашьа апринципқәа, лхәыҷра шықәсқәа раан аибашьра шылхылгазгьы, лыԥсҭазаараҿы аихьӡара дуқәа лоуит.

Лара излалҳәо ала, «аибашьра ахәыҷқәа» заа идуцәахоит: «Уи хасҵар сҭахӡамызт, аха Аԥсны изызҳаз ахәыҷқәа рҿы даҽакала ҟалашьагьы амамызт. Сара схазы мацара акәӡам изысҳәо, сықәлацәагьы зегьы усоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Сгәалашәараҿы иаанхеит аибашьра ҟалаанӡа алакә иаҩызаз, ԥҭацк зхымыз схәыҷра лашеи – нас абри аибашьреи. Ҳанацәеи ҳабацәеи уи ҳацәырыхьчон ишрылшоз ала, аха зегь акоуп, ҳара даара ҳаӡрыжәит уи аамҭа. Сареи саҳәшьцәеи рыла исҳәоит уажәы, адуцәа ҳабарыцхраари ҳәа ҳҟалеит, абзазаратә усқәа ҳнапы рылаҳкит. Сара сабиԥара иатәу ахәыҷқәа рхәыҷра рымԥаан сҳәарц сылшоит».

Ашәҟәаҿы згәалашәарақәа аагоу Татиана Хышԥҳа еиҭалҳәоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны лҭаацәара ацәыӡ дуқәа шаиуз: «… Сара сҭаацәара даара ирныԥшит аибашьра. Уи ҟамлазҭгьы сандуи сабдуи заа иҳаԥхомызт. Саб иан лшьапқәа лымҵит, лыҷкәын аибашьрантә дахьзыхнымҳәыз лгәаҟра иахҟьаны… Лара 62 шықәса ракәын илхыҵуаз лыԥсҭазаара даналҵуаз, акыр дшыӷәӷәазгьы лыҷкәын иҭахара лызхымгеит. Абас иҳаԥхеит зны ҳаб, нас ҳандуцәеи ҳабдуцәеи… Ҳара аҭаацәара ду ҳаман, нас иаалырҟьаны аӡәаӡәала ауаа ҳагхо иалагеит. Ҳхала ҳаанхеит».

Ари Саида Возԥҳа аҩбатәи лышәҟәоуп, актәи – амонографиа «Аԥсуа-ақырҭуа конфликти аҩадаирландиатәи аконфликти рҭоурыхтәи рполитикатәи аспектқәа (XX – XXI ашә.): Еицырзеиԥшу аҟазшьақәеи аивгарақәеи» ҭыҵит 2018 шықәсазы.

«Сара наҟ-наҟгьы сгәы иҭоуп аибашьра иахаану ахәыҷқәа ргәалшәарақәа ранҵара. Уи адагьы реизгара саҿуп сталинтәи арепрессиақәа раантәи арӡра аамҭақәа ирхаану ахәыҷқәа ргәалашәарақәагьы», – лҳәеит Возԥҳа.

Ашәҟәы «Ҩынҩажәи жәохәҩык рлахьынҵақәа» ҭыҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет атипографиаҿы. Уи атираж дуӡам, аха автор дақәгәыӷуеит хара имгакәа ашәҟәы атираж инхарҭәааны еиҭаҭыжьхап ҳәа.