АААК апроект «Аимадара» ҳазҭоу ашықәс азы алҵшәақәа рыла, Аԥсны еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟынтә 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҳтәыла аблахкыгарҭақәа ирҭааит.

Селма Базԥҳа

Ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭа хырҳаганы ирхыргарц хықәкыс измоу АААК апроект «Аимадара» аҩбатәи аетап хыркәшоуп. 2022 шықәсазы апроект рхы аладырхәит 400-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа ақыҭақәа хәба рахьтә: Ҷлоу, Бамбора, Маркәыла, Аацы, Гәыԥ, иара убас Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа.  

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аконгресс аҟәатәи аофис аусзуҩцәа АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа рыцырхырааны ақыҭахәыҷқәа рзы Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рахь аныҟәарақәа еиҿыркаауан. 

Аилыркааратә ныҟәарақәа мҩаԥысуан шықәсыбжак иалагӡаны рашәарамза инаркны абҵарамзанӡа. Ахәыҷқәа ганы иддырбеит Аацы иҟоу алымқәа рпарк «Праид», аетнопарк «Аԥсны», Афонҿыцтәи, Отаԥтәи аҳаԥқәа, Аԥсуа милаҭтә дельфинари, иара убас Мықәтәи аныхабаа.  

Апроект «Аимадара» актәи аетап мҩаԥысит 2019 шықәсазы, усҟан иара «Ашьҭра» ҳәа хьӡыс иаман, иагьымҩаԥысуан ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ» алахәны. Уи ашықәс азы апроект иамҽханакит 80-ҩык инареиҳаны ақыҭахәыҷқәа (Уарча, Тамшь, Лыхны, Џьгьарда, иара убас Дранда рҟынтә). 

Иҟаҵоу аус алҵшәақәа дырзааҭгылеит АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҟәша анапхгаҩы, апроект «Аимадара» ахылаԥшҩы Дмитри Жьиба.

«Апрект «Аимадара» ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭа аиҿкаара иазынархоуп. Аԥхарақәа ахьынӡаҟаз ҳтәыла аҩнуҵҟа аныҟәарақәа рзымҩаԥаҳгон. Ахәыҷқәа ари ахаԥшьгара даара ргәы шьҭнахит, акырӡа иазыԥшын. Шықәсыбжак иалагӡаны Аԥсны аҭоурыхтә, архитектуратә баҟақәа ирҭааны ирбон. Ари апроект ашколхәыҷқәа ҳтәыла абеиареи амчхареи ахьынӡаҟоу деилнаркаауеит, дара-дарагьы еиднакылоит. Ҳазҿу аус ақәҿиара ду шаиуз ҳбоит аҟынтә, ҳаԥхьаҟагьы иацаҳҵарц ҳгәы иҭоуп», – иҳәеит Жьиба.

Апроект «Аимадара» сынтәала ихыркәшахеит Даур Сарсаниа ихьӡ зху Гәыԥтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аетнопарк «Аԥсни», нас алымқәа рааӡарҭа «Праиди» рахь ргарала. Аетнопарк аҟны ашколхәыҷқәа аекскурсиа рзымҩаԥыргеит: ажьираҿы инеит, аԥсуа традициатә культура аекспонатқәа ирыхәаԥшит, ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхцәа русумҭақәа ахьцәыргоу азал иаҭааит, иара убас ахыци ахәымпали рыла ихысит. Анаҩс алымқәа рпарк «Праид» ахь рымҩа хан, уаҟа алымқәа рынахысгьы ахәыҷқәа ирбеит амахҽқәеи ааигәа араҟа ирыдыркылаз абжьаси. 

Аиҳараҩык ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны рыблала ирбон арҭ аҭыԥқәа, даара иазҿлымҳаны иҭырҵаауан изхәаԥшуаз зегьы. Гәыԥтәи абжьаратә школ ажәабатәи акласс аҵаҩы Ариана Багаҭелиаԥҳа аныҟәара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит абас аинтерес аҵаны аамҭа ахьырхыргаз азы, лхәыцрақәагьы ҳацеиҩылшеит. 

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект абзоурала раԥхьаӡа акәны абри аҩыза аныҟәара ҳалахәуп. Иҿыцны иаҳбаз даара ирацәоуп. Иахьатәи амш иснаҭаз ацәаныррақәа сгәы иҭҵәом. Уаанӡа ахаангьы ахыци ахәымпали снапаҿы исымкӡацызт, иахьа схы ԥысшәартә еиԥш алшара соуит. Ҳашкол аҵаҩцәа зегьы абри аҩыза аныҟәара ҩаԥхьа ианбаҟало ҳәа иазыԥшуп», – лҳәеит аҭыԥҳа. 

Апроект аихшьалақәа ҟаҵо, АААК агәыԥ иазгәарҭеит Аԥсны аҿар рыԥсадгьыл аҭыԥԥшӡарҭақәа еиӷьны ирдырларц азы ргәы иҭаркыз ахықәкы қәҿиара анагӡара шалшаз, ԥхьаҟагьы ари аус ҿиашьас иаиуша азы алкаақәа ҟарҵеит.