Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аусуратә еилатәараан Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс даҽазнык далхын Мусса Егзакь.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду алахәцәа рыӡбамҭа инақәыршәаны, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ҩаԥхьа дҟалеит Мусса Егзакь. Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи ралхрақәа ԥхынҷкәын 7-8 рзы Аҟәа имҩаԥысыз Аизараду аусура алагамҭазы аделегатцәа реилатәара иахәҭакын. Уи иалагӡаны Аконгресси, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи ирыбжьоу русеицура шәҟәыла ишьақәдырӷәӷәеит.
Аизара аусуратә хәҭа хацыркын амшхәаԥштә алаҳәарала, уи алхрақәа рынахыс иарбан Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилаки Агәаҭаратә комиссиа хадеи раҳасабырбақәа, Аконгресс Аԥҟаԥҵәа аиҭакрақәа ралагалареи, егьырҭ азҵаарақәеи.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь VIII Аизараду иаҭааз абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит акворум шьақәгылоуп ҳәа. Анаҩс ажәа ииҭеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, уи аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы Аконгресс аусура иазку инарҭбаау ажәахә ҟаиҵеит.
«Ҳазлацәажәо аамҭазы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак аусура иалагӡаны аиҿкаара анапхгаратә усбарҭақәеи Аконгресс аусура шьақәзыргыло аусбарҭақәеи инагӡаны еиҿкаан. Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа 10 мҩаԥган лабҿабагьы, онлаин аформат алагьы. Аконгресс алахәцәа ҿыцқәа рыдкылара мҩаԥысуеит есыҽны. Иахьазы АААК еиднакылоит 2500-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Аконгресс арегионалтә еилазаашьа шьақәыргылоуп, алахәцәа рзеиԥш еизарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥысуеит, арегионалтә ҟәшақәа рхеилакқәа еидкылоуп Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Аедыгьтәыла, Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла, Мысра (Египет), Германиа, Аҷариа, Нидерланды, Ставропольтәи атәылаҿацә, Москва, Санкт-Петербург», - ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Гыцба.
Иара аизара алахәцәа азхьаирԥшит Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аганахьалагьы қәҿиарала аусура шцо: хәышықәса ирылагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп аҟәшақәа 54, Ҭырқәтәыла – 10.
Инар Гыцба иажәахә аҿы дырзааҭгылеит Аконгресс егьырҭ аихьӡарақәагьы, иаҳҳәап зеиԥш ыҟам бызшәарацәала ицәажәо аинформациатә портал аусура, аԥсшәеи абаза бызшәеи реиқәырхара иазку аҭҵаарадырратә программа анагӡара, ауаажәларратә, асоциалтә проектқәа рымҩаԥгара: АААКи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи ргәыҳалалратә акциа «Агәыбылра», Аӡҩыбжьатәи апарк алакҭа арԥшӡара, Оҭҳара Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аргылара ацхраара уҳәа убас иҵегь.
Ажәахәҟаҵаҩ еиҭеиҳәеит убасгьы Covid-19 апандемиа ааны Аконгресс аусура аҽшеиҭанакыз ауаажәлар рҭахрақәа ирызхәыцны.
«Аконгресс аусура ишынеибарку атәылауаа ргәабзиара ахьчара аганнахь иҳархеит. Убас, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаахәаны Аԥсныҟа иааишьҭаит акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы иаҭахны иҟаз амедицинатә маҭәахәқәеи ахыхьчагақәеи. АААК аԥкрақәа раан ауадаҩра иақәшәаз арепатриантцәа рҭаацәарақәа фатәы-жәтәыла ацхыраара рынаҭон. Ари аҩыза агуманитартә цхыраара роуит 130-ҩык ауаа», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Инар Гыцба.
Агәаҭаратә комиссиа хада аҳасабырбаҿы Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа иазгәеиҭеит хәышықәса рыла Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аныхтәқәа 100 миллионк мааҭ иреиҳахеит ҳәа. Акомиссиа излаԥхьаӡаз ала, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иалеиҵаз ихатә ԥара 90 миллион инареиҳауп, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрба иалеиҵаз ихатә ԥара – 10 миллионк мааҭ. Алахәцәа рыхәҭалагалақәа 44 нызқь мааҭ дыртәеит, Ҭырқәтәыла иҟоу АААК Арегионалтә ҟәша алахәцәа рыхәҭалагала 2020-2021 шықәсқәа рзы – 300 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа иҟалеит. Мыкәа иҳәеит убасгьы АААК VIII-тәи Аизараду аиҿкааразы Аԥсны аиҳабыра 500 нызқь мааҭ шаларҵаз.
Ажәахәқәа рашьҭахь Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ҿыцқәа ралхрахь ииасит. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба акандидатцәа рсиа даԥхьеит, уи Аконгресс аппарат ахь инашьҭын Аԥсны иҟоу Арегионалтә ҟәша ахеилак аҟынтәи. Аизараду алахәцәа рыбжьы рҭиит асиаҿы иарбоу ауаа зегьы зныкала Иреиҳаӡоу ахеилак ахь илхзарц азы. Абасала, Аԥснынтә АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалалеит Арда Ашәба, Виачеслав Чрыгба, Марина Барцыц, Вадим Ҳаразиа, Џьамбул Инџьгьиа, Нури Кәарҷиа; Ҟарачы-Черқьестәылантә – Муҳадин Аубақь, Мураҭ Мыкәа, Умар Кончев, Армида Чагәа; Ҟабарда-Балкариантә – Владимир Ԥшьеноҟәа, Москвантә – Беслан Агрба, Олег Барцыц, Беслан Кәабахьиа, Мурадин Урчыҟәа; Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә – Ерқан Ҳаџьымба; Ҭырқәтәылантә – Биуленҭ Аҩӡба, Шамил Ешба, Камиль Барқан (Маршьан), Атилла Бганба, Меҳмеҭ Инаԥшьба, Мураҭ Гечьба, Аҷариантә – Натали Лазԥҳа, Шьамтәылантә - Шьараф Маршьан, Иорданиантә – Муҳамед Абаза (Чычба).
Анаҩс далхтәын АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы. Ари аҭыԥ ахь иқәыргылаз кандидатк иакәын – уажәгьы амчра змоу Мусса Егзакь. Аизараду алахәцәа еицҿакны рыбжьыҭарала иара ҩаԥхьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак дахагылеит.
Мусса Егзакь адиаспора ахаҭарнакцәа рахь ихы нарханы ажәа риҭеит Аконгресс ауснагӡатә хадақәа ԥсахрада ишаанхо – аԥсуа-абаза жәлар реидкылареи, рмилаҭтә культура аиқәырхареи.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҩаԥхьа сыгәра ганы Аконгресс ахантәаҩыс сахьалышәхыз. Бжьыцыԥхьаӡа ҳаҭыр ду сзақәуп. Иахьа ҵыргәас иҳамоу зегьы ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа иаԥырҵаз ауп, ҳара иаҳуалуп уи зегь ахьчара, дара ҳрыԥсаны, рҟәышреи ргәамчи ҳаваҟәыло ҳаҟазарц азы ҳмаашьакәа аусура, ҳажәлар рҵас-қьабзқәа реиқәырхара, ари нахысгьы адунеи ҳкультуреи ҳбызшәеи рыла иҳарбеиаларц», – иҳәеит Мусса Егзакь.
Уи ашьҭахь Мусса Егзакь аизара алахәцәа рахь ицәыригеит АААК Аԥҟаԥҵәа аиҭакрақәак ралагалара азҵаара. Хаҭалагьы, ажәалагала ҟаиҵеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аԥыхзарц, избан акәзар уи афункциақәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат ахахьы иагоит.
Ари аԥсахра ахҳәаа азуа, АААК Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум анапынҵақәа Аппарат аусзуҩцәа рахь ииасхьан ҳәа 2018 шықәсазы, Аконгресс Аԥҟаԥҵәа аредакциа ҿыц анрыдыркыла ашьҭахь. Убри аҟнытә ари аӡбамҭа иҟалахьоу аиҭакра ақьаад аҿы ишьақәнарӷәӷәоит ауп.
Аизараду аделегатцәа реиҳараҩык ари ажәалагала иадгылеит: 115-ҩык рҟынтә 111-ҩык «ҳақәшаҳаҭуп» ҳәа рыбжьы рҭиит.
Мусса Егзакь ишьҭихыз азҵаарақәа ируакын иара убас Аконгресси егьырҭ аиҿкаарақәеи русеицура аизырҳара, еиҳагьы апроектқәа рынагӡаразы, акультуратә хаԥшьгарақәа ргеографиа арҭбааразы.
Аизараду аусуратә еилатәара иалахәын Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа (Аԥсуафед) ахантәаҩы Мураҭ Махариеи.
Аконгресси, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи иахьа уажәраанӡа ирыбжьаз русеицура шәҟәыла ишьақәдырӷәӷәеит.
«Ҳусеицура арҭбаареи еиҳа аконкреттә ҟазшьа аҭареи азыҳәан, ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа еиҳагьы еиӷьны инаҳагӡаларц азы иҳаӡбеит Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи ҳареи аусеицуразы апкаанҵақәа ҳадаҳкыларц», – иҳәеит Мусса Егзакь.
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа иазгәеиҭеит адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа абас еиԥш аиҿкаарақәа ирыланы реиҿцаара аҵак ду шамоу.
«Зегьы ишәыдысныҳәалоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аконгресс еиднакыло ауааԥсыреи ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа. Ҳамч еибыҭаны аус ҳаулар абаза жәлар реидкылараҿы ҳаихьӡарақәа еиҳагьы еиҳахоит», – ҳәа агәра ганы иҳәеит Вадим Ҳаразиа.
Аԥсуафед ахантәаҩы Мураҭ Махариа иакәзаргьы, иҳәеит адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо адиаспора ахаҭарнакцәа реимадарақәа ырҭбаалатәуп ҳәа, ҳмилаҭтә культура аҿиаразы.
«Аконгрессаа иҭабуп ҳәа расҳәоит рџьабаазы. Игәы ақәыршәны, иҽазкныҵәҟьа Мусса Егзакь аԥсуа-абаза жәлар рԥеиԥш лаша аагара дазааԥсоит, убри азы иҭабуп ҳәа иасҳәоит адиаспора зегь рыхьӡала. Ҳаидгыланы иҳалшо рацәоуп», – иҳәеит Махариа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аусура иацҵахеит астол гьежьқәа рҟны. Уаҟа излацәажәо атемақәа иреиуоуп: аԥсуа-абаза жәлар руаҩышәаратә-хымҩаԥгашьатә кодекс Аԥсуареи ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҵареи, аҿар рааӡареи реизҳареи, ҳазҭагылоу аамҭазы аекологиа апроблемеи.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизарадуқәа мҩаԥысуеит хәшықәса рахьтә знык. Абаза жәлар ахаҭарнакцәа адунеи зехьынџьарантә иаауеит Аконгресс аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи ралхразы. Уи адагьы Аизараду аҿы иалкаахоит ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммеи, аиҿкаара аусура азеиԥш хырхарҭеи.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.