АААК аинфопортал амчала иҭыхуп зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аҭоурых еиҭазҳәо адокументалтә фильм, аклуб жәашықәса ахыҵра иазкны.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иазнархиеит зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» иазку адокументалтә фильм, 2021 шықәсазы ари аклуб аԥҵоуижьҭеи жәашықәса ҵит.

Афильм аҟны иаарԥшуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Аԥсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи еицырдыруа амеценат Мусса Егзакь иаԥиҵаз аклуб аҭоурых.

Адокументалтә фильм ҭырхуан аклуб ашьаҭаркыҩцәеи, хыԥхьаӡара рацәала уаҟа еиҵарааӡахьоу аспортсменцәеи ирыдҳәалоу аҭыԥқәа рҟны. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Москва, Наро-Фоминск, Санкт-Петербург, Аҟәа, Гәдоуҭа. Аусумҭа еиқәыршәоуп аԥсуа спортсменцәа еиуеиԥшым рҭоурыхқәа рыла, афильм иаанарԥшуеит ақәԥаҩцәа рышьақәгылара амҩа шаҟа имариам, аспортсмен иԥсҭазаараҿы азыҟаҵаҩи, нас иҽахьазыҟаиҵо аклуби аҭыԥ ду шааныркыло.

Аклуб аԥҵаҩы, уи ахада Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, ауаҩы дшыхәыҷу аспорт далааӡазар, иԥсҭазаараҿы акыр дахьӡоит, иҿаԥхьа иқәиргыло ахыдҵақәа қәҿиара инаигӡалоит ҳәа, избанзар убри илзыршо аҟазшьақәа аспорт инаҭоит, нас егьа уадаҩра иԥыларгьы риааишьа иҽақәиршәалоит.

«Ақәԥаратә секциақәа рҟны азыҟаҵаҩи ааӡамҭацәеи реизыҟазаашьа аби ахшареи реизыҟазаашьа иаҿурԥшыр ҟалоит. Араҟа аспортсменцәа ирыларааӡоит апатуеиқәҵара, ахагәрагара, аиааира аҽазышәара, алеишәа, аԥсадгьыл абзиабара, аҵас-қьабзқәа рықәныҟәара шаҭаху уҳәа. Ҳәарада, аспорт аҿар ргәабзиарагьы иахәоит, рымаха-рышьаха арӷәӷәоит», – иҳәеит Егзакь.

Аклуб ахада иазгәеиҭеит, аспорт иалаҟоу ауаа рцәаҩа ишалоу гәымшәарала аԥеиԥш азхәыцра, ишрылшо аихӡыӡаара, аҩыза ииааирақәа реигәырӷьара. Системала аспорт иаҿу ауаа рыԥсҭазаара аганқәа зегь рҭыԥ аҿы иааиуеит, рхаҭара иашаны ишьақәгылоит, иеизҳауеит, доуҳалагьы ишәуеит, ҳәа иԥхьаӡоит Егзакь.

«Убас дышнеи-шнеиуа аспортсмен ииго аиааирақәа рынахыс, аҽазыҟаҵаратә зал анҭыҵгьы ақәҿиарақәа иоуа далагоит, аҭышәынтәалара иҽазикуеит: аҭаацәара бзиа аԥҵара дашьҭалоит, ус анакәха ихатә лагала ҟаиҵоит ииԥсадгьыл аԥеиԥш лаша азаагараҿгьы», – иҳәеит Егзакь.

Иара агәыӷра ааирԥшит, адокументалтә фильм иахәаԥшуагьы абри деилнаркаап ҳәа.

«Ҳара есҽны иҿыцу ак ҳҵоит, убри аҟнытә агәра ганы ҳаҟоуп анаҩстәи ҳфильм еиҳа ишеиӷьхо», – иҳәеит иара.

Мусса Егзакь иажәақәа рыла, ари апроект аус адызулоз ауаа раԥхьаӡа инаргыланы иззыԥшу – зхәыҷқәа аспорт иадзыԥхьало анацәеи абацәеи рхыԥхьаӡара еиҳахап ҳәоуп. Егзакь агәра ганы дыҟоуп, афильм аҟны иаагоу «ақәҿиара аформула» рхы иадырхәап ҳәа зыхшара рзы абзиа зҭаху зегьы.

«Ҳара аиқәԥарала иааҳарԥшит ауаҩы иԥсҭазаараҿы дшьақәгыларц азы дызхысраны иҟоу амҩа, аха доусы иара иаҳа изыманшәалоу, насгьы игәаԥхо аспортхкы алихыр ҟалоит», – иҳәеит иара.

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аӡбахә далацәажәо, Егзакь иазгәеиҭеит жәашықәса рыла уи ааӡамҭацәа аихьӡара дуқәа шроуз адунеи, Европеи рчемпионатқәа рҟны, иара убас Аԥсны аҩнуҵҟеи Урыстәылеи.

«Аӡәырҩы аспорт азҟазацәас иҟалеит, иҟоуп жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аспорт азҟазацәагьы, ҿыц еиҵагыло абиԥара зҿыԥшыша ақәԥаҩцәа шьахәқәа ҳамоуп, аиашаз. Зықьҩыла ахәыҷқәа аизҳара амҩа ианылеит, усда-ҳәысда баша агәарабжьара анызаара мап ацәкны – ари аҵыхәтәантәи, ишаҳдыруа еиԥш, абзиарахь икылнамгаз рацәаҩуп. Нас уи аӡә имацара иакәӡам, ауаажәларра ирыпроблемахоит. Ҳәара аҭахума, ақәҿиара змоу аспортсменцәа рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа анырра бзиа рырҭоит, нас «ҳара ҳазлеицәоуи» ҳәа иреикануа, ирызхьаԥшуа аҿар ҟалоит», – иҳәеит Егзакь.

Афильм аус адырулон Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинфопортал аусзуҩцәа, уи анапхгаҩы Амина Лазԥҳа ахаҿы днаргыланы.

Афильм режиссиорс дамоуп аинфопортал аҟны видеографс иҟоу Илона Хәарцкьиаԥҳа.

Лара излеиҭалҳәаз ала, афильм аус адулара иалагеит 2021 шықәса нанҳәамза инаркны, мызқәак рышьҭахь, ашықәс анҵәамҭазы ихианы иҟан.

«Абри аамҭа иалагӡаны ҳара ҳрыҿцәажәеит азыҟаҵаҩцәеи аспортсменцәеи ара Аԥсны иҟоу, иара убас Санкт-Петербург, Москва, Наро-Фоминск [Москватәи аобласт]. Хықәкыс иҳаман – ахәаԥшцәа аклуб «Абаза» аҭоурых иагәылаҳарԥшырц, азыҟаҵаҩцәеи урҭ рааӡамҭацәеи ирыхҭысуа рзеиҭаҳҳәарц, аспорт аԥеиԥш ду шамоу ааҳарԥшырц», – лҳәеит Хәарцкьиаԥҳа.

Афильм арежиссиор иазгәалҭеит асахьа ишеиднакыло 20 ҭоурых инареиҳаны.

«Ҳара ҳҭыхратә гәыԥ маҷын, аха уи иалаз зегьы аԥышәа бзиа роуит. Хаҭала сара анырра ду снаҭеит ақәԥаҩцәа рдоуҳамч аӷәӷәара, аиааира ишазықәԥо, еиҳаракгьы ахәыҷқәа рыҩнуҵҟатә мчы ишақәгәыӷуа», – лҳәеит арежиссиор.

Афильм аҟны амҩаԥгаҩс дыҟоуп АААК аинфопортал ажурналист Саид Барганџьиа.

«Насыԥ сымоуп ҳәа сыԥхьаӡоит сыԥсҭазаараҿы иахьыҟалаз абри аҩыза ахҭыс – аклуб «Абаза» иазку адокументалтә фильм аҭыхра, ҳредактор хада Амина Лазԥҳа лнапхгарала», – иҳәеит ажурналист.

Иара игәаанагарала, АААК акоманда ирылшеит «аԥсуа қәԥаҩцәа рдунеи агәылаԥшра», аинтерес зҵоу ауаа рцәыргара, урҭ доусы рыԥсҭазааратә мҩақәа азҿлымҳара ду руҭартә иҟоуп.

«Ҳара иаҳҭахын ҳаспортсменцәа рҭоурыхқәа рыла Аԥсны ақәԥара аҿиарамҩа ҳазааҭгыларц. Аспорт ҳахьалацәажәоз адагьы, ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа имаҷымкәа ҳрылацәажәеит. Убри аганахьала, иуҳәар ҟалоит, афильм аԥҵара иалахәыз зегьы блаҿыцала ҳахәаԥшит ҳәа ари аспортхкы. Аԥсуа қәԥаҩцәа – зҳәоу еиқәшәоу ҭаацәара дууп, уи угәы иамыхәар залшом», – иҳәеит Барганџьиа.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы, ҷыдала агәахәара шиоуз АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь даниҿцәажәоз.

«Ҳәара аҭахума, сара журналистк иаҳасабала, лымкаала сгәы иахәеит Мусса Егзакь аинтервиу имхра. Аҭыхрақәа ҩымш рзылхны иҳаман, убри аҟнытә азҵаара жәпакы исҭеит еиуеиԥшым атемақәа рыла. Абас еиԥш раԥхьаӡа акәны сиҿцәажәон иара, нас, ҳаналга ашьҭахь акыраамҭа сгәы шьҭыҵны иҟан, аихьӡара дуқәа сҽырзысшәар сҭахны сҟалеит», – иҳәеит ажурналист.

Афильм аҭыхра лнапы ианын АААК аинфопортал абильд-редактор, афотоҭыхҩы Наала Аҩӡԥҳа.

«Сара исгәаԥхеит ари афильм аус адулара. Иҳәатәуп, ҳара иарбанызаалак акино ус ирлас-ырласны ишҭаҳамхуа ара Аԥсны – исахьаркыратәума, идокументалтәума, ипублицистикатәума, иӡыргаратәума. Убри аҟнытә ари аганахьала исыдыргало аусқәа зегьы аинтерес сызрыцуп, аԥышәагьы сырҭоит. Насгьы ари аҩыза акоманда сацны уаанӡа афильм ҭысымхӡацызт. Ҳкоманда аӡәыкны ҳшыҟоу снардырит. Зегьы ирҭахын алҵшәа бзиа ҟаларц, убри аҟнытә усура апроцессгьы агәахәара унаҭон», – лҳәеит Наала Аҩӡԥҳа.

Зегь реиҳа лгәалашәараҿы инхаз ҳаназҵаа – «иссиру дунеи ҿыцк сзаатны, снықәԥшызшәа сҟалеит» ҳәа лцәанырра ҳацеиҩылшеит.

«Сара раԥхьаӡа акәны аспорт адунеи сагәылаԥшит, ақәԥараҿы аихьӡара дуқәа заухьоу ауаа сырзыӡырҩит», – ҳәа ацылҵеит аоператор.

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» жәашықәса рыла иалшаз рацәаӡоуп. Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа аклуб асекциақәа рҟны аус руеит 32-ҩык азыҟаҵаҩцәа. Жәашықәса рыла аклуб иоунажьҭит х-нызқьҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Иахьазы рҽазыҟарҵоит 648-ҩык, хәба инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәынцәа. Аԥсы араионқәа зегьы рҟны иаартуп аклуб асекциақәа. Аԥсны анҭыҵ рҽазыҟарҵоит 16-ҩык ааӡамҭацәа. Аклуб аныҟәгареи Аԥсны аҩнуҵҟа ақәԥара аҿиареи 10 шықәса рыла ирықәхарџьуп 70 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.