АААК аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәа аатит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Османие, иара убас апровинциа Токат.

Ҭырқәтәыла аусура иалагоит АААК аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәа. Руак аатит ԥхынгәы 15 рзы аԥсуа қыҭа Османие, апровинциа Иозгат аокруг Соргун иахьаҵанакуа. Ари аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩыс дҟалеит Абдулсемих Екинџьи (Аисан). 

Апровинциа Токат аҟынгьы АААК даҽа ҟәшак аатра апроцесс ахыркәшарахь инеины иҟоуп – уи аалахәылацәеи анапхгаҩи ралхроуп иаанхаз. Аҟәша еиднакылоит аԥсуа-абаза диаспора жәпаҩны иахьынхо аокруг Иешьилиурт ақыҭақәа ҩба. Османие АААК аҭыԥантәи аҟәша аартра иалахәын аделегациа ду – Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба, Ҭырқәтәыла иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәша анапхгаҩы Аҳмаҭ Ҳапат, Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба. Аусмҩаԥгатә иалахәын Сҭамԥыл, Сакариа уҳәа егьырҭ араионқәа рҟынтә аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәагьы рацәаҩны. 

Иааидкыланы 31-ҩык ауааԥсыра АААК алаларазы анкетақәа хадырҭәаан Османие, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп  ақыҭа ахада Хусеин Иылдыз Аԥса.

Османие ааигәа иаԥҵан аԥсуа культуратә центр (адернеқь). АААК Аҭыԥантәи аҟәша анаат ашьҭахь ари ацентргьы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа алалара ацеремониа мҩаԥысит. Адернеқь анапхгаҩы Дурусан Ҳапат иазгәеиҭеит ари аҩыза ахеидкылақәа аџьынџьуаа реимадарақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.

«Ҳқыҭаҿы инхо ажәлақәа иреиуоуп Ҳапат, Ҟәаԥсаргьан, Нир, Шхамуз, Уазба, Мықәба, Аисан. Уаанӡа ақыҭа акыр идуун, аха иалҵны ицаз рацәаҩхеит. Сара адернеқь аиҳабык иаҳасабала исҭахуп абри аҭыԥ ԥшӡазарц. Сара Аԥсны сцахьеит, ԥшьышықәса уа аус зуан. Аԥсни аԥсуаа бзиа избоит, даара слеир сҭахуп. Анцәа абзиарақәа ҳԥигалааит, ҳара-ҳара ҳаицәымӡуа, ҳҳәынҭқарра наунагӡа еиқәхо», – иҳәеит Дурсун Ҳапат.

Османие имҩаԥысит даҽа усмҩаԥгатәкгьы – «Аиааираз» амедалқәа ранашьара ацеремониа. Ԥшьҩык ақыҭа иалҵыз аҵеицәа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага рҭоурыхтә ԥсадгьыл рыхьчарц игылеит. Инар Гыцба амедал ианеишьеит аветеран Меҳмеҭ Ерол Шхамуз, иара убас амедалқәа роуит Бахтиар Акиол Ҟәаԥсыргьан, Омер Озбақь Мықәба, зыԥсҭазаара иалҵхьоу Угур Полат Ҟәаԥсыргьан имедал рырҭеит уи иуацәа. 

Адырҩаҽны, ԥхынгәымза 16 рзы, аԥсуа культуратә центр «Ельбудак» аартра мҩаԥысит (ари ахьӡ еизгоу аҭыԥхьыӡқәа рҟынтә иаауеит Есилиурт, Буламур, Чырдак – азгәаҭа). Ацентр анапхагара иҟарҵаз ааԥхьарала ари агәырӷьа хҭысгьы рхы аладырхәит Инар Гыцбеи Аҳмаҭ Ҳапати, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа, Адана иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Џьумали Наԥшь, Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩи алахәылацәақәаки, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлаа, апровинциа аиҳабыра, администрациа ахада, аполициа реиҳабы, ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат.

«Зегь гәырӷьахәны имҩаԥысит. Ацеремониа аофциалтә хәҭа аамышьҭахь Ҭырқәтәыла иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа алшара аԥырҵеит ахҭыс иалахәыз аҭыԥантәи адиаспора ахаҭарнакцәа Аконгресс алаларазы анкетақәа хадырҭәаартә еиԥш. Ари аус активла имҩаԥысит, ауаа ирҭахны, ргәацԥыҳәаны Аконгресс алаларазы анкетақәа хадырҭәаауан», – иҳәеит Инар Гыцба.

Иара иажәақәа рыла, ҿыц иаԥҵаз аҭыԥантәи аҟәшақәеи акультуратә хеидкылақәеи аԥсуа-абаза диаспора зегь реиҳа ижәпаҩны иахьынхо ҳәа иԥхьаӡоу араионқәа акыр ирцәыхароуп.

«Абас инахароу арегионқәа рҟны инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҽеидкылара ахьыргәаԥхаз иҳанаҳәо уи оуп, ҳмилаҭтә культура аиқәырхара аҵакы еилыркаауеит, уи аус аҿы еилаҵәахьоу егьырҭ акультуратә центрқәеи аҭыԥантәи аҟәшақәеи аус рыцрулар рҭахуп», – ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.  

Иара даараӡа иахәҭаны иԥхьаӡоит АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь идҵа инақәыршәаны, аԥсуа-абаза диаспора ахьрацәаҩу Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра апроцесс ацҵара, избанзар арҭ аструктурақәа ауаа реидкыларазы ихәарҭоуп, ҳажәлар ретнокультуратә ҭынха ахьчареи аизырҳареи аидеиа иазхьанарԥшуеит.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәыла иҟазаара иалагӡаны Аргеионалтә ҟәшеи аҭыԥантәи аҟәшақәеи рхаҭарнакцәа дырԥылеит, есышықәса Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысуа акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы. Сынтәагьы иара мҩаԥысуеит ҳазҭоу амза 23-26 рзы. Убасгьы, АААК арегламент инақәыршәаны, Инар Гыцбеи Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгареи еилацәажәеит аӡынразы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизара ду ахь Ҭырқәтәылантә иаауа аделегатцәа ралхра  азҵаара.

Иахьазы Ҭырқәтәыла иаарту Аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара 10 ыҟоуп, Аԥсны иахьаҵанакуа – 43.