Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа 20-ҩык Аҟәаҟа ныҟәара иааргеит.
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша 2025 шықәсазы иацнаҵоит апроект «Аимадара». Раҧхьатәи аҭыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы Аҟәа еиҿыркааит акультуратә программа. Ахәыҷқәа рҭааит анышәаҧшьӡратә студиа «Рама», анаҩс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи.
Астудиа «Рама» аҟны ашколхәыҷқәа рхы ԥыршәеит анышәаҧшь аус адулараҿы. Напхгара рызҭоз аҟазацәа рыцхыраарала ахәыҷқәа иҟарҵеит аҿақәа, ачанахқәа, еиуеиҧшым асахьарҧшьшьақәа, урҭ ирнырҵеит еиуеиҧшым аџьоуҳарқәа. Напыла иҟарҵаз аалыҵқәа, ахәыҷқәа ранацәа ҳамҭас ирырҭоит.
«Сара уаанӡа арҧшьшьараҿы схы ҧысымшәаӡацызт. Ари амастер-класс иснарҵаз даара ирацәоуп. Агәра ганы сыҟоуп егьырҭ алахәцәагьы ишыргәаҧхаз. Ҳазегьы аалыҵк-аалыҵк ҟаҳҵеит. Уи хәажәкырамза 8 сан ҳамҭас илысҭоит, сгәыӷуеит илгәаҧхап ҳәа», - лҳәеит аҵаҩы Даиана Ҭарҧҳа.
Амастер-класс ашьҭахь ашколхәыҷқәа амузеи ахь имҩахыҵит. Ҳтәыла аҧсабареи, агеографиеи, ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны, ҳаамҭазтәи амшқәа рҟынӡа Аҧсны аҭоурыхи ирызку ауадақәа рыҟны ашколхәыҷқәа ирзыҧшын илахҿыхыз аекскурсиа.
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша аспециалист Херсон Симониа иазгәеиҭеит ҳазҭоу ашықәс азы апроект аиҭахацыркра маншәаланы ишымҩаҧысыз.
«Апроект хықәкыс иамоуп ҳтәыла ақыҭашколхәыҷқәа рзы арҵаратә ҧсшьара аиҿкаара. Уахь иаҵанакуеит аблахкыгарҭақәеи, амузеиқәеи егьырҭ аҭыҧқәеи иахь аекскурсиақәа. Сынтәа раҧхьатәи аҭыҵра еиҿаҳкааит Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы. Ашкол анапхгара рзыҳәарала урҭ ирзеиҿкаан анышәаҧшьӡратә студиеи амузеи рҭаара. Ахәыҷқәа амш шырхыргаз ргәаҧхеит - ирацәоуп ҿыцны ирбаз-ираҳаз, ргәалаҟазаара шьҭыҵит, насгьы ргәы хыҭхыҭуа ирзыҧшын рхала иҟарҵаз аалыҵқәа. Убри ауп апроект ахықәкы хадагьы», - ҳәа азгәеиҭеит Симониа.
АААК 2019 шықәса инаркны имҩаҧнагоит арҵара-рлахҿыхратә ҟазшьа змоу апроект «Аимадара». Апроект агеографиа еиуеиҧшым. Алахәцәа зҭаауа аблахкыгарҭақәа рахь иаҵанакуеит Афонҿыцтәи аҳаҧы, Оҭаҧтәи аҳаҧы, амилаҭтә парк «Аҧсны», Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа, «Алымқәа рпарк», амшынҳәаӡсарҭа, ауахәамақәа, амузеи. Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп аиҧш зеиҧшу аныҟәарақәа ақыҭашколхәыҷқәа рзы анаҩсгьы реиҿкаара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.