Кавказ ашьхарыуа жәларқәа мчыла Османтәи аимпериахь рхырҵәара 155 шықәса ахыҵра инамаданы, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Аҟәа игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит, иара убас «Ашьамаҟа» захьӡу агәаларшәагатә цахақәа ршеит Аԥсныи Ҭырқәтәылеи.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара ршьеит, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҩаша, лаҵарамза 21 рзы.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит абарҭ агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара иалнаршоит ҳәа «аҭоурых адырреи уи ҿыц игыло абиԥарақәа рзеиҭаҳәареи аҵак ду шамоу ашьақәырӷәӷәара, абас иҟоу аусқәа адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспора иаҳагьы еидызкыло мчыс иҟоу».

Абри аҽны аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

«Аԥсуа-абаза, аубых, адыга жәларқәа уҳәа убас егьырҭ ашьхарыуа жәларқәа мчыла атәым дгьылқәа рахь рахгара атрагедиа155 шықәса ахыҵуеит. Убасҟан иҟалаз арыцҳара амшала ҳхылҵшьҭрақәа иахьа адунеи атәылақәа 50 инареиҳаны ирылаԥсоуп. Арҭ ахҭыс хлымӡаахқәа ҳхашҭраны иҟаӡам, еснагь иҳацзаауа убри агәалашәара ҳацхраароуп ҳнаҩс игыло абиԥарақәа рзы аԥеиԥш лаша аагара аус аҿы», – иҳәеит иара.

Егзакь иазгәеиҭеит Аконгресс алахәцәа зегьы шеиднакыло «ҳажәлар рлахьынҵа ахӡыӡаара, аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы хәарҭас ҳҟаландаз ҳәа аҽазышәара».

«Аконгресс аусура ззынархоу раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа ретнокультуратә акзаара арӷәӷәароуп, иара убас рсоциалтә-економикатә, ркультуратә ҿиара ацхраара, аиуратә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи реизырҳареи, аԥсуа-абаза диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арҭбаара», – ҳәа ациҵеит иара.

Кавказтәи аибашьра аилгара 155 шықәса ахыҵра иазкны Аконгресс иаԥшьнагеит иагьымҩаԥнагеит акциа «Ашьамаҟа». Уи мҩаԥысит Аԥсны ақалақьқәеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи рҟны. Ашьамаҟа зныз агәаларшәагатә цахақәа зқьы инареиҳаны ирызшан ари аҽны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳажәлар гәалсрала изџьабоз ауаа.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы агәаларшәагатә цахақәа ршон Аконгресс ахаҭарнакцәа «Нарҭаа рымца» аиқәҵараан, иара уа Амҳаџьырцәа рбаҟа ахьгылоу азааигәара.

Инар Гыцба иажәақәа рыла, ари акциа есышықәса имҩаԥгалахоит. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ агәыӷра ааирԥшит агәаларшәагатә цаха «Ашьамаҟа» аамҭа еиқәаҵәақәа ирылаӡыз Кавказ ажәларқәа ргәалашәара иасимволхоит ҳәа.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын Ҭырқәтәылантә зҭоурых ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриантцәа. Суреиа Чаха – хылҵшьҭрала дубыхуп, аџьабара амш аҽны абаҟахьы дааит, XIX-тәи ашәышықәсазтәи атрагедиатә хҭысқәа ирылаӡыз лабдуцәа лгәалалыршәарц. Лара излалԥхьаӡо ала, «абри аҩыза аусмҩаԥгатәқәа рылахәра аҵак ду амоуп аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы рзы».

«Ҳажәлар мчыла ршьам дгьыл ианахырцоз урҭ ашықәс еиқәаҵәақәа ҳхашҭыр ҟалаӡом. Ҿыц игыло абиԥарақәагьы абри ҳҭоурых рхашҭны иҟамлароуп ахаан,» – ҳәа азгәалҭеит лара.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа абаза диаспора ахаҭарнакцәагьы Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа раԥхьа днаргыланы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәара ршьеит аҭырқәа қыҭа Бабалы инеины – ари аҭыԥахь ауп Аԥснытәи ахҵәацәа раԥхьа иахьықәнагалаз.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш 155 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Кандыра араион, Бабалы ақыҭан

Адиаспора ахаҭарнакцәа гәацԥыҳәарала иадгылеит акциа «Ашьамаҟа», ргәы иадыркуан агәаларшәагатә цахақәа Аԥсны иҟоу аԥсуааи адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны инхо ҳџьынџьуааи дареи шаӡәыку аарԥшуа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит иара убас Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликаҿы. Ахеидкылақәа "Абазеи" "Алашареи" рхаҭарнакцәеи, АААК алахәцәеи шәҩыла абираҟқәа кны амитинг ахь инеит. Ҟарачы-Черқьестәыла ауаажәларра Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Черқьесск ақалақьаҿ игылоу урҭ рбаҟа аҿаԥхьа амитинг еиҿкааны.

Аџьабара амш лаҵарамза 21 рзы азгәаҭара машәырым. Ари аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы (иахьазы Урыстәыла иахәҭаку Краснаиа Полиана – аред.) арратә парад мҩаԥысит шәышықәсабжак ицоз Кавказтәи аибашьра анҵәара ахьӡала. Шәнызқьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыра рлахьынҵа аӡбеит ари аибашьра. Наџьнатә аахыс изқәынхоз ршьам дгьылқәа ныжьны Османтәи аимпериахь ихҵәар акәхеит, уантәи адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоуп.