Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 ахь аӡы неиуа иҟанаҵеит.

Саид Барганџьиа

Гәдоуҭа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилак Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 ахь аӡымҩангага ылнагеит.

1996 шықәсазы ари ашкол аҿы абылра ҟалеит. Усҟан аӡәгьы ааха имоуит, аха уи нахыс ашкол ахыбра иаҿаԥшьыз аӡымҩангага аус ауамызт: арҭ ашықәсқәа зегьы ашкол агәараҟынтә ведрала аӡы ааргон.

Ашкол аиҳабыра АААК ацхыраара рынаҭарц аҳәара ҟарҵеит. Гәдоуҭа иҟоу аҭыԥантәи аҟәша ахеилак зыԥшрак ҟамҵакәа апроблема аӡбара нап адыркит, фымш рылагьы ашкол ахь 200 метра инаӡо аӡымҩангага наргеит.

Аконгресс Гәдоуҭатәи аҟәша ахеилак анапхгаҩы Амра Лакәиа еиҭалҳәеит, аӡымҩангага аахәаразы аԥара аидкылара уаанӡатәи асхемала ишымҩаԥысыз. Ишәгәалаҳаршәоит, уаанӡа Гәдоуҭатәи аҟәша ақалақь арҽеира аганахьала ҩ-проектк шынанагӡахьаз, «краудфандинг» ҳәа изышьҭоу згәы иаҭаху рыбжьара аԥареизгара ала.

«Аԥара еидыркылеит сҩызцәа, аха уаанӡеиԥш уажәгьы рыхьӡ ҳамҳәарц иаҳаҳәеит. Аԥеирзгара рхы аладырхәит иара убас згәы былуа атәылауаагьы. Гәдоуҭа ақалақьуаа Ека Квеселааи Рауль Агрбеи ашкол ҳамҭас иарҭеит аӡәӡәага агарнитур ацны, иара убас абоилер, АААК Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуа – анапырӡәӡәага. Ақалақь ахадара ашьақәыргыларатә усқәа рзы иаҭахыз атехника ҷыдала ҳаиқәнаршәеит», – лҳәеит Амра Лакәиа.

Лара лажәақәа рыла, аӡымҩангага аахәаразы еидкылан 12 нызқьи 730 мааҭ аԥара. Иаҭахны иҟаз аматериал ахәҭак агәыҳалалцәа хәыда-ԥсада иахьрырҭаз аҟнытә, ари еизгаз ахарџь азхеит. Лакәиаԥҳа иазгәалҭеит, аӡымҩангага аидкыларазы 13 нызқь шәатәын ҳәа, аха «аҵыхәтәан аӡымҩангага шьҭазҵаз АААК Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуеи АААК Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны иҟоу ИАЕ «Алашара» анапхгаҩы Алиас Аибеи роуп», Аконгресс аусзуҩцәеи, ашкол аусзуҩцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыцырхырааны.

Ашкол адиректор Зулета Барцыц абри аус азы иҭабуп лҳәеит, ӡыда шаҟа уадаҩра рхыргоз атәгьы азгәалҭеит.

«Ашьышьмахьы инеиуаз акоммуникациа ҳәа акгьы ыҟамызт. Ашкол аҿы ӡырԥхоума, ӡыхьшәашәоума акгьы ааиуамызт. Ведрала иааҳгон. Даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит Аконгрессаа абас иахьҳацхрааз азы, уи ҳара ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит», – лҳәеит адиректор.

Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуа иганахьала ахәшьара ҳаракы аиҭеит Гәдоуҭатәи аҟәша аусушьа, хаҭалагьы Амра Лакәиа аус лазнеишьа, «Аконгресс азы дыԥшаамҭа лыԥшаахуп» ҳәагьы лхиҳәааит.

«Лыкәша-мыкәша илбо зегьы илызгәакьоу акеиԥш дазыҟоуп. Зегьы ззеиԥшу ҳәа рымҳәалои, убри аҩыза зынӡа илылаӡам. Есымшааира иҟоу аиӷьтәра дашьҭоуп. Лықалақь лгәы азыбылуеит», – иҳәеит Леван Торчуа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа иҟоу аҟәша ахеилак аԥҵан жьҭаара 3, 2019 шықәсазы. Уи актив иалоуп: анапхгаҩы Амра Лакәиа, нас Ахеилак алахәцәа – Инал Анқәаб, Алмасхан Џьниа, Ҳамида Гыцԥҳа. Уаанӡа Ахеилак амчала Гәдоуҭа иргылан аспорт аҽазыҟаҵаратә ԥырҟьақәеи адәахьтәи аҟьамсареизгарҭа ҿыцқәеи.