Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ-и» апандемиа амшала ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭа аиҿкаара иазку апроект «Ашьҭра» иааиуа аԥхынрахьы ииаргеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ-и» ирыӡбеит ашколхәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаара иазку апроект «Ашьҭра» аҿҳәара инахарц Аԥсны акоронавирус алаҵәара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны. Аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит апроект ишацҵахо 2021 шықәса аԥхынразы, еиҳа инарҭбаау апрограмма аманы.

Аконгресс иатәу Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит апроект «Ашьҭра» хықәкыс ишамоу ақыҭа школқәа ирҭоу ахәыҷқәа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа рахь адырраеизырҳаратә ныҟәарақәа рзеиҿкаара. Аныҟәарақәа убас еиԥш ирызхәыцуп, абжьыуатәи ахәыҷқәа Бзыԥ аганахь иҟоу акрызҵазкуа аҭыԥқәа ирҭаартә, Гәдоуҭа араион ахәыҷқәа ракәзаргьы убас, Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭахьы иҟоу аҭоурыхтә ҭыԥқәа рбартә еиԥш.

«Ҳара ҳахьӡеит хԥа-ԥшьба екскурсиа рымҩаԥгара. Аныҟәарақәа раан ахәыҷқәа ирзеиҭаҳҳәон иахьыҟоу аҭыԥ ҭоурыхс иамоу, аинтерес зҵоу афактқәа рзааҳгон, ашколтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирмаҳауа. Џьгьардатәи ахәыҷқәа Лыхнашҭа иаҳгеит, Лыхнытәи аныхабааи, Х-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуа аҳцәа раҳҭынреи дҳарбеит. Драндеи, Тамшьи, Уарчеи ақыҭақәа рҟынтә аҵаҩцәа Анаҟәаԥиатәи абаа иаҭааит. Абраҟа иазгәаҭатәуп, ашколхәыҷқәа рымацара ракәмызт ари аҭоурыхтә ҭыԥ раԥхьаӡа акәны зыблала избаз, урҭ ирыцыз рырҵаҩцәагьы уажәаԥхьа Аԥсара ашьха ихамлацызт», – ҳәа еиҭалҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, апроект иалахәхахьеит 80-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа.

«Ари ахыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳахон аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳԥырхагамхазҭгьы. Иаԥаҳхыр акәхеит иазԥхьагәаҭаны иҳамаз Ҟәланырхәатәи ашколхәыҷқәа Бедиатәи аныхабаа дырбара иазкыз аныҟәара, иара убас Лыхнытәи ашколхәыҷқәа Отаԥтәи аҳаԥахьы ргарагьы. Ҳгәы иалоуп ҳапланқәа аҵыхәтәанынӡа иахьаҳзынамыгӡаз, аха ҳгәыӷуеит иааиуа аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан иазгәаҭаны иҳамаз аныҟәарақәа зегьы мҩаԥаҳгап ҳәа», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, апроект ахәыҷқәа рзы абас еиԥш ихамышҭыхәны ишзыҟамлоз ауаажәларратә хеилак «АМЧ» анапхгаҩы Алиса Ԥачалиа лакәымызҭгьы, уи иҟалҵоз ацхыраара ахә ашьара уадауҩп ҳәагьы ацылҵеит. Ақыҭахәыҷқәа рзы абас еиԥш аныҟәарақәа реиҿкаара аидеиа ахаҭа зтәу «АМЧ» ауп: уажәаԥхьагьы ари аиҿкаара аиԥш зеиԥшу аныҟәарақәа мҩаԥнагахьан Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы.

Аныҟәарақәа раан ашколхәыҷқәа аҭоурых иадҳәалоу аинтерес зҵоу адыррақәа ахьроуа адагьы, аамҭа иԥнашәахьоу, еиуеиԥшым аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзеиҿыркаауеит. Абасала апроект аиҿкааҩцәа аԥсуа хәмаррақәа рыларҵәара аусгьы иацхраауеит.

«Ахәыҷқәа аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рыла еицлабуан, рымаха-шьаха ахьынӡаӷәӷәоуи рыласшьеи аадырԥшуан. Ари аус аиҿкаара қәҿиарала ихахьы игеит Арсоу Хәаԥшыхә, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут ахԥатәи акурс астудент, атеатралтә цәа зыҟәну ақәгыларақәа ррежиссиор изанааҭ ала аҵара зҵо. Ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ираҳаит ахәмаррақәа «Џьит», «Ачыфт», «Амба» уҳәа реиԥш иҟоу рыԥҟарақәа. Ҳара аиҿкааҩцәа ҳзы акыр игәыхыҭхыҭран: ахәыҷқәа иргәаԥхару ажәытә аԥсуа хәмаррақәа ҳәа? Зегьы иҳамдыруеи иахьатәи аамҭазы ишыуадаҩу аинтернет-хәмаррақәа ираԥызго акы ахәыҷы идгалара. Аха Арсоу Хәаԥшыхә иазнеишьа абзоурала, ахәыҷқәа абарҭ ахәмаррақәа ргәаԥхеит, игәырӷьаҵәа, иччо-ихәмаруа ихәмаруан. Ҳара уи збозгьы ҳгәахәара ҳәаак амамызт. Иазгәаҭатәуп Џьгьардатәи ахәыҷқәа Лыхнашҭаҿы «Ашьапԥықәсра» ишыхәмаруаз, аетнографиатә литератураҿы иуԥыло абри ахәмарра ахҳәаагьы иара уа Лыхны акәын иахьыҟаҵаз», – лҳәеит Аҳәса рхеилак анапхгаҩы.

Аныҟәарақәа раан ахәыҷқәа анышьҭырхлак иаразнакала шьыжьхьа аҳасабала какалк ддыркуан (ачаӡырҭа «Акалаҭ» аҟынтә ахаа-мыхаақәа, ашәырӡқәеи ашәыри – аред.). ахәыҷқәа акранырфалак ашьҭахь аԥсуа ашәақәа ҳәо, еиқәҿыҭуа амҩа ианылон, аамҭа еицырхыргон, дара-дареи, Аконгресс аусзуҩцәеи, «АМЧ» ахаҭарнакцәеи, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәеи ирацәажәауа. Аекскурсиа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа адәаҿы рхәы рхианы акрырҿарҵон, нас идырхәмаруан.

«Апрограмма иалан аинтерес зцу даҽа елементкгьы – ҳара дҳацныҟәон зхатә ашәақәа аԥызҵо аԥсуа шәаҳәаҩы Славик Амҷба, иара агитара ианҵаны иҳәон ашколаамҭа иазкны иаԥиҵахьаз ашәақәеи, аибашьра ашәақәеи. Аконгресс ахьӡала иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аамҭа ԥшааны дахьҳавагылаз, ахәыҷқәа гәыбылрала дахьрызнеиуаз азы!» – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы атуристтә маҵзура «Аԥсуа-тур» адгылара шыҟанаҵаз, уи аиҳабы Елизавета Маланиа иҭабуп ҳәа лалҳәеит ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада аекскурсиа ахьымҩаԥыргаз азы.

«Амаҵзураҿы аус зуа аҿарацәа хазынақәа аинтерактивтә ҟазшьала ахәыҷқәа аматериал рызнаргеит, ашколхәыҷқәа ажәак ҳаҩҳмыршәандаз ҳәа иӡырҩуан, рхаҭақәагьы ирҵахьоу ргәаладыршәон – Аԥсны абжьарашәышықәсазтәи аҭоурых аҟынтә ираҳаҳьаз афактқәеи, арыцхәқәеи, ахьӡқәеи», – ҳәа ацылҵеит Арӡынԥҳа.

Атуристтә еилакы «Аԥсуа-тур» ахаҭарнак Сандро Ԥачлиа иазгәеиҭеит аилак анапхгара иаразнакала иақәшаҳаҭхеит ҳәа ари апроект адгылара аҭара, уи моу иҭабуп ҳәагьы ахырҳәааит апроект «Ашьҭра» адгылаҩс аҟаларазы дара ахьаарыԥхьаз.

Ас еиԥш иҟоу аидеиа адымгылашьа ҳамамызт. Аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәарақәа анеиҿаҳкаауа, ҳара ҳтәылауаагьы ҳхаҳмыршҭуазароуп. Еиҳаракгьы ахәыҷқәа идҳарбалароуп ҳтәылаҿы акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҭыԥқәа», – ҳәа «Аԥсуа-тур» агәаанагара ҳацеиҩишеит уи ахаҭарнак Сандро Ԥачлиа. Иахьазы изыхьӡахьоу аихшьала азыҟаҵауа Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит, 2020 шықәса зегьы рзы ишыуадаҩызгьы, акрызҵазкуа ари апроект ахацыркра шалыршахаз, иара убас ахәыҷқәа аԥсуа хәмаррақәа иахьынӡарызҿлымҳау, ашколқәеи арҵаҩцәеи ари аҩыза апрограмма аҽалархәра иахьынӡазыхиоу аилкаара шалшаз.

«Уажәшьҭа ҳара агәра ганы ҳаҟоуп абас еиԥш апроект ахәыҷқәа даара ирҭахны ишыҟоу, иагьшыргәаԥхо. Аԥхынра анбааиуеи ҳәа ҳаԥшуп!» – ҳәа лажәа хлыркәшеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

Абри алкаа шҵабыргу шьақәнарӷәӷәоит ашкол арҵаҩцәа рымадара иаанашьҭуа алҵшәақәагьы. Хаҭала иааҳгозар, Драндатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа ахыҭҳәаа рыҩит ииасыз аԥхынразы зегь реиҳа ргәалашәараҿы инхаз амш иазкны. Ахәыҷқәа зегьы, доусы иара итәала, аха еицҿакны, аӡбахә рҳәеит Аконгресс иацны Анаҟәаԥиаҟа рцара амш ргәы ишҭымҵәо. Аконгресс акоманда рзы гәахәара дуун абри амш абасала иахьырхыргаз, рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа акәны иахьырыԥхьаӡаз. Уарчатәи ашкол аҵаҩы Алмас Ҵәыџьба раԥхьаӡа акәны Анаҟәаԥиатәи абааш даҭааны дыҟан, уи даараӡагьы деигәырӷьеит.

«Автобус ҳахьақәтәазгьы аҭоурыхқәа ҳзеиҭарҳәо иалагахьан, ашәақәа ҳҳәон. Ҳәара аҭахума, аекскурсиа ахаҭа сгәаԥхеит, иара убас апикникгьы, аԥсуа хәмаррақәагьы», – иҳәеит аҷкәын.

Џьгьардатәи ашкол аҵаҩы Аинар Џьынџьал игәалаиршәеит иҩызцәеи иареи Лыхнашҭа ишаҭааз.

«Ахҭыс дуқәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа уанырҭаауа угәы шьҭыҵуеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит абри апроект еиҿызкааз!» – иҳәеит аҵаҩы.

Аекскурсиақәа руак ахь ахәыҷқәа дрыцныҟәеит АААК Аҿар рхеилак алахәыла Сандро Делба. Иара излаиҳәаз ала, ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа иахьынӡауа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп.

«Сара избон ахәыҷқәа шаҟа рыблақәа ҭырхаха иӡырҩуаз, инаԥшааԥшуаз. Урҭ реиҳараҩык раԥхьаӡа акәны аекскурсиаҿы иҟан. Сара сеигәырӷьоит абас еиԥш акрызҵазкуа апроектқәа назыгӡо акоманда сахьахәҭаку», – иҳәеит Сандро Делба.

Апроект «Ашьҭра» раԥхьатәи аекскурсиа мҩаԥысит ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы. Апроект аетапқәа рыфба ирылагӡаны Аԥсны ақыҭашколхәыҷқәа рзы аекскурсиақәа мҩаԥысраны иҟан. Апроект цәыббрамза 12 рхы ихыркәшахар акәын, аха акоронавирус апандемиа иахҟьаны инахоуп.