Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Иракли Харчлааи Аԥсны аҳҭныкалақь аҿы ахәыҷтәы ныҳәа еиҿыркааит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Иракли Харчлааи ԥхынгәы 8 рзы ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥыргеит Аҟәа, Ажәытә ҳабла иахьаҵанакуа. Аныҳәа еиднакылеит шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.

Ари аусмҩаԥгатә аҭыԥи арыцхәи ралхра машәырны иҟамлаӡеит. Ажәытә ҳаблеи уи акәша-мыкәша иҟоу араионқәеи рҟны ԥшьышықәса раахыс есышықәса Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны ахәыҷтәы ныҳәа мҩаԥысуан. Уи еиҿикаауан Аҟәа ақалақьтә еизара адепутат Иракли Харчлаа.

Аха сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны ари аныҳәа иахыган, иагьымҩаԥган ԥхынгәы 8 рзы – Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш аҽны. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари амш азгәарҭоит атәылақәа жәпакы рҿы.

Аныҳәаҿы АААК ахаҭарнакс иҟаз, Санкт-Петербург иҟоу АААК арегионалтә ҟәша Ахеилак ахантәаҩы Ҭемыр Рекәаа еиҭеиҳәеит сынтәа ахәыҷтәы ныҳәа аиҿкаараҿы ацхыраара ирҭарц азы Аконгресс дшадҵаалаз Аҟәа ақалақьтә еизара адепутат.

«Иракли ҳа ҳҿы данааи, иаразнакала уи иаԥшьгара ҳадгылеит, ҳицхрааит. Абасала, сынтәа ари уажәшьҭа ахԥатәи ныҳәоуп Аконгресс еиҿнакаауа. Ҳара ҳзы арҭ аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду рымоуп, избан акәзар иаҳбоит ахәыҷқәа шгәырӷьо, ишыччо, уи еиҳау иҟоузеи», – иҳәеит Рекәаа.

Иракли Харчлаа иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы ирҭаз адгыларазы.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аконгресс акоманда зегьы, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥхьа днаргыланы, иҟасҵаз аҳәара шәахьахаҵгылаз азы», – иҳәеит иара.

Аныҳәа аиҿкааҩцәа гәыкала иҭабуп ҳәа рарҳәон ахәыҷқәа ранацәеи рабацәеи.

Убас, Нанули Шьынқәба илыԥхьаӡоит абри аҩыза аныҳәақәа «хымԥада имҩаԥгалатәуп» ҳәа, еиҳаракгьы адунеи зегьы апандемиа иамҽхакны ианамоу аамҭазы.

«Ахәыҷқәа гәырӷьаҵәа иҟоуп, ус анакәха, ҳаргьы ҳрыцгәырӷьоит. Иҭабуп иҳашәҭаз азҿлымҳаразы, даара ҳгәы иахәеит», – лҳәеит лара.

Ҳәара аҭахума, насыԥла иҭәыз ахәыҷқәа рхы-рҿқәа унарыхәаԥшыр ажәадагьы зегь еилукаауан. Ари аныҳәа зегьы ргәы иақәшәо иҟалеит. Ахәыҷқәа кәашон, ашәа рҳәон, бзиа ирбо амультфильм афырхацәа ирахәмаруан, рпатреҭқәа рыцҭырхуан. Егьырҭ аныҳәақәа рҟны ишыҟаз еиԥш араҟагьы ахәыҷқәа ирзыԥшын зегьы бзиа еицырбаз ақьаадтә шоу лахҿых.

Кира Хмаил быжь-шықәса лхыҵуеит. Лара аныҳәахь дымҩаҳыҵит лани лаби дрыцны. Аӡӷаб хәыҷы илҳәеит ҵыԥх Аҟәа имҩаԥысыз ахәыҷтәы ныҳәагьы дшаҭааз. Усҟангьы, уажәгьы илбаз даара ишылгәаԥхаз. Сынтәатәи аныҳәаҿы Кира иалылкааит ақьаадтә шоу.

«Сара даараӡа исгәаԥхеит аныҳәа, илахҿыхуп зегь рыла. Иҭабуп идуӡӡаны!» – лҳәеит лара.

Аиашьеи аиаҳәшьеи Леони Наалеи Кәыҵниаа аттракционқәа зегьы рхы рыладырхәит, бзиа ирбо амультфильмқәа рфырхацәа ирыдгыланы аселфи ҭырхит. Наала еиҳарак ахәмаррақәа лгәаԥхеит, Леон иакәзар – акәашара. Аҷкәын хәыҷы ҩ-ажәак рыла иҳәеит аныҳәа шаҟа игәы иақәшәаз:

«Аныҳәа џьашьахәын. Саҳәшьеи сареи аамҭа бзиаӡаны иаҳхаҳгеит», – иҳәеит иара.

Ахҭыс иалахәыз даҽа ҷкәына хәыҷык – Нестор Качабава – азныказы ахәыҷқәа зегьы рыжәпара даламлеит, аха аицлабрақәа акы-ҩба анымҩаԥыс, игәы иамуит иаргьы. Ашьҭахь излаҳаиҳәаз ала, иара аԥхьа дыԥхашьон, аха нас зегьы шыхәмаруаз аниба, иаргьы алахҿыхра датәнатәит, дрыцлар иҭаххеит.

«Сара зегь даара исгәаԥхеит. Ҳара ашәақәа ҳҳәон, ҳкәашон, ҳахәмаруан. Иҭабуп ҳәа расҳәоит абри амш ҳзеиҿызкааз!» - иҳәеит иара.

Уажәаԥхьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахәыҷтәы ныҳәақәа еиҿнакааит Очамчыра араион иатәу Аҭареи Ԥақәашьи ақыҭақәа рҿы, урҭ ирҭааит ааигәа-сигәатәи ақыҭақәа рахьтә ахәыҷқәагьы. Иааидкыланы аныҳәақәа ирылахәын 500-ҩык инареиҳаны ахьыбҿар.