Сҭамԥылҟа иаауа аԥсшьаҩцәа, ачыс лыԥшаахқәа ргьама абара иашьҭоу зегьы хымԥада извымсуа ҭыԥуп, кавказтәи адиаспора рхаҭарнакцәа реиԥыларақәа ахьымҩаԥысуа, аԥсабаратә аалыҵ цқьақәа мацара ирылху афатә ахьыҟарҵо аресторан «Сылашара». Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа милаҭтә ресторан иҵегь бзиарақәас иамоу ртәы шәаԥхьар шәылшоит АААК иазнархиаз арепортаж аҟны.
Асҭа Арӡынԥҳа
Аԥсуа иеишәаҿы ичыс хадоу – абысҭа – Аԥсны ҿахрала ианырҵоит, доусы иара ичанах аҟны, Ҭырқәтәыла акәзар, аишәа иахатәоу зегьы ирзеиԥшу асаан ду аҟны ианырҵоит, анаҩс доусы ихәы ршоит. Абас оуп ишыҟарҵо аресторан «Сылашара» аҟынгьы.
«Ԥсыуала абысҭа бзиаҵәҟьа ууырц азы маӡас иҟоу – аҟьатҟьат қәнагала ианеилашлак, умццакыкәа, ибзианы еилырхуа ашыла алаԥсароуп», – ҳәа абысҭаура акәамаҵамақәа еиҭеиҳәоит милаҭла иаԥсыуоу, Сҭамԥыл ақалақь инхо Ҳалуқ Саӡба, миллионрацәала ауаа зланхо ари амегаполис аҟны иакзаҵәыку аԥсуа чыс аресторан аазыртыз.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рхы иадырхәо аџьықәреи ҟаԥшь иалҵуа ашылоуп. Ҳалуқ агәра ганы дыҟоуп, ашыла ҟаԥшь иалху абысҭа еиҳа ижәытәтәиуп ҳәа. Аратәи абысҭаушьа шамахамзар зегь рыла Аԥснытәи еиԥшуп, акызаҵәык – Ҳалуқ маҷк аџьыкахыш нҭаиԥсоит ичуан, Аԥсны акәзар, абысҭа зынӡагьы ирҵаауам.
Ҳара ҳтәқәа рзгьы, зегьы-зегь рзгьы
Ҳалуқ Саӡбеи уи иԥшәмаԥҳәыс Гиулаи Храҿеи хышықәса раахыс аресторантә усхк рнапы алакуп. Ҳалуқ аиҿқааратә, аиқәыршәаратә усқәа инапы рылакуп, Гиулаи – шеф-поваруп, ахәы ҟалҵоит. Аҭаацәаратә бизнес қәҿиарала иҿиоит, алҵшәақәагьы аанашьҭуеит: аресторан аҭааҩцәа иргәаԥхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа реиԥш, аҭыԥантәи аҭырқәцәагьы. Аҭырқәа блогерцәеи, Сҭамԥыл ачыстә турқәа рымҩаԥгаҩцәеи иаразнакы ргәы иақәшәеит аресторан «Сылашара», урҭгьы егьырҭгьы лассы-лассы ара иубар улшоит.
Абысҭа, аҟәыд чаԥа, акәтеиҵарш – абарҭ аԥсуа чысқәа ақалақь аҿы згьамабара алшо ачыс лыԥшаахқәа рсиа дырбеиеит, ахьӡгьы ҭыргеит. Аха егьа ус акәзаргьы, аресторан зтәу зегь реиҳа игәы иахәо – «Сылашара» аԥсуа-адыга диаспора бзиа ибаны иахьеизо ҭыԥны иахьыҟалаз ауп. Сҭамԥыл ақалақь иаланхо, уи ааигәа-сигәатәи адгьылқәеи рҟынтә ҳдиаспора рхаҭарнакцәа араҟа реиқәшәарақәа мҩаԥыргоит, аҭаацәаратә ныҳәақәа азгәарҭоит. Сҭамԥыл иаҭаауа Аԥснытәи асасцәагьы, хымԥада, ари аресторан аҿы имааикәа, уи зтәу ирмабадыркәа ицаӡом. Аԥсуа милаҭтә чыс ахьыҟарҵо аресторан иаднаԥхьалеит уаанӡа Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аусура зынӡа иалахәымыз аԥсацәагьы. Ирацәаҩуп, аресторан аӡбахә заҳаны арахь иаауа, раԥхьаӡа акәны рџьынџьуаа ирабадыруагьы.
Аԥсабаратә аалыҵ цқьақәа мацара
Аресторан «Сылашара» ахыбра уамак идуум, аха даара игәыкуп, иԥшӡоуп, Сҭамԥыл ақалақь азиатәи ахәҭаҿы игылоуп иара. Аҩныҵҟатәи аиҿкаашьа зегьы аԥсуа цәа аҟәнуп, иаарту акҿаҩра аханы ахәсхәа-мыхәсхәақәа дырҩоит, авитринаҿы иқәгылоуп рнапала иҟарҵо аԥсуа џьыка ҟаԥшь. Ҳалуқ еиҭеиҳәеит аресторан аҿы афатә злырхуа аалыҵ зегьы шыцқьоу, ааигәа иҟоу аԥсуа ақыҭақәа рҟынтә ишааиго.
Ақыҭаҿы изызҳаз ауҭраҭых, ирааӡаз аԥстәы-аԥсаатә ирылху афатә даҽа гьамак амоуп. Сара сзы уи зегь реиҳа ихадоу акакәын аханатә. Аҭыԥантәи адәқьанқәа рҿы снеины акы аасымхәацт аресторан азы, дара шырацәаӡоугьы, зынӡа сааигәара ишыҟоугьы. Сара еиӷьысшьоит аԥсуа қыҭаҿы сцаны, ҳашьцәа рхала иаадрыхыз аџьықәреи, ирааӡаз акәытқәа, рнапала иҟарҵаз ашә, ахшхырҵә раахәара», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳалуқ.
Ҳалуқ Саӡба ицқьаны аԥсышәала дцәажәоит, аамҭа-аамҭала Аԥсныҟа дцалоит, иҭоурыхтә ԥсадгьыл ажәабжьқәа дрызҿлымҳауп, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора аԥсҭазаара активла далахәуп. Сҭамԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны имҩаԥысуа асасдкыларақәеи аныҳәақәеи иара далахәымкәа, мамзаргьы ичысқәа аишәа иқәымкәа иҟамлаӡацт.
Аресторан «ԥсыс иахоу» аԥҳәыс лроль
Ҳалуқ – «Сылашара» хыс дахагылазар, уи иԥшәмаԥҳәыс, ҳәарада, ԥсыс дахоуп. Гиулаи ахәыҟаҵашьа лан илҿылҵааит, лара лангьы – убас. Абасала, абиԥарала иԥымҵәакәа иаауа арецептура ахаҿра, аханатәтәи агьама иахьанӡагьы иацәымӡит.
Гиулаи лыфатәқәа ргьамалеи рыҟаҵашьалеи Аԥсны иҟарҵо иреиԥшуп. Аха ранҵашьа, рырхиашьа лассы-лаасы даҽакуп. Абысҭа атәы ҳҳәахьеит. Аҟәыд акәзар, ааигәанӡа уи ара ианыхьшәашәалак ирфон, аха Аԥснынтә хыԥхьаӡара рацәала иаауа асасцәа аресторан иахагылоу ирарҳәеит ишцоу иқәдыргылаларц, Аԥсны ишыҟарҵо еиԥш.
Ахәышҭаара гәакьа аӡыргара аҭахӡам
Ҳалуқ иресторан аӡыргара ҷыдала дашьҭам, уи иаҭахынгьы иҟам, аиашаз. Иара иаҭаауа аҭыԥ бзианы издыруа роуп, знык иааиз – ԥхьаҟагьы даалоит. Ари аҭыԥ дара рзы ихааны акрахьуфаша ҭыԥны мацара иҟам, рхәышҭаарамца иадзыԥхьало, иадызҳәало ҭыԥуп, миллионҩыла ауаа ахьынхо Сҭамԥыл агәҭаны – Аԥсны аҳра хәыҷуп.
Ҳалуқ игәҭакқәа иреиуоуп – аԥацха аргылара, ахәышҭаарамца жжаӡа иахьеиқәзаауа. Ԥсыуа ҵасла абыцала ишшны иргылоу аԥацха зеиӷьаҭамала аԥсуа культуреи, абзазареи аанарԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоит Ҳалуқ. Ҳәарас иаҭахузеи, амилаҭтә чысқәа ахьыҟарҵало уи аԥацха ҳамҭа бзиахоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора зегьы рзы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.