Аԥсуа хылҵшьҭра змоу афилософ, апублицист Мураҭ Иаган диит 1915 шықәса, ԥхынҷкәын 16 рзы. Иахьа иара диижьҭеи 104 шықәса ҵуеит.

Асҭанда Арӡынԥҳа

Иара ауаҩ дыр, аҟәыӷа, зҿаҳәатәы ҟалоз, апланетартә мҽхакы змаз аԥсуа дуӡӡа ҳәа изырҳәоит. Мураҭ Иаган иахьа уажәраанӡагьы ишьҭрақәлаҩцәа рацәаҩны иҟоуп, Аԥсны – иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы – аԥсуаа ҭоурыхла иаарго рдоуҳатә ҭынха адунеи иахьалаирҵәоз иԥсы шҭазгьы ахәшьара ҳаракӡала иалыркааит – ианашьан Ахьӡ-Аԥша аорден I-тәи аҩаӡара.

Ҳабдуцәа рдоуҳатә ҵара

Мураҭ Иаган иԥсадгьыли уи анҭыҵи реиҳа дызлардыруа – адоуҳатә ҵара Аамсҭа Қьабза закәу, изызку уҳәа инҭкааны аҩра ахьилшаз алоуп. Ари аҵара Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз ашьхарыуаа: аԥсуаа, абазақәа, адыгаа, аубыхқәа ажәытәӡатәи ркультуратә традициа шьаҭас иамоуп, адунеи аҿы «кавказаа риога» ҳәагьы иашьҭоуп.

Кавказ ашьхарыуаа адунеи изладыруа рышықәснҵыра дуи ргәабзиара ӷәӷәеи Иаган абри адоуҳатә ҵара иадиҳәалон, уи аҭыԥ дугьы ааннакылон дара рыԥсҭазаараҿы.

Ааигәанӡа Аамсҭа Қьабза атрадициақәа еиқәханы иҟан Кавказ ашьха қыҭақәа рҿы, аха XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы ииаӡаауа иалагеит, аурысқәа арҭ адгьылқәа рымпыҵархало иахьалагаз иахҟьаны ҳәа иҩуеит Мураҭ Иаган ишәҟәы «Ажәытә ҵара Қьабза. Кавказтәи асуфизм ашьаҭақәа» аҟны.

Ажәеицааира «Аамсҭа қьабза» ахаҭа ишаҳәо еиԥш, уи аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа ақьабз арҵароуп иаанаго, ауаҩы ԥсабарала илоу аҟыбаҩ рҿианы иахьеи-уахеитәи аԥсҭазаараҿы ихы иаирхәо аҟаҵара хықәкыс измоу. Уи излаҳәо ала, ауаҩы иҵараҿы цәала-жьылеи доуҳалеи иреиҳаӡоу аҩаӡарахь анеира илшоит иҷыдоу абаҩрҵәыратәи хшыҩлатәи аҽазыҟаҵарақәа ирылҵшәаны мацара.

Аамсҭа Қьабза аҵара инақәыршәаны, ауаҩы – аԥсы зхоу цәеижьым, ацәеижь занашьоу доуҳауп, ахныҟәгаразы, анеиааиразы. Ауаҩы цәала-жьыла шаҟа дыӷәӷәоу, дыԥшӡоу аҟара, уи идоуҳа ашәра, аизҳара арманшәалоит, иаҳа иазеиӷьуп.

«Шәара зегьы Ҳазшаз, ма Аҵакы шәрынҷҷалароуп. Адгьыл аҿы шәназга-аазго ацәеижь шәыҭоуп, уи шәагәылоуп. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара ҳазгәылоу ацәеижь даара акыр ҳадҳәалоуп. Апатреҭ аҿы ҳхаҿсахьа анаҳбо, ма асаркьа ҳананԥшыло, убри аимадара ҳныруеит. Аха шәара ишәҭаххар, уи адҳәалазаара арԥсыҽшьа шәҵар шәылшоит. Ҵабыргыла шәзакәыҵәҟьоу шәакәны шәҟалар, аханатәтәи шәхаҭареи шәареи шәыбжьара иҟоу иарбан ҭыԥзаалак ахь аиасра шәылшоит. Убри ақәҵәҟьоуп ҳара ҳҵара иазҿлымҳау хықәкы хадас ирымоу», – ҳәа иҩуан Иаган.

Мураҭ Иаган еснагь инаҵшьны иазгәеиҭон, Аамсҭа Қьабза – динхаҵарам, аԥсҭазаашьа азҟазароуп ҳәа, ауаҩы илоу аҟыбаҩқәа зегьы рцәыргара, абзазараҿы рхархәара илзыршо.

Афилософ ишьҭрақәлаҩцәа рахьтә реиҳа еицырдыруа ируаӡәку, Кавказтәи аиога ассоциациа ахада Заур Жанаа абас ахиҳәаауеит абри аҵара: «Аамсҭа Қьабза – Ҳазшаз илԥхеи игәаԥхеи рыцхыраарала иҵәаху ауаҩы игәырҵҟәылқәа, ибаҩхатәрақәа раарԥшреи рыҿиареи апроцесс ауп. Ауаҩы абри адисциплина еилкааны данаҿу, шьаҿа-шьаҿала ԥхьаҟа данцо, зегь рыла дгәылҭәаахоит, илоу зегьы ааирԥшратәы дҟалоит».

Кавказ шьханхыҵынтә иааз

Мураҭ Иаган диит Кавказ, Ашьхара ақыҭан, иара ари ақыҭа ҭоурыхла иаԥыз Аԥсынра ҟьаҟьа дуӡӡа аҳәаақәа ирыдикылоит. Хышықәса анихыҵуаз, ажәытә аамсҭацәа Маанаа рыжәла иатәыз иҭаацәа, зықьҩыла егьырҭ аԥсуа ҭаацәарақәа реиԥш Аԥсны иқәҵын Османтәи аимпериахь ихҵәеит.

«Сара сҭаацәара Кавказ иқәҵит, зыԥсадгьыл аанзыжьыз егьырҭ аԥсуаа зегь реиԥш игаӡақәан азы», – ҳәа иҩит Иаган иавтобиографиатә шәҟәы «Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә» ҳәа зыхьӡу аҟны.

Ҭырқәтәыла Иаган аҵара бзиа иоуит. Данхбыџха доуҳалеи цәеижьлеи иааӡара рнапы алакын аԥсуа, ачарқьас быргцәа, урҭ дагьырааӡон ажәытәтәи аԥсуа-адыга рыцарцәа раамысҭашәаратә традициақәа инарықәыршәаны.

«Сара еибашьҩык иаҳасабала срааӡон. Снапы ажьышәақәа сырҵәырц азы, есыҽны анышәаԥшь аус адызулалар акәын», – ҳәа иҩуеит иара. Анаҩс иԥкааны еиҭеиҳәон, ирҵаҩцәа ртәала, ицәеижь ашәра шымҩаԥысуаз: «Есыҽны анышәаԥшь аус адуло иануклак, унапхыцқәа ахыҵуа иалагоит, зынӡа иамҵаанӡа. Нас аҿыцқәа аауеит – иаҳа иҟәазны, ишәпаны, азныказы иҿаасҭаны. Аха хымз-ԥшьымз рышьҭахь абарҭ анапхыцқәа зынӡа рҽеиҭаркуеит, ицырцыруа, иԥшӡаӡа иааҟалоит, амармалташь иалхушәа. Акыраамҭа анышәаԥшь зкыз ауаҩы еснагь инапқәа рыла дудыруеит. Амала, ауаҩы инапқәа шаҟа иԥшӡоу аҟара иагьшәарҭоуп, амаҭ еиԥш. Ас иҟоу анапала ауаҩы ихыбаҩ ԥуҽыр ҟалоит, ма игәабыцаҟьа ыҟамызшәа игәышԥы ҭаԥуҽуеит. Анышәаԥшь аус адуларақәа рыбжьара егьырҭ адҵақәагьы насыгӡалар акәын. Сара сдырыҩуан, аԥырҟьақәа рҿы иахьынӡасзычҳауаз сыхшьын – зны сыҩнапык рыла, нас напыкала, снапқәа еиҭакуа, уи анаҩс сшьапԥынҵақәеи сшьамхқәеи рыла сыхшьын. Абарҭқәа зегь рышьҭахь афақьрсырҭахь ицатәын, нас аӡы ҵааршәыраҿы хӡааҟәрыла ҟаҵатәын», – ҳәа еиҭеиҳәон Мураҭ Иаган.

Мураҭ Иаган данқәыԥшыз аҽыбӷаҟазара даҿыгәҳәаауан. Афилософ иавтобиографиаҿы еиҭеиҳәоит еизгоу аҭырқәа команда далахәны жәларбжьаратәи атурнирқәа дышрылахәыз. Убас иара дрылахәын 1936 шықәсазы Берлин имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәагьы.

1963 шықәсазы, 48 шықәса зхыҵуаз Мураҭ Иаган иԥҳәыс Меиси ԥшьҩык ихәыҷқәеи иманы Ҭырқәтәылантәи Канадаҟа нхара диасуеит. Аҭаацәара нхарҭа ҭыԥс иалырхит Аокеан Ҭынч ахықәан ишьҭоу ақалақь Вернон, Бриатниатәи Колумбиа апровинциахь иаҵанакуа.

«Абри аиҭасра маӡас иаҵоузеи? Ҳхы азԥаҳҽуа ҳаламгап. Ихәыцуа ауаа лассы-лассы абасала ҿыц аԥсҭазаара иалагон, доуҳатә мҩаҿахҵәарак анрыԥгылоз», – ҳәа Мураҭ Иаган инысымҩа дазааҭгыло иҳәон Фазиль Искандер.

Канада дахьнеиз Мураҭ Иаган тәанчара дцаанӡа аргылаҩыс аус иуан. 1975 шықәсазы Иаган канадатәи, америкатәи иҵаҩцәа иваргыланы Аилазаара Қьабза аԥиҵеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иара ажәытә кавказ ҵара аларҵәара даҿын.

Аԥсны иреиҳаӡоу аҳамҭа занашьоу

Мураҭ Иаган дкосмополитны ихы шиԥхьаӡозгьы, Аԥсны еснагь аҭыԥ ҷыда ааннакылон иара игәаҿы. Иԥсы ахьынӡаҭаз иҭоурыхтә ԥсадгьыл аԥсҭазаашьа дазҿлымҳан, уи алахьынҵа гәыҵхас иман. Акыршықәса инеиԥынкыланы Мураҭ Иагани Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи ашәҟәеимдара рыбжьан, 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь апротестқәа ишьҭуан, аибашьра ааныркыларц азы ааԥхьарақәа ҟаиҵон.

Иара изныкымкәа гәаартыла иҳәахьан, еснагь Аԥсныҟа ахынҳәра дшазгәышьуаз, адунеи ҭыԥс дахьыҟазаалакгьы, инагӡаны сыҩны сыҟоуп ҳәа шизымҳәоз.

Игәыхәтәы наӡеит 2001 шықәсазы, иҭоурыхтә ԥсадгьыл абаразы иԥҳәыс Меиси Гогәуаԥҳаи иареи еицны ианаа.

Аԥсны адкылара бзиаӡа изеиҿыркааит. Аполитикцәа, ауаажәларратә, акультуратә усзуҩцәа уҳәа иԥылара рҽазыршәон, аԥсуа ҟәыӷадыр иацәажәара рҭахын зегьы. Уи моу, Владислав Арӡынба идҵала, Мураҭ Иаган ианашьан ҳтәылаҿы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – Ахьӡ-Аԥша аорден I-тәи аҩаӡара, аԥсуааи адыгааи рдоуҳатә ҭынха адунеи аларҵәаразы.

«Сара даара сгәырӷьоит, агәра гангьы сыҟоуп ҳаԥхьаҟа аԥеиԥш лаша шаҳзыԥшу. Сгәыӷуеит, ҳагәҭакқәа зегь наӡап ҳәа», – иҳәеит Иаган усҟан, Аԥсуа драматә театр аҟны аҳамҭа ианашьара иазкыз агәырӷьаратә церемониаҿы.

Мураҭ Иаган хара дшыҟазгьы еснагь ижәлар адгылара риҭон. Аԥсуаа рыхьӡала иааишьҭыз аҵыхәтәантәи исалам шәҟәқәа руак аҿы иара ажәлар ирыдиныҳәалон Аиааира амш.

«Ҳара, Қьабза еиднакыло ауаа, акыр ҳшышәцәыхароугьы гәыла-ԥсыла еснагь ҳшәыцуп. Даара пату ҳзақәуп гәыцқьала шәыԥсадгьыл амаҵ ахьыжәуа – аҭынчра ҭышәынтәалазарц, Аԥсны жәларбжьаратәи аҳаҭыр аиурц ахьӡала.

Шәколлегацәа рахьгьы аҳаҭырқәҵара шҳамоу ааҳарԥшуеит, иара убас зыԥсадгьыл иазааԥсо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегь уахь иналакны. Ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит зыԥсадгьыл ахақәиҭразы зхы иамеигӡаз афырхацәа, дара роуп иахьа иазгәаҳҭо Аиааира ҳзаазгаз», – ҳәа иҩуан Иаган 2013 шықәсазы.

Мураҭ Иаган ишәҟәы «Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә» даԥхьаны канадатәи ашәаҳәаҩ Лорин Маккеннит иаԥылҵеит ашәа «Night ride across the Caucasus» (Кавказ иалсуа уахынлатәи аҽырыҩра»). Ашәа ахархәара аиуит 1998 шықәсазтәи афильм «Soldier» аҟны.

«Ари ашәа аннотациаҿы лара иазгәалҭоит аԥсуааи акельтқәеи рдоуҳатә ааӡараҿы аҽыбӷаҟазара инанагӡо ароль аиԥшзаара», – ҳәа иҩуеит аҵарауаҩ Виачеслав Чрыгба иессе «Вернон инхо аԥсуа дыр» аҟны.

Мураҭ Иаган иԥсҭазаара далҵит 2013 шықәса, ԥхынҷкәын 19 рзы, Канада, 98 шықәса дшырҭагылаз. Иара иԥсы ахьынӡаҭаз ус иҳәалон: «Цәеижьла сыԥсыр, иаҳагьы сыԥсы ҭаны саанхоит» ҳәа. Иуасиаҭ ажәа инақәыршәаны, анышәынҭра имаӡам. Мураҭ Иаган иҭахӡамызт убасгьы ихьӡ ахьарбоу иарбанзаалак гәаларшәагатә дыргак, баҟак ргылазарц. Абри адгьыл аҿы ҵакык змоу шьҭа ҳәа акыр нсыжьуазар, ауаа ргәалашәареи ргәыбылреи роуп ҳәа иԥхьаӡон.