Аԥсны аиҳабыра акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа еиҳагьы идырӷәӷәеит.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит атәыла аҩнуҵҟа иназыцҵоу аԥкрақәа ралагалареи административтә ҭакԥхықәра адҵареи рзы Адекрет. Мшаԥыа 11, асааҭ 00:00 инаркны аҭагылазаашьа ҷыда арежим аанҵәаанӡа Аԥсны иахьаҵанкуа зехьынџьара амҩадуқәеи, амшын аԥшаҳәеи, ақалақь ашҭақәеи абаҳчақәеи уҳәа егьырҭ ауаажәлар реизарҭа ҭыԥқәеи рҿы аҟазаара ақәиҭымтәра алагалахоит.
Адекрет аҟны иарбоуп абарҭ аԥкрақәа рахь иаҵанамкуа атәылауаа ркатегориақәагьы. Урҭ рахь иԥхьаӡоуп агәабзиарахьчареи асоциалтә усбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи русзуҩцәа, зуалԥшьа назыгӡо аиқәырхаратә, амцарцәаратә, акоммуналтә маҵзурақәа русзуҩцәеи, амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, абанктә инфраструктура аусзуҩцәеи.
Аԥкра иаҵанакуам иара убас амедицинатә цхыраара ласы аҳәара иадҳәалоу ахҭысқәеи, ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара ианҭагылоу ахҭысқәеи.
Афатә-ажәтә, ма ихымԥадатәу амедицинатә тауарқәа раахәаразы аҩны адәылҵрагьы еилагароуп ҳәа иԥхьаӡаӡам, мамзаргьы агәамсам акажьразы иааигәаӡоу агәамеизакырҭаҿынӡа анеира. Зхы иамыхәо ауаҩы, ма 60 шықәса ирҭысхьоу аӡәы ацхыраара иуҭозар – уигьы аԥҟара еилагароуп ҳәа иԥхьаӡахом.
Аԥкра ҿыцқәа рҳәаа иҭагӡаны ауаажәларратә ҭыԥқәа ирҭаар ауеит ҩнаҭак аҿы еицынхо ауаа (ҩыџьа иреиҳамкәа).
Аԥкрақәа ирыҵаркуам иара убас ақыҭанхамҩатә усқәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ ахь ацареи-аареи. COVID-19 аламырҵәара иазынархоу аԥкрақәа раԥхьаӡа акәны реилагараан агәҽанҵара урҭоит. Аҩынтә раан еилоугар – х-нызқь мааҭ ахараԥса уқәырҵоит.Ахыԥхьакра арежим аилагаразы хә-нызқь мааҭ ахараԥса уқәырҵоит. COVID-19 имоуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу аҽыԥхьакра арежим еилеигар, жәа-нызқь мааҭ иқәҵахоит. Акоронавирус COVID-19 зманы дычмазаҩуп ҳәа ишьоу, ма аҿкы зцәа иалоу ҳәа ишьақәыргылоу аҽыԥхьакра арежим еилеигар, ҩажәа нызқь мааҭ иқәҵахоит.
Адекрет атекст нагӡаны аԥхьара >>
COVID-19 азы аоперативтә штаб есыҽнытәи реихшьалақәа
Амедицинатә зҵаарақәа рзы Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа есыҽнытәи иааԥхьараҿы адырра ҟаиҵеит ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны COVID-19 ҿыц изыдбалоу ҳәа уаҩ дшыҟам. Абасала, Аԥсны аҩнуҵҟа акоронавирус зыхьуа ҩыџьа шракәыц иаанхоит. Урҭ аҩыџьагьы Гагратәиқәоуп, ҭаацәарак иатәуп.
«Акоронавирустә чымазара ҿкы зыдбалоу апациентцәа аҳақьымцәа рнапаҵаҟа иҟоуп иахьышьҭоу Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы, рҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам, аицәахара иаҿым. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысит даҽа 11-ҩык ауаа. Авирус аӡәгьы ицәа иалам», – иҳәеит Кәанџьариа.
2020 шықәса хәажәкыра 24 инаркны Аԥсны аиҳабыра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аԥкрақәа аланагалеит – иаанкылоуп ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа, иаркуп аҵаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ҳәааркуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәеи аԥҭекақәеи рыда, ауааԥсыра реиҭанеиааира ԥкуп, иара убас егьырҭ аԥҟарақәа алагалоуп.
Хәажәкыра 28 раахыс атәылаҿы иалагалоуп Аҭагылазаашьа ҷыда: аамҭала иаркуп аԥсуа-аурыс ҳәаа адипломатцәеи аруааи рыда атәымуаа зегьы рзы, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаагьы аҳәааҿы ргәаҭара акыр ирӷәӷәоуп.
Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы ацхыраара рыҭаразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 55 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.