Мшаԥымза 11 рзтәи адыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа хҩык ирыдбалоуп ачымазара ҿкы COVID-19. Дара рыхҩыкгьы Гагратәиқәоуп.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны иахьаҵанакуа дшьақәыргылоуп акоронавирустә чымазара ҿкы зыхьуа ахԥатәи ауаҩы ҳәа адырра ҟаиҵеит амедицинатә зҵаарақәа рзы аоперативтә штаб анахгаҩы ихаҭыԥуаҩ, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа атәыла ауааԥсыра рахь иҟаиҵо есыҽнытәи иааԥхьараҿы.

Иара еиҭеиҳәеит агәаҭара ишышьақәнарӷәӷәаз акоронавирус здырбалахьаз раԥхьатәи аҩ-пациентк ирымадаз ари ауаҩгьы ачымазара ицәа ишалоу.

«Апациент 1925 шықәса рзы диит. Убыржәтәи аамҭазы ахыԥхьакра ишьоит, аспециалистцәа дгәарҭоит, ихылаԥшуеит. Иҭагылазаашьа ауадаҩрала ибжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡатәуп. Абасала, иахьазы ҳтәыла иахьаҵанакуа ишьақәырӷәӷәоу акоронавирус ахьра ахҭысқәа хԥа ыҟоуп», – ҳәа аихшьала ҟаиҵеит Кәанџьариа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ адырра ҟаиҵеит раԥхьатәи аҩ-пациентк уажәыгьы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишышьҭоу, рҭагылазаашьа аицәахара аганахь иҟам ҳәа.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысыз даҽа ԥшьҩык ауаа ачымазара ҿкы рыдбаламызт.

Алхас Кәанџьариа ауааԥсыра иргәалаиршәеит Аԥсны аус шауа акоронавирус иадҳәаланы иузцәырҵуа азҵаарақәа зегь рыла уасыр ахьалшо аимадара ҷыда.

«Аномер 0303 ахь уасны амедицинатә цхыраара уаҳәар ҟалоит, аномер 0404 ахь уасыр – апсихологиатә цхыраара урҭоит, аус ауеит убасгьы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аимадара ҷыда 920-20-95 аномер ала», – иҳәеит иара.

Гагра ақалақь ахадараҿы имҩаԥысыз аилацәажәара

COVID-19 зыхьыз ачымазцәа рыхҩык Гагратәиқәоуп. Уаанӡа атәыла аиҳабыра ачымазара ҿкы алаҵәара ҟамларц азы аԥкрақәа аларгалахьан, хаҭалагьы Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ рылаҳәан.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба мшаԥы 11 рзы Гагра араион ахадараҿы аилатәара мҩаԥигеит. Уи иалахәыз рнапы ианиҵеит ауааԥсыра рхыԥпхьакшьа иахылаԥшыша актив аԥырҵарц ақалақьтәи араионтәи адепутатцәа рнапхгарала. Убасгьы иалкаан ахыԥхьакразы иаҭаху аҭагылазаашьа змам атәылауаа 14 мшы ҳәа иахьындырхаша аҭыԥқәа.

Аилатәара цонаҵы араионтә санепидистанциа аусзуҩцәеи амедицинатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥыза-министр изеиҭарҳәеит араион аҿы русура шеиҿкаау:

«Ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба ашоура змоу ачымазцәа мацара ирызкуп. Урҭ ргәаҭараан аҳақьым акоронавирус амазааразы атест иахыжьтәуп ҳәа иԥхьаӡозар, ареспубликатә санепидстанциа заанаҵтәи ақәшаҳаҭхарала ачымазаҩ ибиоматериал анаҩс иҭырҵаарц азы иргоит», – иҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Иара адырра злаҟаиҵаз ала, ахәышәтәырҭаҿы иазхаша ахыхьчаратә маҭәашьарқәа рымоуп, акомпиутертә томографиа амҩаԥгаразы аппарат ыҟоуп. Арыԥҳақәа аҳауа рҭарсга аппаратқәа русура иадҳәалоу уадаҩрақәак ыҟоуп, аха ахәышәтәырҭаҿы хара имгакәа ҩ-аппарат ҿыцк раиура иазыԥшуп.

«Ҳара ҳхәышәтәырҭа уаала иҭәны иҟаӡам уажәы, иахьатәи амш азы еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу 25-ҩык апацентцәа ҳзышьҭоуп», – ҳәа ациҵеит аҳақьым хада.

2020 шықәса хәажәкыра 24 инаркны Аԥсны аиҳабыра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аԥкрақәа аланагалеит – иаанкылоуп ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа, иаркуп аҵаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ҳәааркуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәеи аԥҭекақәеи рыда, ауааԥсыра реиҭанеиааира ԥкуп, иара убас егьырҭ аԥҟарақәа алагалоуп.

Хәажәкыра 28 раахыс атәылаҿы иалагалоуп Аҭагылазаашьа ҷыда: аамҭала иаркуп аԥсуа-аурыс ҳәаа адипломатцәеи аруааи рыда атәымуаа зегьы рзы, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаагьы аҳәааҿы ргәаҭара акыр ирӷәӷәоуп.

Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы ацхыраара рыҭаразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 55 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи  «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.