Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ииубилеи иазкны Аҟәа имҩаԥган агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 70 шықәса.
Саид Барганџьиа
Хәажәкыра 5 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ииубилеи иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциеи афото-цәыргақәҵеи.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еиҿыркааз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥареи, аҳәынҭқарра аргылареи, уи жәларбжьаратәи азхаҵареи аҿы Сергеи Багаԥшь иааникылаз аҭыԥ иазкын.
Сергеи Багаԥшь ииубилеи иазкыз аконференциа ааиртит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба. Уи иажәахә аҟны иазгәеиҭеит, Аԥсны аҩбатәи ахада аҳәынҭқарра арҿиараҿы илагала шдуу, убасгьы Сергеи Багаԥшь ихадара «Аԥсназы иуадаҩыз ахҭысқәа» анымҩаԥысуаз аамҭа ишақәшәаз.
«Сергеи Уасил-иԥа ихьӡ ауп изыдҳәалоу Аԥсны ихьыԥшыму ҳәынҭқаррак аҳасабала раԥхьатәи ашьаҿақәа. Зегьы ргәалашәараҿы дынхеит, Урыстәылеи Аԥсныи реиҩызара аизырҳареи арӷәӷәареи иадгылаз политикны. Илшоз зегь ҟаиҵон ижәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәразы, аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ицәырҵуаз азҵаарақәа иаарласны раԥыхразы», - иҳәеит Бганба.
Ажәахә иманы аконференциаҿы дықәгылеит ҷыдала аиубилеитә усмҩԥгатәқәа рылахәразы Аԥсны иаҭааз, Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡатәи ахада Едуард Кокоиты. Аполитик иазгәеиҭеит, Сергеи Багаԥшь аԥсуа жәлари ауаԥс жәлари реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагала шдуу.
«Ҳара аишьцәа реиԥш ҳаҟан. Иара (Сергеи Багаԥшь — аред.) дызхысыз ауадаҩрақәа саргьы сырхысхьан. Ҳажәларқәа еициз ҩыџьа аишьцәа реиԥш иҟоуп. Аҭоурых уи арҵабыргуеит. Шәареи ҳареи аԥышәара уадаҩқәа ҳархысит. Сергеи Багаԥшь ижәлар рыхьӡала аӷәӷәара ду ааирԥшит», — ҳәа еиҭеиҳәеит Кокоиты.
Сергеи Багаԥшь ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы иааникылаз аҭыԥ иазкны ажәахә ҟаиҵеит уаанӡатәи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба.
«Сергеи Багаԥшь дуаҩ хатәран, дполитик наган, атәыла зегьы ианыԥшит уи ихаҭара. Акрызбахьоу аҳәаанырцәтәи аполитикцәеи ажурналистцәеи иара ианиҿцәажәалак ашьҭахь акырӡа ргәы шьҭыҵны иаанхон. Иара иуаҩышәаратә ҟазшьақәеи ихаризмеи рыбзоурала Аԥсны аганахьала, ма иара ихаҭа иахь агәыҩбара змаз зегьы ргәаанагара аҽаԥсахуан. Аполитикатә компромисс аагашьа здыруаз, аԥышәа змаз политик ҟәышын. Аха иара убри аамҭазы, аҳәынҭқарраҿы зегьы иреиҳау амаҵура шааникылозгьы, аԥагьара иламызт, зегьы рзы даартын, дҽаӡәы игәаанагара еснагь пату изақәын. Ауаҩра илан, игәы былуан, ауаҩы дизааигәан», — ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба.
Аконференциаҿы иқәгылеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстыәла, Урыстәылатәи Афедерациа рҟынтә зыхьӡ нагоу аполитикцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи. Ражәахәқәа ирыԥхьеит иара убас аурыс политикатә усзуҩ, аҵарауаҩ, «Ахьӡз-аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Сергеи Бабурин, насгьы урыстәылатәи аполитолог, МГИМО апрофессор Андраник Миграниан.
Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ихьӡала Сергеи Багаԥшь иҭаацәа ирзаашьҭын Аԥсны аҩбатәи ахада игәалашәара иазкыз ааԥхьаратә ажәа.
Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартыз Сергеи Багаԥшь игәаларшәаратә фото-цәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра. Аекспозициахь иаагаз афотосахьақәа Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи иатәуп, иара убас иҟоуп Сергеи Уасил-иԥа иҭаацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи иааргаз аҭыхымҭақәагьы.
Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа ацәыргақәҵа аекспозициа ҳтәыла акультуратә ҭынха иартефактқәоуп ҳәа рхиҳәааит.
«Арҭ афотосахьақәа реиҳарак ҭызхыз Владимир Попов иоуп. Ацәыргақәҵа харҭәаауп Сергеи Уасил-иԥа еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа гәаларшәагас ирҭоз аҳамҭақәа рыла. Абарҭ аҳамҭақәа иахьатәи ҳаамҭазгьы — акультуратә ҭынха артефактқәаны ишьатәуп. Ҳамҭацыԥхьаӡа — ҭоурыхтә хҭыск иадҳәалоуп», — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Хәажәкыра 4 рзы Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуазаарын. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь наунагӡа иԥсадгьыл аҭоурых аҿы даанхоит зхааны Аԥсны ахьыԥшымра
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.