Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, апрофессор Виачеслав Чрыгба АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит «Аԥсни XIII-XV ашә. рзтәи италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи. Реизыҟазаашьақәа ирызку анҵамҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу ишәҟә ҿыц атәы.

Апрофессор Виачеслав Чрыгба – Аԥсни уи анҭыҵи хара зыхьӡ рдыруа аҵарауаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла ааигәа иҭижьит «Аԥсни XIII-XV ашә. рзтәи италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи. Реизыҟазаашьақәа ирызку анҵамҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу, хкы рацәала асахьақәа згәылоу ашәҟәы. Уаҟа иаарԥшуп Аԥсныи Италиеи реизыҟазаашьақәа аныӷәӷәазтәи аамҭа. АААК аинфопортал ашәҟәы автор иҿцәажәеит, еилнакааит ашәҟәы аҩра аҭоурых, насгьы иара ҵакыс иамоу.

– Виачеслав Андреи-иԥа, абри ашәҟәы аҩра шәышԥазааи?

– Аиаша шәасҳәап, абри атемала ашәҟәы акәым, иара ус акы сыҩып ҳәа ахаан схаҿгьы имааицызт, избан акәзар сара сҭоурыхҭҵааҩым, амедиавистика саҿым (амедиевистика –афранцыз ажәа médiéval аҟынтә иаауеит «абжьарашәышықәсазтәи» аанагоит — абжьарашәышықәсақәа рҭоурых ҭызҵаауа ҭҵаарадырратә ҟәшоуп – аред.). Ҳара иҳамоуп ари апериод ҭызҵаауа аҵарауаа шьахәқәа. Аха сара уаанӡагьы убасҵәҟьа сазыԥшӡамкәа изҩит Аиҭеира аепоха агени Леонардо да Винчи иан Кавказ хылҵшьҭра лымазар шауа (аԥсуа, ма ачерқьес) агипотеза иазку ашәҟәы.

Нас абри агипотеза аус адулауа, сара Аԥсны аҭыԥ змамз ауаа рылахәаахәҭра атема сҽагәыласхалар акәхеит, агенуезцәа уи мҽхакы ҭбаала иаҿын, араҟа афакториақәа еиҿкааны ирыман (ахәаахәҭратә еиланхарҭақәа, атәымтәылатәи ауаҷарцәа ааны даҽа тәылак аҿы еиҿыркаауа – аред.) XIII-тәи ашәышықәса инаркны XV-тәи ашәышықәсазы аҭырқәцәа ааны иԥхарҵаанӡа. Сара иҭысҵаар акәхеит ажәытә италиатәи ашәҟәқәа, ахсаалақәа, урҭ рҟны иарбан Аԥсны анхарҭаҭыԥқәа, ажәытә Аԥсны ахсаалақәа, убас иҵегь аинформациа рацәаны. Нас абри еизызгаз аматериал зегьы зымҩа анышьҭаҵара рыцҳасшьеит, уи моу зҵаарақәак рганахьала схатә гәаанагарагьы сызцәырҵит, ус сшыҟаз иаалырҟьаны сазхәыцит: абри зегь шәҟәык аҳасабала изҩыр ауеи ҳәа.

Ашәҟәы рхианы саналга, иабаҭсыжьри ҳәа ахәыцра салагеит. Аԥшшәы змоу асахьақәа згәылоу ашәҟәы аҭыжьра – акыр зықәхарџьтәу усуп, асахьақәа рхыԥхьаӡара зламаҷым ала, аус еиҳа иуадаҩхон, убри аҟнытә сахьадҵааларагьы сыздыруамызт.

– Нас иабаҭшәыжьи аҵыхәтәан?

– Сара исыӡбеит ашәҟәы аҭыжьразы ажәадгала рзынасышьҭырц зхаҭабзиара ҳараку аҭҵаарадырратә усумҭақәа ҭзыжьхьоу, агуманитартә хырхарҭа змоу еицырдыруа Петербургтәи ашәҟәҭыжьырҭа «Алетеиа» (бырзен бызшәала «Аҵабырг») ахь. Абри ашәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵхьоу сышәҟәқәак ыҟоуп, урҭ даара исгәаԥхоит. Мызкы ааҵуаны аредактор хада иҟынтә асаламшәҟәы сзааит, ашәҟәы аҭыжьра аинтерес ҳзацуп ҳәа анны.

Автор иҟынтә рацәак идуум аԥаралагала ҟаҵатәын, убри ахахьы иагеит саргьы сызлахәу ҳаҭҵаарадыррақәа Ракадемиа. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Академиа апрезидент Зураб Џьота-иԥа Џьапуа абас афинанстә дгылара ахьыҟаиҵаз азы. Абас иҟалеит сышәҟәы ҿыц аҭыҵра. Уи аԥхьажәа иҩит еицырдыруа италиатәи аҵарауаҩ, аурыси кавказтәи афилологиеи аҭоурыхи рзы испециалисту, апрофессор Витторио Спрингфилд Томеллери.

– Ари амонографиа еиҭанаҳәоит XIII–XV ашәышықәсақәа рзтәи аԥсуа-италиатәи аизыҟазаашьақәа рҭоурых. Абри атемала аинформациа усҟак ирацәам, иҭҵааны иҟоугьы хара еицырдыруа иҟаӡам. Шәматериал хыҵхырҭақәас иазышьҭашәҵеи?

– Ҵабыргны, абри аамҭахцәаха иазкны идыру мҷуп, усҟан зегь реиҳа ирацәаны Мрагылареи Мраҭашәареи рыбжьара аилахәаахәҭра шцозгьы. Китаи Европеи ирыбжьаз ахәаахәҭратә мҩа ду аҟны Аԥсны акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылон. Уи аԥсы ҭан адунеи зегьы амырза чымазара ҿкы ахыҵәан ианыҟаз аамҭазгьы, уи иахьатәи акоронавирустә пандемиа иахьеиԥшыз ыҟоуп, аха акырӡа еиҳаны аԥсыҭбара ацын. Усҟан Аԥсны бзиала иалҵит ари ашәарҭара бааԥсы: Аԥсреиқәаҵәа ҳәа изышьҭаз амырза, Европа ауааԥсыра рыхԥарак згаз, ҳтәыла иахымкьысӡакәа ицеит. Сгәыӷуеит уажәтәи аангьы ус иҟалап ҳәа.

Сусураҿы шьаҭас иҟасҵеит, раԥхьаӡа иргыланы, генуезтәи апериод азы ҳаспециалистцәа бзиақәа Реваз Кациеи Циала Чачибаиеи русумҭақәа. Акыр аҵакы рыман аԥсуа ҭоурыхҭҵаара аклассикцәа Шьалуа Инал-иԥа, Зураб Анчабаӡе, Иури Воронов уҳәа егьырҭ русумҭақәагьы. Абарҭ рынахыс сышәҟәазы ихәарҭаз аҭҵаарадырратә материал соуит аурыс ҵарауаҩ Сергеи Карпов иусумҭақәа рҟны, иара убас европатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа – Доменико Џьоффре, Мишель Балара, Георге Бретиану, Џьео Пистарино, Луиџьи Триа уҳәа убас ирацәаҩны рҿы. Агенуезцәеи аԥсуааи реизыҟазаашьақәа ирызкны ааигәа астатиа бзиа иҩит убасгьы генуиатәи аҵарауаҩ қәыԥш Маттео Пульезе.

Нас, аханатәтәи ахыҵхырҭақәа, даҽакала иаҳҳәозар – усҟантәи аамҭа иатәу адокументқәа кьыԥхьхон еиуеиԥшым италиатәи аҭыжьымҭақәа рҟны, еиҳарак Генуиа. Ажәакала, аматериал маҷымкәа иҟан. Аха, ҳәарада, акырӡа еиҳауп Генуиа, Венециа, Ватикан ибеиаӡоу рархивқәа рҟны иҵәаху. Урҭқәа зегьы макьана иҭҵаатәны иҟоуп, ҳҭоурых азы акыр аҵакы змоу адокумент ҿыцқәа макьанагьы рыҭҵааҩы изыԥшуп.

– Ишԥашьақәгылоз усҟантәи аамҭазы Аԥсни Италиеи рыхәаахәҭратә уҳәа егьырҭ реизыҟазаашьақәа?

– Агенуезцәа ихадароу рыхәаахәҭратә ҭыԥқәа ыҟан Савастополи – дара Аҟәа ус иашьҭан, нас Каво-де-Буксо – италиа бызшәахьынтә еиҭоугозар – «ашыц баӷәаза» ҳәа аанагоит. Ари аҭыԥ Гәдоуҭа азааигәара иҟоу амшын иаԥну Бамбора ақыҭоуп, уантәи ашыц ҭганы иргон, усҟан Мраҭашәаратәи Европа аџьармыкьақәа рҿы ахә ҳаракӡаны иршьон ашыц. Ԥарас иныҟәыргон араӡны, ахьтәы ԥараҿырпқәа, Савастополи аԥарачаԥарҭагьы ыҟан, аха зегь акоуп еиҳарак аилахәаахәҭра мҩаԥысуан еиҭныԥсахрала. Аԥснынтәи Италиаҟа, Византиаҟа иргон атауарқәа рацәаны: аныцә, абырфын, ачарыц, аԥрынџь, аҩы, ацәа. Арахь иааргон аԥшӡанра маҭәарқәа: ачоуҳа, амаҭәа-ҩыҭәа, аххылақәа, ахәшәқәа.

Италиаа Аԥсны рыҟазаара зегь реиҳа иҵоурам аспектс иаман аԥсуаа атәцәа раҳасабала Мраҭашәаратәи Европаҟа (еиҳарак Италиеи Испаниеи) рышьҭра ахьеиҿыркааз, иара убас ирышьҭуан Мысырҟа (Египет), Шьамтәылаҟа. Абри, ҳәарада, ҳтәыла адемографиа даара ианыԥшуан, иарԥсыҽуан.

Аҟәа ахәаахәҭратә еилаӡарақәа рышәҟәҭагаларазы XIII-тәи ашәышықәса инаркны аус ауан генуезтәи анотариалтә офис. Аԥсны итәан генуезтәи адипломатиатә хаҭарнакрагьы – аконсулат, уи дахагылан Генуиа иарҭоз аконсул, иара инапы ианы Аԥсны иҟоу италиаа ринтересқәа рыхьчара. Уи адагьы Савастополи иаԥҵан Абасгиа иҟоу Себастопольтәи аепархиа, аҷҟәандар зхадараҿы дтәаз. Иргылан акатоликатә уахәама, еиҿкаан акатоликатә ԥсыжырҭа. Абарҭқәа зегьы ҩышәшықәса инареиҳаны аус руан.

– Шәара шәалацәажәеит Аԥсныи Черқьестәылеи рахьтә ауаа рылахәаахәҭра. Абри ҳазааҭгылозар, иҳазҳәома ас иҟаз ахәаахәҭра амҽхак ҭбаан ҳәа?

– Ааи, атәцәа маҷҩымкәа ирышьҭуан арантәи. Аамҭак азы Генуиа иҟаз мрагыларатәи атәцәа рхыԥхьаӡараҿы зегьы иреиҳан аурысқәеи, ачерқьесцәеи, аԥсуааи. Урҭ рхылҵшьҭрақәа уажәы инхоит Генуиа, Флоренциа, Венециа, ма Рим, Кавказ ишатәу рхашҭхьеит, италиа бызшәала ицәажәоит, иагьрыздыруам Аԥсны, ма Черқьестәыла шьала-дала ирзааигәоу рашьцәа шыҟоу. Аосманцәа ааны италиаа анықәырца ашьҭахь, акыр ифеидаз ауаа рылахәаахәҭра дара рнапахьы иааргеит. Аԥсныи Черқьестәылеи рҟынтә атәцәа рыҭира аус цон XIX-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы Урыстәыла уи аҵыхәтәа ԥнаҵәаанӡа.

– Шәышәҟәаҿы шәазааҭгылоит Аԥсны иҟаз римтәи-акатоликатә уахәама. Иахьынӡаҳдыруа ала, Ватикан архивқәа рҟны ишьҭоуп Аԥсны иазку акьыԥхь зымбац ахыҵхырҭақәа, хаҭалагьы аԥсуа-италиатәи аизыҟазаашьақәа ирызкны.

– Акатоликатә уахәамеи Аԥсни реизыҟазаашьа ахы акит XIII-тәи ашәышықәса актәи аԥшьбарак азы. Сышәҟәаҿы иаазгоит Аԥсны итәаз акатоликатә ҷҟәандарцәа зегьы рыхьӡқәа, доусы имаҵура аамҭа арбаны. Иҟоуп аҭоурых иадыруа урҭ рысаламшәҟәқәеи раҳасабырбақәеи. Аԥсны иҟаз акатоликатә уахәама даара аконкуренциа ӷәӷәа аман аиашахаҵаратә қьырсиантә уахәама аганахьала. XV-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы агенуезцәа арантә ианықәҵ аамышьҭахь Аԥсны иҟаз акатоликатә уахәама аныррагьы зынӡа еиԥхьбеит.

Ииашаҵәҟьаны, Генуиа, Ватикан, нас еиҳа имаҷны Венециа рархивқәа рҟны иҟоуп имаҷымкәа акрызҵазкуа архивтә документқәа, ҳабжьарашәышықәсазтәи аҭоурых иадҳәалоу. Ҳара ҳҿы ари апериод макьана ҽеила иҭҵаамқәа иаанхоит.

– Шәара шәҽазышәшәама Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахырхарҭала убарҭ иуникалтәу адокументқәа рыхҩылаақәа раиура? Шәгәы ишԥанаго, зыӡбахә ҳҳәо ахыҵхырҭақәа уаанӡа ҳтоурых иазымдыруаз акы аадырԥшыр ҟалома?

– Архивқәа рахь асалмшәҟәы ашьҭра рацәак акгьы иахәаӡом. Ганкахьала, иахьазы иркьыԥхьхьоу рацәоуп, уи аус аанкылаӡам, иацҵоууп. Ҳара ҳҭоурыхҭҵааҩцәа убарҭ аҭыжьымҭақәа ирызҿлымҳазароуп, иҭырҵаалароуп. Иҩбахаз, италиатәи архивқәа рҟны ҵҩа змам адокументқәа шьҭоуп иахьа уажәраанӡа ахҳәа зызуум, џьаргьы икьыԥхьым, убри аҟнытә ҷыдала шәара шәзы, шәысаламшәҟәаҿы иҟашәҵаз аҳәара аҳаҭыраз аӡәгьы урҭ архивқәа зегьы еилырхуа дрылалаӡом – ари акырӡа аџьабаа зцу, аамҭа рацәа зҭаху усуроуп. Уи идыру акоуп архивқәа рҿы аус зухьоу зегьы рзы. Ааи, иҟалоит аҳәарақәа рышьҭра, аха еиҳа ихырҳагоуп дара убарҭ архивқәа рахь хыхь зыӡбахә сҳәаз аспециалистцәа шьҭызар – Реваз Кациеи Циала Чачибаиеи. Урҭ рыдагьы, аспециалист ҿарацәа еиҵааӡатәуп, алатин бызшәеи аиталиа бызшәеи здыруа, архивқәа ҭырҵааларц азы – уи акыршықәса узго усуп. Нас дара «иаҳзыҵырхларын» ҳҭоурых азы акыр зҵазкуа аматериалқәа. Аха араҟа ҩаԥхьа ицәырҵуеит афинанстә зҵаара, аԥара маҷны иҳамоуп, насгьы аҭҵаарадырратә кадрқәа разыҟаҵара иахьа ишеиҿкаау ала акыр ихьысҳауп, изеицәаҳӡари. Аҭоурых аҭҵаареи аҩреи иаанаго ахыҵхырҭақәа рыҭҵаароуп раԥхьа инаргыланы, абраҟоуп ҳара апроблема ахьҳазцәырҵуа – ҳҵарауаа ҿарацәа рҟынтә аҳәаанырцәтәи архивқәа рҟны ицаны аусура зылшо маҷуп, афинанстә мзызқәа ирыхҟьаны, насгьы атәым бызшәақәа рыла аҭоурыхтә ҟазшьа змоу анҵамҭақәа рыԥхьара зылшо еиҳагьы имаҷуп.

– Шәазааҭгыларц ҳҭахын усҟантәи аамҭа иннажьыз акультуратә ҭынха. Абырзенцәа иаҳзынрыжьыз аҭынха атәы анаҳҳәо, иаразнак ҳхаҿы иааиуеит Диоскуриада. Италиаа иҳарҭеи?

– Ари азҵаара аинтерес ду амоуп, аха даара имариаӡам. Ҳҵарауаа рыбжьара иҟам еизаку гәаанагарак агенуезцәа рыргыларақәа ирызкны: шьоукы иадырбоит Афон Ҿыц игылоу абаашқәа, ма Кындыӷ ақыҭан иҟоу тамшьтәи абаа ҳәа изышьҭоу ахырӷәӷәарҭа уҳәа убас егьырҭгьы, аха уи иақәшаҳаҭым рацәоуп. Иҟоуп агәаанагара, абжьарашәышықәсазтәи Аԥсны ауахәамақәа рҟны иуԥыло аҭыӡсахьақәа (фреска) ҿыцымҭала аиталиаа иҭырхит ҳәа, мамзаргьы италиаа зҿы иҿарҵаз византиатәи абырзенцәа иҟарҵеит ҳәа XIV-XV ашәышықәсақәа рзы. Археологиатә литератураҟны иазгәаҭан Аԥсны италиатәи аԥараҿырпқәа шыԥшааз атәы, аха ус иҟоу цырак иадымхаргьы ҳҳәынҭқарратә музеи иамам.

Иҟалап, абызшәаҿы еиқәхаз ыҟазар, иаҳҳәап ахьӡқәа Џьота, Џьсыԥ, Џьоф, Пыта реиԥш иҟақәоу италиатәи ашьаҭақәа рымазар ауеит. Сышәҟәаҿы иаазгоит убас ажәақәак, италиа бызшәаҟынтә аԥсуаа ишьҭыркаар ауаз ҳәа сгәы иаанаго: иаҳҳәап зегь бзиа еицаҳбо абысҭа италиатәи pasta аҟынтә иаауазар ауеит. Аҵиаа фҩыхаа кориандр аԥсуаа шашьҭоу ала – акәландыр, уигьы агенуез ажәа коландро аҟынтә иаауазар ауеит. Иҟоуп убас аинтерес зҵоу егьырҭ ажәақәагьы абжьарашәышықәсазтәи аԥсуаа аиталиа бызшәаҟынтәи ишьҭыркаар рылшоз.

Егьыс, иааидкыланы иаҳҳәозар, 200 шықәса инарзынаԥшуа италиаа ара рыҟазаара ашьҭамҭақәа макьаназы ҽеишәа иубартә иҟам. Ус иҟоу ашьҭақәа рыԥшаара хазы игоу аҭҵаамҭа темас иамазароуп, ҳәарада. Иҳәатәуп, иара уа Италиа сахьыҟаз, Генуиа азааигәара сара исԥыхьашәеит Кавказ адҳәалазаара зыршаҳаҭуа абаҟа – зыӡбахә сымоу ашьхоуп, аҳаракыра 1245 метра иҩаӡоит, иагьахьӡуп Monte Caucaso («Ашьха Кавказ»), Лигуриатәи Апеннинақәа ирыхәҭакуп.

– Зынӡаск иҿыцу, иҟалап, уаанӡа идырымыз ҳәа шәышәҟәаҿы акыр шәзарбама?

– Сгәы излаанаго ала, уи атәы аҳәара рылшоит атемазы испециалистцәоу. Хаҭала сара сзы зегь ҿыцын сҳәар сылшоит, убри азоуп ашәҟәы аус адуларагьы абас аинтерес ду зысзацыз. Егьа ус акәзаргьы, абжьарашәышықәсазтәи ахсаалақәа рҟы иарбаз атопонимқәеи агидронимқәеи (аӡыхьыӡқәа – аред.) ранализ аҟаҵара иазку ахы уаанӡа иаҳдыруаз ханарҭәаазар ҟалап, мамзаргьы мифқәак канаԥсеит. Аԥхьаҩ изы акыр интересхоит абжьарашәышықәсазтәи ахсаалақәеи атласқәеи ирну Аԥсны абираҟқәа ранализи рыклассификациеи иазку ахгьы.

– Шаҟа аамҭа аус адыжәулози амонографиа?

– Шықәсык инахыҳәҳәо. Аха уахь иалаӡам уаанӡа имҩаԥызгахьаз аус, Леонардо да Винчи иан лхылҵшьҭра амаӡа аартра иазкыз ашәҟәы санаҿыз.

– Ашәҟәы аиура абаҳалшо?

– Зҵаара бзиоуп. Саргьы макьана цыракгьы смоуӡацт. Аԥсназы ԥыҭк аҿасҵоит, избан акәзар ашәҟәы аинтерес зызцәырҵыз ыҟоуп.

– Ашәҟәы атираж абанӡаҟоу?

– 500 цыра. Аамҭак ашьҭахь онлаин аԥхьарагьы алшара ҟалоит. Гәахәарыла аԥхьара шәзеиӷьасшьоит!

– Иҭабуп даара!