29770

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилазаара «Алашареи» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мазара иазку апроект ҿыц хацдыркит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркит аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара». Аидеиа авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Апроект ҿыц хықәкыс иамоуп абаза жәлар ахаҭарнакцәа реиԥш иарбан милаҭзаалак ахаҭарнакцәагьы ҳатрадициатә культура аԥшӡареи аҵаулареи дырбара.

Апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьа изызхьаԥшыз акакәхеит амилаҭтә кәашара. АААК акомандеи апрофессионалцәа гәыԥҩыки авидео ианҵаны иҭырхит аԥсуа милаҭтә кәашара, ҳаамҭазтәи ацәаҩа ахаҵаны. Ари аролик ӡыргахоит АААК Аинформациатә портал адаҟьаҟны, иара убас еицырдыруа адунеитә интернет-еиужьрақәа рҟны аларҵәара аиуеит. Абасала, аԥсуа милаҭтә кәашара ибар илшоит уи иазҿлымҳау, изҭаху дарбанзаалак, адунеи ахьынӡанаӡааӡо.

Ари аидеиа анагӡаразы рҽеидыркылеит Аԥсны зыхьӡ рдыруа гәыԥҩык арежиссиорцәа, авидеографцәа, акәашацәа, амузыкантцәа.

Апроект азы икәашеит Аԥсны иҳамоу жәлар рыкәашаратә ансамбльқәа: Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль, Кандид Ҭарба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ», иара убас Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын».

Аконгресс акоманда иҭабуп ҳәа рарҳәоит апроект адгылара азҭаз зегьы, анаҩсгьы аҭыхрақәа рахь ааԥхьара рырҭалоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны испециалистцәоу ауаа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркыз аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара» иацҵахоит жәлар рашәақәеи, амилаҭтә литературеи, ахатәы бызшәеи, ажәлар рнапҟазареи, ажәытә қьабзқәеи ирызку авидеороликқәа рыла. Аҭыхрақәа мҩаԥыслоит Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи