11 шықәса ҵуеит Ҭырқәтәыла ииз аԥсуа ҭыԥҳа, археолог Еџье Ҭраԥшьԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дааижьҭеи. Лқыҭа гәакьаҿы имҩаԥылгоит археологиатә ԥшаарақәа, иара убасгьы ацхыраара ду ҟалҵоит аԥсуа ҵарауаа жәларбжьаратәи аконгрессқәа рҿы рҿахәы рҳәартә иҟаларц.

Арифа Қапԥҳа

Археолог Гиуль Еџье Ҭраԥшьԥҳа – Ҭырқәтәылатәи аԥсуа, иахьазы дынхоит лҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы, лзанааҭ ала аус луеит. Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит жәеиза шықәса раԥхьа – усҟантәи аамҭазы Анкаратәи ауниверситет аклассикатә археологиа афакультет аушьҭымҭа Аҟәаҟа дааит аԥсуа ҵарауаа илзынарышьҭыз ааԥхьарала.

Лабдуцәа рыдгьыл – Еџье лыԥсадгьыл

Еџье лхылҵшьҭра атәы уҳәозар, лҭаацәара – XIX-тәи ашәышықәсазы Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа мчыла иахгаз аԥсуаа ирхылҵшьҭроуп.

«Сара сҭаацәара Анталиаҟа ишьҭын (Азиа Маҷ даҿакала Анталиа ҳәа иашьҭоуп, иахьазы Анталиа ҳәа лассы-лассы иазырҳәоит Ҭырқәтәыла азиатәи ахәҭақәа – аред.), — еиҭлҳәоит Еџье. — Саб иҭаацәара ақалақь Синоп инанагеит. Ахҵәара ҟалаанӡа Аԥсны инхон Анхәа ақыҭан. Сан лҭаацәара нхара ҳәа инеит ҭырқәтәылатәи ақалақь Билеџьиқ. Иахыргаанӡа инхон Ҵабал, дара рқыҭа иахьӡын Абжьаҟәа».

Еџье лхаҭа диит, дагьааӡеит Анкара ақалақь, еиҳаракгьы лааӡара ланду лнапы ианын, уи лоуп аԥсуа культуреи ақьабзқәеи ртәы аӡӷаб хәыҷы илзеиҭазҳәоз.

2008 шықәсазы Анкара иаҭаауеит аԥсуа ҵарауаа ргәыԥ.

«Азҿлымҳара ду аадырԥшит археологиа снапы алакуп ҳәа анраҳа, аусуразы Аԥсныҟа саарыԥхьо иалагеит, — илгәалашәоит Еџье. — Раԥхьаӡа ааԥхьара сиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәынба».

Уи аиԥылара Еџье лгәы азнарҳауеит, насгьы лҭоурыхтә ԥсадгьыл абаразы илызцәырҵыз алшара лхы иархәаны Аԥсныҟа даарц лыӡбоит. Абас ахьылыӡбаз зыбзоуроу акоуп иара убасгьы Еџье лан – Лиман Чокәуа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспораҟны еснагь активла зхы аазырԥшуаз дахьыруаӡәку. Имашәырымхеит насгьы, Еџье раԥхьаӡа акәны Аԥсны данаа раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә археолог Михаил Ҭраԥшь диижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара амшқәа иахьрықәшәаз. Еџье лхаҭа абарҭ ахҭысқәа «дыргақәак» реиԥш дрыхәаԥшуеит, лыԥсадгьыл аҭаара анахысгьы, араҟа нхара ҳәа аангыларагьы иаԥсоуп ҳәа лыҵазҳәаз.

Ҭырқәтәылантә иааз «аизумруд хәыҷы»

Еџье раԥхьаӡа акәны Аԥсны дааны даныҟазтәи аамҭа – жәамш Афон Ҿыц дынхон. Уи ашьҭахь акыраамҭа ажурналист Инна Ҳаџьымԥҳа лыҩны дыҟан, лҭаацәара дахәҭакны дылбон.

Дара аҩыџьагь раԥхьаӡа акәны иахьеиқәшәаз Аҟәоуп, Еџье Аԥсныҟа данаа аамышьҭахь, уаанӡа имеибабацызт. Асасааирҭа «Интер-Сухум» аҿы иҟалаз урҭ раԥхьатәи реиԥылара Инна Ҳаџьымԥҳа абас илгәалашәоит: «Избан сыздыруам, аха иаразнакала Еџье дгәасҭеит. Аизумруд хәыҷ деиԥшын… Лыԥшышьала иубаратәы иҟан, ус иаарласны уназдыххыло аӡә шлакәым, зхатә ҟазшьа змоу, иаартцәам ҭыԥҳак шлакәу».

Убас дара агьеибадырит, ҟазшьалагьы еинаалеит, нас Инна Ҳаџьымԥҳа даалаганы аҭыԥҳа қәыԥш лыҩныҟа дылгеит, ҭаацәаракны инхо иалагеит.

«Акцентда дцәажәоит»

Еџье ахықәкынагӡара иацәымаашьо шлакәыз иаразнак иубарҭахеит. Аԥсны данаа, раԥхьа инаргыланы аԥсшәа лҵеит, уи шықәсык аҟара аамҭа агеит. Рҵаҩык лаҳасабала аҭыԥҳа аԥсшәа ллырҵон Нонна Ҭхәазԥҳа, аха араҟа иазгәаҭатәуп Еџье дахьынхоз аҭаацәараҿгьы есыҽны аԥсышәала мацара ишцәажәоз.

«Сара ус ласҳәеит: аԥхьа аурысшәа бҵар, нас аԥсшәа бызҵараны быҟаӡам, – ҳәа лгәалалыршәоит Инна Ҳаџьымԥҳа, – лара ус иагьыҟалҵеит: ахәыҷқәа ашәҟәы кны иштәало еиԥш днатәон, даара ирацәаны лҽазыҟалҵон, убас аханатә аԥсшәа лҵеит, акцентдагьы дцәажәоит».

Еџье Аԥсны данаа, раԥхьаӡатәи археологиатә жрақәа мҩаԥылгеит Оҭҳара ақыҭан. Урҭ ажрақәа напхгара рзиуан еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Игор Ҵнариа. Еџье дал

ахәын иара убас Ешыреи Аҟәеи имҩаԥысуаз археологиатә експедициагьы.

«Инарҵауланы аҭҵаара»: лџьынџьдгьыл аҟны ажрақәа рымҩаԥгара

2013 шықәсазы Еџье Ҭраԥшьԥҳа напхгара алҭон лабдуцәа ахьахыз лџьынџьдгьыл – Анхәа ақыҭан имҩаԥысуаз археологиатә експедициа, уи аԥхьа араҟа зымҽхак ҭбаау археологиатә жрақәа мҩаԥырымгацызт. Уаҟа лара илыԥшааит зқьи хәышә шықәса зхыҵуа ажәытәӡатәи анышәынҭрақәа хԥа.

«Анышәынҭрақәа руакы даара ибзианы еиқәхеит. Уаҟа сара исыԥшааит аԥсақәа ҩба, аҳәа, агәлаҵақәа ҩба (аиха иалху аибаркыга, ма аҿарԥага арԥшӡагак аҳасабала иныҟәыргоз – аред.). ҳара излаҳаԥхьаӡо ала, урҭ зегьы аҭыԥантәи аматериал иалхуп. Насгьы ҳара ҳаззааиз убри ауп, абарҭ анышәынҭрақәа рҿы иаҳаԥшааз аматериалқәа зегьы Ҵабалтәи акультура даараӡа иазааигәоуп (Ҵабал аҵакырадгьыл аҿы иуԥыло антикахьшәантәи, ма заатәи абжьарашәышықәсазтәи археологиатә культура - аред.). Абарҭқәа зегьы инарҵауланы иҭҵаатәуп, избан акәзар еилкаауп, анышәынҭрақәа ыҟазар, ус анакәха ихарамкәа ауаа рынхарҭақәагьы шыҟоу», — иазгәалҭоит археолог.

Анхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ажрақәа рҟны археолог ԥшьышықәса аус луит. Уа иԥшааз хәы змоу аматериал ахәҭак уажәы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иҟоуп, аиха иалху аԥшаахқәа зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҿы ишьҭоуп.

Уажәазы Еџье ажрақәа лнапы рылакым, избан акәзар амагистратура дахысуеит, Анкара иҟоу ауниверситет Гази аҟны. Иазлырхио аусумҭа Аԥсныи Амшын Еиқәа аҿықәи археологиа иазкуп.

Адунеижәларбжьарахь «ацҳа» ахҵара

Еџье Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аусзуҩыс дшыҟац даанхоит, аус луеит иара убас Гәдоуҭа иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҟны.

Лыҭҵаарадырратә статиақәа зегьы аԥсышәала илыҩуеит. Еџье лыҭырқәшәагьы даара ихәарҭахеит Аԥсны: хышықәса инарзынаԥшуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркафедраҿы аус луанаҵы, астудентцәа аҭырқәшәа длырҵон.

Еџье Ҭраԥшь Ҭырқәтәыла диины, иахьлызҳаз, аҭырқәшәа бзиаӡаны иахьылдыруа, иара убри аамҭазы аҭҵаарадырра лнапы ахьалаку, аԥсшәеи аурысшәеи ахьылҵаз – хәы змаӡам ҳамҭоуп, алшара ҟанаҵоит аԥсуа ҵарауаа адунеижәларбжьаратәи археологцәа реилазаарахь «цҳак» аҳасабала дырзыҟаларц азы. Еџье лыбзоурала аԥсуа ҵарауаа русумҭақәа ибзиаӡаны аҭырқәшәахь еиҭаганы археологиа иазку жәларбжьаратәи аконгрессқәа рҟны ицәырган: Ҭырқәтәылатәи ақалақьқәа Измир (2010 ш.), Маниса (2011 ш.) рҟны, иара убас Азербаиџьан, ақалақь Агсу (2012 ш.).

«Еџье аԥсышәала данцәажәо дыԥхашьаԥҳаҵоит, дҭынчуп. Аҭыркәшәахь даниасуа зынӡа даҽакуп, – ҳәа иџьалшьоит Инна Ҳаџьымԥҳа. – Даара аемоциа ӷәӷәа аҵаны, иҿацаӡа иҟоуп лбызшәа».

Ажурналист иазгәалҭоит, Еџьа Ҭраԥшьԥҳа ҭырқәшәала аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа ражәахәқәа данрыԥхьоз, аҭырқәа ҵарауаа «убас анырра ӷәӷәа рнаҭеит, атема ахаҭеи аԥснытәи рколлегацәа – археологцәеи даара ирызҿлымҳахартә аҟынӡа».

Еџье Ҭраԥшь – аԥсуа археолог

Аԥсышәала данцәажәо аҽынкылара лымоуп ҳәа иҟаҵаз азгәаҭара узаҿагылом. Еџье иааигәаны дыздыруа аӡәырҩы ирҳәоит, лхымҩаԥгашьеи, лдунеидкылашьеи рыла итрадициатәу аԥсыуа ҭыԥҳаны дшыҟоу, аха иара убри аан ҳаамҭагьы дақәшәоит зегь рыла. Иахьатәи амаҭәеи арԥшӡагақәеи ныҟәылгоит, адәахьала, аха ҩнуҵҟала – зегь рыла аԥсуара ныҟәылгоит, иҵасу-иҵасым лдыруеит, зегьы рзы ишәхьоу, иҭышәынтәалоу лхатә гәаанагара лымоуп, ахаҵа илогика ҳәа ззуҳәаша азнеишьала аусқәа лыӡбоит.

Еџье ԥхьаҟатәи лыгәҭакқәа реиҳарак зызку аҭҵаарадырроуп. Лгәы иҵхоит Аԥсны археологиа ахырхарҭа аҿиара, жәеиза шықәса раԥхьа илырҳаз лыԥсадгьыл гәакьа амадара ацәымӡра.

Еџье уанлацәажәо, мамзаргьы егьырҭ рҟынтә лыӡбахә ануаҳауа, ҿыӷәӷәала иуҳәар улшоит: аҵарауаҩ қәыԥш Еџье Ҭраԥшьԥҳа лаԥхьаҟа усура дахьаанхалакгьы, Аԥсноума, Ҭырқәтәылоума – дахьыҟазаалакгьы даԥсыуа археологны даанхоит, лыҭҵаара амҩақәа зегьы лабдуцәа злыҵыз лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихазаауеит.