Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ақыҭа школқәа рҿы имҩаҧнагаз аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рдипансеризациа иазкыз апроект аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Адиспансеризациа амҩаҧгара еиҿкаан АААКи Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи русеицура иабзоураны. 

Селма Базҧҳа

АААК агәыҧи аҧсуа медикцәа рбригадеи 2023 шықәса хыркәшауа, И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ иаҭааит. Араҟа 150-ҩык инарзынаҧшуа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи амедицинатә гәаҭара иахысит. 

Уаанӡа ишаҧыз аиҧш, адиспансеризациа ҩ-етапк рыла ишьақәгылан. Актәи аетап аҿы ауаа ршьа рылхны азеиҧш ҭҵаара мҩаҧыргон, аглиукоза аҩаӡара гәарҭон. Аҩбатәи аетап аҿы ироуз алҵшәақәа шьаҭас иҟаҵаны, ауаа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуан.

Ашколхәыҷқәа гәарҭон ахәыҷтәы ҳақьымцәа Есма Гәниаҧҳаи Ольга Быковскаиеи, аендокринологцәа Светлана Газизовеи Ҳамида Џьыкрҧҳаи, аблаҳақьымцәа Анна Ақаҩҧҳаи Фатима Сангәлиаҧҳаи, акардиологцәа Инга Ҧиҧиеи Сариа Ҧоцхор-огли, аотоларингологцәа Лана Ешҧҳаи Риҵа Ҳалбади, анервҳақьым Роза Синопиан, арентгенолог Аслан Берзениа, ареабилитолог Арзадин Агрба, иара убасгьы ЕКГ амедиаҳәшьцәа Раиса Бороловеци Емма Ламашовеи. Урҭ рнаҩсан, ацхырааҩцәа раҳасаб ала адиспансеризациа иалахәын Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа.

Агәаҭараан ашколхәыҷқәа амедицина-абжьгаратә цхыраара рырҭеит, иақәнагаз аҭҵаарақәа зегьы мҩаҧган. Еиуеиҧшым ауадаҩрақәа здырбалаз аҵаҩцәа ихарҭәаау аҭҵаарахьы инеирц азы адәықәҵақьаад рыҭан. 

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку АААК аҟәша аиҳабы Изольда Ҳагҧҳа ақыҭахь ишцаз атәы еиҭалҳәеит, шықәсык иалагӡаны имҩаҧгаз, аџьабаа зцыз аусура аихшьаала ҟалҵеит. 

«Ари ашықәс азы Кәтолҟа ацара адиспансеризациа иазкыз апроект хнаркәшеит. Ари ақыҭаҿы, имҩаҧаҳгаз аусура иалҵшәаны 150-ҩык инарзынаҧшуа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ргәабзиара азеиҧш ҭагылазаашьа гәаҭан. Шықәсык иалагӡаны, ҳгәы иҭан ахәышәтәырҭахь ацара зцәыуадаҩу, ихароу ақыҭақәа рҿы инхо 1000-ҩык иреиҳамкәа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи адиспансеризациа иахҳажьып ҳәа. Аха, гәахәара дула иазгәаҳҭоит иазҧхьагәаҳҭаз ахыҧхьаӡара ҳшахысыз. Ашықәс анҵәамҭазы, агәаҭарақәа ирхысыз ауаа 1500-ҩык иреиҳауп», - ҳәа азгәалҭеит лара.

Апроект аиҿкаараҿы иҟарҵаз ацхырааразы Ҳагҧҳа атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра имҩаҧнагаз аусура иҭабуп ҳәа ахылҳәааит.

«Адиспансеризациа амҩаҧгара ҳгәы ианҭаҳк раҧхьа ҳзыдҵаалаз Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иоуп. Уи ҳаҧшьгамҭа дақәшаҳаҭхеит. Анаҩс, ҳапроект амҩаҧгараҿы аус ҳацыруан аиҿкааратә усмҩаҧгатәгәа раан иҳавагылаз аминистр ихаҭыҧуаҩ Саида Делҧҳаи, ахәшәтәра-профилактикатә цхыраара иазку аусбарҭа аспециалист хада Есма Гәниаҧҳаи. Ари аус аџьабаа рацәаны иацуп, избанзар адиспансеризациахь ицаша аҳақьым даналухуа, уи аус ахьиуа аусбарҭа специалистда ишаанымхо агәра ганы уҟазароуп. Иара убасцәҟа ауп ишыҟоу УЗИ ма ЕКГ зламҩаҧырго атехника иадҳәалоу аҭагылазаашьагьы. Ҿырҧштәыс иааҳгозар, Кәтол аиҧш иҟоу ақыҭа дуқәа рҿы медицинатә хырхарҭак ала ҩыџьа аспециалистцәа аҭахын. Аминистрра аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, избанзар дара рыда ари апроект мҩаҧгашьа аиуӡомызт», - лҳәеит Ҳагҧҳа.

Адиспансеризациа алҵшәақәа: Кәтол имҩаҧгаз адиспансеризациа АААКи Агәабзиарахьчара аминистррреи 2023 шықәсазтәи рыпроект хнаркәшеит
© АААК / Селма Базба

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку АААК аҟәша аиҳабы хазы иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аконгресс апроект амҩаҧгараҿы еснагь ацхыраара ҟазҵо хаҭалатәи ацентрқәа.

«Алабораториа «MedLife» ҳахцәажәозар, Лариса Аҳәҧҳаи, егьырҭ аусзуҩцәеи алаҳкаар ҳҭахуп, избанзар аамҭа кьаҿ иалагӡаны еиуеиҧшым анализқәа ҳзымҩаҧыргон.  Адиспансеризациа аҽалархәразы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит амедицинатә центр «АЛЬБАМЕД» ахаҭарнакцәа, Альбина Хәаџьааҧҳа аҧхьа днаргыланы. Ари ацентр адиспансеризациа амҩаҧгаразы атехника ҳарҭон. Хазы далкаатәуп Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа еизганы ҳус иалазырхәуаз Нато Ҭарҧҳа. Ҳәара аҭахума, рлагала ду азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳапроект иалахәыз аволонтерцәа зегьы. Иара убасгьы, ҟәшас аус ахьыруазаалакгьы аконгресс аҟнытә сколлегацәа зегьы рџьабаа атәы хазы салацәажәар сҭахуп, избанзар ашықәс иалагӡаны инарыгӡаз аусура амҽхак даара идууп. Убри аамҭазы, агәцаракра зҭаху рхатәы проектқәагьы шрымоу ахаршҭра ҟалом. Абасала, адиспансеризациа - ҳофис аусзуҩцәа зегьы еицхырааны рхы-рыҧсы зларҵаз проектуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ари апроект агәахәара ду ҳнаҭеит, избанзар уи иамоу аҵакы еилаҳкаауан. Аха зегьы реиҳа ҳгәы иаахәаз - лабҿаба алҵшәақәа ахьаҳбаз ауп», - ҳәа ацылҵеит лара.

Ҳагҧҳа 2024 шықәсазы апроект иацҵахоит, апортнерцәа зегьы анаҩсгьы аус рыцҳаулоит ҳәа агәыӷра аалырҧшит.

Ахәыҷтәы ҳақьым Есма Гәниаҧҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Адунеизегьтәи-аҧсуа абаза конгресси Агәабзиарахьчарара аминистрреи ақыҭа школқәа рҿы имҩаҧыргаз аҵаҩцәа ргәаҭараан ҳәоуеиқәшәала аус ахьеицыруз. 

«2023 шықәса хәажәкырамза инаркны АААК апроект иалахәыз Агәабзиарахьчара аминистрра Аҧсны ақыҭақәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы адиспансеризациа мҩаҧнагон. Амедицинатә персонал иалан ахәыҷтәы ҳақьымцәа, анерв ҳақьымцәа, аблаҳақьымцәа, аотоларинголцәа, аурологцәа, акардиологцәа, аендокринологцәа. Имҩаҧысуан ареабилитолог иҿы агәаҭареи, ЕКГ, УЗИ рхархәарала агәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵаареи. 14 шықәса зхыҵхьоу ахәыҷқәа афлиурографиа рзымҩаҧыргон. Ари апроект, ҳхәыҷқәа ргәабзиара иамоу ауадаҩрақәа ианаамҭоу аилкаара ҳалнаршоит. Уи Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳтәылеи рзы аҵакы дууп, избанзар хаҭала ахәыҷқәеи, зеиҧшла ауааҧсыреи ргәабзиара ахьчарара аус аҿы хадара зуа аспектқәа ируакуп», - лҳәеит Гәниаҧҳа.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку аҟәша аспециалист Наур Хышба апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны агәаҭара иахысыз арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара иазкыз аинформациа ихы иархәаны аихшьаалақәа ҟаиҵеит. 

«Хәажәкырамза инаркны, 19 қыҭа рҿы 1500-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи амедицинатә гәаҭара иахҳажьит. Урҭ рыҟнытә 1200-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа роуп. Зеиҧшла, Аҧсны 11 нызқьҩык инареиҳаны ақыҭатә школхәыҷқәа ҳамоуп. Ус анакәха, имҩаҧаҳгаз апроект 11% ақыҭатә ҵаҩцәа аҵанакит. Ари даара иҳараку рбагоуп. Имҩаҧаҳгаз аус аҿы иҳацхраауан 80-ҩык инарзынаҧшуа аспециалистцәа. Гәахәарала иазгәаҳҭоит адиспансеризациа иахысыз реиҳараҩык ргәы шыбзиоуп, узыцәшәаша апаталогиақәа цәырымҵит, аха агәҽанызаареи маҷк ариашареи зҭаху уадаҩрақәак алкаан. Аха иара убри аамҭазы, аҳақьымцәа игәцаракны иҭырҵаашеи, уимоу ахирургиатә ҧҟара ахьхымҧадатәиуи аҭагылазаашьақәагьы аҭыҧ рыман», - иҳәеит иара.

Хышба иазгәеиҭеит Аҧсны ақыҭауаа ргәабзиареи рыбзабааи - ҳтәыла анаҩстәи аҿиара ашьаҭақәа ишыруаку. 

«Ауаҩы даныхәаҷу игәабзиара аҷыдарақәа ралкаара аҵак ду амоуп. Ари азҵаараҿы, ақыҭаҿы инхо ахәыҷқәа рҭаацәа, ақалақьтә ҭаацәа ирҿҳарҧшуазар - рылшарақәа иаҳа иҧкуп. Еиҳараӡакгьы, аҳақьым аиҭаара рцәыдауаҩуп ахәыҷырацәа змоу аҭаацәара. Ус анакәха, ауааҧсыра адиспансеризациа рахыжьра аҵакы аҳәынҭқарратә ҩаӡара амоуп», - иҳәеит Хышба.

Адиспансеризациазы апроект - ихароу ақыҭа школхәыҷқәеи арҵаҩцәеи амедицинатә цхыраара арыҭара иазкын.  АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи еицхырааны ари апроект мҩаҧыргон 2023 шықәса хәажәкырамза инаркны. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 1500-ҩык инареиҳаны ауаа ргәабзиара гәаҭан. Урҭ рыҟнытә 1200-ҩык инареиҳаны - ашколхәыҷқәа роуп. Аиҿкааҩцәа 2024 шықәсазы ари апроект иацырҵап ҳәа ргәиҭоуп.