АААК VIII-тәи Аизараду агәырӷьаратә аартра мҩаԥысит Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аатит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Агәырӷьаратә церемониа мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы, иара уа иацҵахоит Аизараду анаҩстәи аусурагьы.
Аартра ацеремониа хацыркын Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра иазкыз адокументалтә фильм ахәаԥшрала. Еизаз ауаа идырбан архивтә кадрқәа, абаза жәлар раԥхьатәи реизараду иалахәыз аделегатцәа рыҿцәажәарақәа, иара убас аҵыхәтәантәи хәышықәса АААК иазааԥсоз аусзуҩцәа реихшьаалақәа – дара еиҭарҳәон инарыгӡаз апроектқәеи ахаԥшьгарақәеи ртәы. Аекран аҟынтә VIII-тәи Аизараду алахәцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа, дара зегьы Аконгресс аусура ахә ҳаракны иршьеит.
Аизара аофициалтә хәҭахьы ианиас раԥхьа ажәа иманы дықәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара Аконгресс 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәеи, егьырҭ асасцәеи. Бжьаниа иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аконгресс иалнаршаз шырацәоу. Иара убас атәыла ахада дазааҭгылеит аԥсуа-абаза жәлар рбызшәеи ркультуратә ҭынхеи аиқәырхараҿы, адунеи иалаԥсоу ҳдиаспора реидкылараҿгьы Аконгресс хәы змаӡам алагала ду шыҟанаҵо.
«Аконгресс иалшеит, Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, ҳаԥсадгьыл хьчатәуп ҳәа ажәлар аӡәыкны реидкылара, аҳәаанырцә иагазгьы уахь иналаҵаны. Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы хәарҭара зцыз Аконгресс аусура иацҵахеит: уи иабзоураны Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Европа, Иорданиа уҳәа акырџьара Аԥсназы хра злоу азҵаарақәа рылацәажәара алыршахеит. Аконгресс аҟәшақәа ирызгәакьоу ҩнаҭас ирзыҟалеит адунеи иалаԥсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Хазы иалскаар сҭахуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахыҵхырҭаҿы игылаз Аԥсны жәлар рҿаԥхьа зааԥсара шьардоу ауаа: Тарас Шамба, Иури Аргәын, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Џьамалаҭин Арӡынба, Бедиз Кәарцхьиаԥҳа, Елҳан Кәаӡба, Сергеи Паз», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ахада АААК аусзуҩцәа зегьы ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьишьеит.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иажәа ахы икаанӡа еизаз зегьы дрыҳәеит минуҭктәи аҿымҭрала зыдунеи зыԥсаххьоу аҩызцәа ргәаладыршәарц: АААК ҳаҭыр зқәу ахада Тарас Шамбеи Каиалар ақыҭан иҟоу (Ҭырқәтәыла) АААК Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Ердынч Аҭеибеи.
Мусса Егзакь Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы, анаҩс еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагахьоу апроектқәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ртәы.
«Ҳара иҳалшеит адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иҟоу-иану рдырлартә еиԥш ф-бызшәак рыла ажәабжьқәа рзеиҭаҳәара, рмилаҭтә культура, рҭоурых аҭҵаареи, дара-дара рҽеимардар ахьрылшо асаит аԥҵара. Аха зегь реиҳа ихадароу Аконгресс апроектқәа ирылахәхар рылшоит ҳаҟәшақәа ахьаарту ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп ас еиԥш иҟоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, ҳашьцәа ахьынхо адунеи акәақьқәа зегьы ҳрыхьӡарц. Убри алагьы иҳарӷәӷәоит Аԥсни ҳдиаспора ахьынхо атәылақәеи рыбжьара акультуратә, аспорттә, аҵарадырратә цҳақәа», – ҳәа иусура дахцәажәеит Мусса Егзакь.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит аԥсуа-абаза жәлар рхатә культуреи рҵас-қьабзқәеи шаҟа ибзианы еиқәдырхо аҟара адунеи дырбеиоит, азеиԥшуаҩытәыҩсатә ҿиараҿы рлагала ҟарҵоит ҳәа.
«Ҳара шьаҿа ӷәӷәала ари амҩа ҳаныланы ҳнеиуеит, иахьатәи аамҭа иацу ашәарҭарақәа шырацәоугьы еиҳарак ажәлар маҷқәа рзы. Ааԥхьарагьы ҟаҳҵоит зегь шәахь амилаҭтә традициақәеи акультуреи шьаҭас измоу адунеи аԥҵараҿы шәҳадгыларц», – ҳәа иажәа хиркәшеит Мусса Егзакь.
АААК хылаԥшра зызнауа Аԥсны аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа Аизараду аделегатцәа ирзеиҭалҳәеит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы еиҿкааз напхгара зылҭо ахеилак «Аизыразра амҩа» аусура алҵшәақәас иамоу. Зегьь раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны анацәа рхеилаки астудентцәеи реиԥылара еиҿыркааит, уи аҵак ду аман аҿар аԥсадгьыл ахь абзиабара рылааӡареи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рыхьӡ акамыршәреи азы. Анаҩс Екатерина Бебиаԥҳа дазааҭгылеит афорум «Аиуара иашьаҭоу еибабароуп», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәса рхеилак ахантәаҩи Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны иаԥҵоу ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» анапхгаҩы Армида Чагәаԥҳаи еилахәу арҿиаратә проектқәа реицынагӡаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
«Наџьнатә аахыс аԥсуаа рҿы аԥҳәыс иаанылкылоз аҭыԥ ҳаракын: дыԥшьоуп ҳәа дыԥхьаӡан, лажәа ҟәыш еснагь иԥхылнадон. Иахьагьы аԥҳәыс лыҩаӡара ҳаракуп, илылшогьы рацәоуп. Убри инамаданы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь аԥсуа-абаза жәлар ирхаҭарнакцәоу аҳәса реидкылара аҭахны ибеит. Ҳара ҳхеилакгьы убри иазҳәоуп. Аусура ҳалагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы, иҟаҳҵахьоу маҷым», – лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.
Аконгресс аусура абжьаратә еихшьаалақәа дырзааҭгылеит АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Иара иазгәеиҭеит хәышықәса рыла Аконгресс аԥсҭазаара ишаланарҵәаз апроектқәа 107.
«Аҭыԥантәи аҟәшақәа русура ахы инаркны аҵыхәанӡа «Алашара» аусушьа модель иақәшәоит (Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи аилазаара, Мусса Егзакь дахагылоуп – аред. азгәаҭа), уи уажәшьҭа жәашықәса инареиҳаны Ҟарачы-Черқьестәыла ашәуа қыҭақәа зегьы рҿы аус хирқәа мҩаԥнагоит. Амилаҭ рыҿиареи ауаажәларратә еилазаара рышьҭа арӷәӷәареи ирзынархоу ари амодель иазԥхьагәанаҭоит аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра, даҽакала иаҳҳәозар қыҭацыԥхьаӡа иаԥҵоу ауаажәларратә хеилакқәа. Ас еиԥш иҟоу ахеилакқәа ирылоуп ак аҟаҵара иашьҭоу аҭыԥантәи ауааԥсыра. Абасала Аконгресс аусзуҩцәеи ақыҭауааи русеиура иабзоураны ииуеит хықәкыла абри анхарҭаҭыԥ ианаало аҿиара апрограмма. Ҳаԥхьаҟа абарҭ хаз-хазы иҟоу апрограммақәа зегьы ааидкыланы зны араионқәа рыҿиара аплан шьақәҳаргылоит, анаҩс атәыла зегьы иазынаурхаша, ак бжьамыжькәа иахьарбоу аҿиара апрограмма ҳауеит», – иҳәеит Кан Ҭаниа.
Аизараҿы дықәгылеит иара убас абаза жәлар абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Муҳадин Аубақь. Иара иазгәеиҭеит аҳәаақәа зыбжьоу ҳџьынџьуаа реимадара аус аҿы Аконгресс иалшахьоу шырацәоу.
«Ҳажәлар зегьы ргәы аладууп Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиарамҩа иахьану. Ашәуаа ҳазыхиоуп ари аус аҿы ҳашьцәа аԥсуаа рывагылара. Еснагь ҳаицызаауеит, абзиагьы ацәгьагьы еиҩаҳшалоит», – ҳәа иажәа иалаҵаны иҳәеит абырг.
Москватәи аԥсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба АААК аҵыхәтәантәи хәышықәса рыла инанагӡаз апроектқәа рыхә ҳаракны ишьеит.
«Ҳаԥхьаҟа Аконгресс аусура аҳәынҭқарратә политика амҩаԥгаразы ицхыраагӡа духар ҟалоит. Зегьы ишәыдысныҳәалоит ари аилазаара дуӡӡа 30 шықәса ахыҵра, ауаа ирыхәо уи аихьӡарақәеи ақәҿиарақәеи», – иҳәеит Агрба.
Адныҳәаларақәа ҟарҵеит иара убас Голландиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак Озқан Ҭарба, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ерқан Ҳаџьымба, Ҭырқтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аартра аофициалтә хәҭа аамышьҭахь асцена дықәлеит ашәаҳәаҩ Ҭемыр Ҭаниа, анаҩс ахәаԥшцәа идырбан арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр иқәиргылаз акәашара. Ашоу иалахәын абаза коллективқәа рҟынтә артистцәеи Ҟарачы-Черқьестәылатәи аҳәынҭқарратә филармониа Акәашаратә театр «Меркури» иалоу акәашацәеи. Асиужет абаза жәлар рҭоурыхи уи ахаҭарнакцәа зегьы ракзаареи иазкын.
Ԥхынҷкәын 7 ахәылбыҽха АААК VIII-тәи Аизараду аусмҩаԥгатәқәеи Аконгресс 30 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсуа драматә театр аҟны иддырбеит арежиссиор Аслан Аԥса ифильм «Хҩык аишьцәа».
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аусуратә хәҭа ԥхынҷкәын 8 рзы имҩаԥысуеит. Уи апрограмма инақәыршәаны, имҩаԥысуеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иалхрақәа, апленартә еизара, иара убас асекциақәа хԥа рҟны астол гьежьқәа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.