Шьҭрала иадыгоу Аԥсны атәылауаҩ Исҳаҟ Кәышьха иҭоурыхтә ԥсдгьыл аҟны ирҳаз аҩызцәа ириҭаз ажәа наигӡеит – иахьа дахьынхо Финлиандиа аҳҭнықалақь Хельсинки иааиртит аԥсуа культуратә центр. 

Финлиандиа аҳҭнықалақь Хельсинки шықәсык аҟара ҵуеит Аԥсуа культуратә центр аартуижьҭеи. Ари ахәышҭаара еиҿикааит асахьаҭыхҩы-адизаинер ҭырқәтәылатәи арепатриант, адыга хылҵшьҭра Исҳаҟ-Садык Каимаз (Кәышьха). 

Иахьа Исҳаҟ Кәышьха иаԥиҵаз ацентр напхгара аиҭоит, ишиҳәо алагьы уи хықәкы хадас имоу – иԥсадгьыли ижәлари рыбжьы Европа игаларц аҟаҵароуп.

«Аҟазара – сыԥсҭазаара иахәҭакуп, сҿаԥхьа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара сшазнеиуа арбеиоушәа сгәы иабоит. Сызлоу ауаа рҿы, ацәыргақәҵақәеи, асахьаркыратә усумҭақәеи реикәшараҿы аԥсуа, адыга культуреи аҭоурыхи ртәы аҳәара, аарԥшра сҽазысшәоит, иӡбатәу апроблемақәа рыӡбахә сҳәоит, рыӡбарагьы сҽазыскуеит», – иҳәеит асахьаҭыхҩы.

Акультура, аҟазара, Аԥсны

Адиаспора реиԥыларақәеи, егьырҭ ацентр аусмҩаԥгатәқәеи уажәшьҭа имҩаԥысуеит хазы иазылху ахыбраҿы, уи Кәышьха қьырала игеит, аха ахә ашәо иҟаларц азы, араҟа асахьаҭыхҩы ихатәы галереиагьы ааиртит.

«Сгәы иҭоуп Аԥсуа культуратә центр еиҳа ауаа рацәа азхьаԥшуа иҟаларц азы, араҟа европатәи, финтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа цәырзгаларц. Аԥхьаҟа аԥсуа, адыга сахьаҭыхцәа русумҭақәагьы рцәыргақәҵа еиҿыскаарц сгәы иҭоуп, уи анаҩс афин сахьаҭыхцәа русумҭақәа Аԥсныҟа иганы дырбара. Ҳазнылаз амҩа ауадаҩрақәа рацәаны  иацуп, аха ақәҿиарақәагьы шаанаго азы гәыҩбара сымам», – иҳәеит Кәышьха.

Иахьа иара алшара шааҟалалак еиԥш, иҩызцәа, иколлегацәа рыбжьара Аԥсны ахьӡ ӡыригоит. Убас, Хельсинки иҭыҵуа асахьаҭыхратә журнал «Kumposti» ианылахьеит Аԥсуа культуратә центр шаатыз, уи анапхгаҩы инапы злаку атәы еиҭазҳәо астатиа.  

Исҳаҟ игәҭакқәа рацәоуп, урҭ ируакуп Хельсинки аԥсуа, адыга артистцәа ааганы, афольклортә коллективқәа алархәны амузыкатә концертқәа рымҩаԥгара.  

Аиҩызарала ахы акуеит аусгьы

Исҳаҟ-Садык Каимаз (Кәышьха) 25 шықәса раахыс Финлиандиа дынхоит, уи атәыла датәылауаҩуп. Аха шьҭрала дадыгоуп аҟынтә 2019 шықәсазы Аԥсны атәылауаҩрагьы иоуит. Убасҟан Аԥсны дааны даныҟаз аҩызцәа ҿыцқәа ирҳаит – Аԥсны ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал, ауаажәларратә усзуҩ Асҭамыр Папцаа, иара убас ашәҟәыҩҩы Дмитри Габелиа.  

Рисмаг Аџьынџьал ишигәалаиршәаз ала, нанҳәа 15 рзы (уи аҽны Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш азгәарҭоит – аред.), Аҟәа акафеқәа руак аҟны ҳааидтәалап ҳәа ааԥхьара зиҭаз иҩызцәеи иареи шеидтәалаз, рылаԥш иқәшәеит рааигәара милаҭ маҭәала еилаҳәаны астол иахатәаз ахаҵа.

«Сҩыза Асҭамыр Папцаа хазы итәаз, амилаҭ маҭәа зшәыз, аха ҳара иаҳзымдыруаз ахаҵа даҳирбеит. Ҟабардатәи ҳашьцәа ус реиҳәеит: «Ари ҳара иаҳтәу аӡә иоуп. Шәааи ҳаибадырп!» ҳәа. Убас иҟалеит Исҳаҟи ҳареи ҳаибадырра. Иара аҭырқәшәеи, англыз бызшәеи адыга бызшәеи иҳәоит. Раԥхьаӡа ҳанеибадыруаз ҳбызшәа еибакит ҟабардатәи ҳҩызцәа-аибашьцәа рыбзоурала. Анаҩс доусы имаҷны иаҳдыруаз абызшәақәа рыла ҳаицәажәар акәхеит: иара аурысшәа иаҳаӡом, ҳаргьы имаҷӡаны англыз бызшәеи аҭырқәшәеи ҳдыруеит. Аха онлаин абызшәа еиҭазго ахархәагақәа ҳацырхырааны иаҳҭаху еибаҳҳәартә еиԥш ҳҽазаҳшәеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.

Анаҩстәи амшқәа руак азы аҩызцәа ирыӡбеит Хельсинки Аԥсуа культуратә центр аартра.

«Ҳәара аҭахума, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы, Хельсинки Аԥсуа культуратә центр аартра зылшоз Финлиандиа атәылауаҩ заҵәык иакәын. Исҳаҟ ажәа иҳаиҭаз наигӡеит, иара убри алагьы официала дызхаҭарнакхаз Аԥсны Аҳәынҭқарразгьы аус бзиа ҟаиҵеит, - ҳәа игәаанагара ҳацеиҩишеит Рисмаг Аџьынџьал.

Иара агәра ганы дыҟоуп, ари ацентр ишаднаԥхьало Финлиандиа инхо аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа, ус анакәха ари Аԥсны аӡбахә бзиа адунеи аларҵәара апроцесс ишазеиӷьхо.

«Исгәалашәоит, 90-тәи ашықәсқәа раан, ҳаԥсадгьыл аинформациатә блокада аназыруаз аамҭазы, ҳаргәамҵуан аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ҳԥыза Владислав Арӡынба ижәла еицакны ианырҳәоз, ма ианырыҩуаз. Аха сара исгәалашәоит убасгьы, Москва иҟаз ҳҩызцәа уи аинформациатә блокада аԥырҟәҟәаара ишашьҭаз. Сгәалашәараҿ иаанхеит Анна Броидо, Виачеслав Румианцев рыхьӡқәа. Анцәа иҳәаны, Аҩада Европа ҳҿахәы зҳәаша ауаҩы данҳау, даара ҳаигәырӷьеит. Сразҟы иалан сҳәар сылшоит Исҳаҟ Кәышьха иеиԥш ауаҩы сахьиабадырыз. Ҳтәыла адунеижәларбжьара иазхарымҵацт аҟынтә, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еснагь ихәарҭоуп, аԥеиԥш рыцуп», – ҳәа азгәеиҭеит Рисмаг Аџьынџьал.  

Ҳаԥхьаҟа Аԥсны ахахьы иагар бзиан ҳәа иԥхьаӡоит аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа рхарџьқәа, абри азҵаара хара имгакәа изхәаԥштәу иреиуоуп ҳәагьы ацицеит.

«Сгәыӷуеит ҿыц иалҳхуа Апарламент адепутатцәа Аԥсны абиуџьет анрыдыркыло иазхәыцп ҳәа аҳәаанырцәтәи аԥсуа культуратә центрқәа рыцхыраара азҵаарагьы. Хельсинки анахыс, Аԥсуа культуратә центр шықәсқәак раахыс аус ауеит Нальчик. Иахьазы снапы алакуп Владикавказ Аԥсуа культуратә центр ҿыц аартра зыруадаҩуа апроблемақәа рыӡбара», – ҳәа ҳацеиҩишеит Рисмаг.

Финлиандиа иҟоу аԥсуа культуратә центр раԥхьатәи ашьаҿақәа

Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны Аԥсуа культуратә центр аҟны имҩаԥысит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа: ацәыргақәҵақәа, Шьамтәылантә иааз аԥсуа-адыга хҵәацәа рԥыларақәа, Кәышьха иажәақәа рыла, урҭ рхыԥхьаӡара 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Хельсинки ақалақь анапхгара рақәшаҳаҭхарала имҩаԥган ацәыргақәҵа-митингқәа ҩба, урҭ хықәкыс ирымаз адунеи Аԥсны азхаҵара азҵаара азхьарԥшра акәын. Убасгьы Хельсинки агалереиа, амилаҭтә библиотекеи рҿы имҩаԥган Аԥсны иазкыз ацәыргақәҵақәа ҩба. Исҳаҟ ацәыргақәҵа аҭааҩцәа идирбон иусумҭақәа, ирзеиҭеиҳәон Аԥсны аӡбахә.

Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы алҵшәа рыман ҳәа иԥхьаӡоит асахьаҭыхҩы Исҳаҟ Кәышьха. 

«Ацәыргақәҵақәа ирыҵоу аинформациатә ҵакы – уи сара исусуп, схатә харџь ала еиҿыскааит. Иарбан усзаалак аматериалтә шәага-зага амоуп, аха иҟоуп ԥарада иҟауҵашагьы рацәаны! Сара иахьа аџьабаа збоит саԥхьаҟагьы абри аус иацысҵаларц азы. Ҳнапқәа еиқәыԥсаны ҳтәар ҟалаӡом, апроект бзиақәа ҳрызхәыцлароуп, анаҩс инаҳагӡаларц азы», – иҳәеит ацентр анапхгаҩы.  

Исҳаҟ Кәышьха имчала Хельсинки ацентртә библиотекаҿы иаԥҵан аԥсуа, адыга шәҟәқәа рыҟәша. Макьаназы ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара рацәам, аха абас еиԥш аҟәша ахьыҟоу мацарагьы иаҳәо рацәоуп. 

«Ҳбызшәақәа рыла иҩу ашәҟәы-абыӷьшәы Хельсинки абиблиотекаҿы рҭыԥ ылырхит. Абри апроект сазхәыцуан Аԥсны саныҟаз. Аԥснытәи сҩызцәа аԥсышәала иҩу ашәҟәқәа сырҭеит, сара арахь иаазгеит смашьынала. Адыга бызшәала иҟоу ашәҟәқәа сара схатә библиотекаҟынтә изгеит. Иҵегь сҩызцәа срыҳәеит иацырҵаша ашәҟәқәа рымазар иааргарц азы. Макьана аӡә иоуп ақәҿызҭыз. Аха уи егьаурым, абиблиотекаҿы аҟәша аартуп, ашәҟәтәы фонд арҭбаареи, архив аидкылареи – уи аҩбатәи усуп, иахьазы снапы алакуп. Иҵегь ашәҟәқәа ҳҭахуп, аԥсышәала, адыга бызшәала. Аҩызцәа, абиблиотека ашәҟәы азҭарц зҭаху шәҟалозар – сара шәсыдҵаала», – ҳәа АААК аинфопортал аԥхьаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Исҳаҟ Кәышьха.

Абираҟ символк аҳасабала

Исҳаҟ-Садык Каимаз (Кәышьха) иаҳзеиҭеиҳәеит даҽа ажәабжькгьы, уи Аԥсуа культуратә центр аусура иадҳәалаӡам, аха амашьынарныҟәцаҩцәа иџьаршьаша акоуп. Исҳаҟ иоуп раԥхьаӡа акәны аԥсуа номерқәа змоу амашьына дақәтәаны закәанла Европа аҳәаа иахысыз. Исҳаҟ Кәышьха ихатә машьынала Аԥсны аҳәаа дахысын, Урыстәыла далсны, Финлиандиа дҭалеит. Аентузиаст, анаплакҩы, асахьаҭыхҩы, апатриот Исҳаҟ Кәышьха Финлиандиа ауааԥсыра Аԥсны агәыблыра диркырц дашьҭоуп.

«Ҳусура еиҳагьы еиҿкаахоит, акоронавирус пандемиа иадҳәалоу аԥкрақәа анаԥырхлак ашьҭахь. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп АААК аинфопортал аусзуҩцәа Аԥсуа культуратә центр иахьазҿлымҳахаз, саргьы рҽахьсымардаз. Сара сацклаԥшуеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура. Иахьазы ҳцентр ашьақәгылара иаҿуп, аха ҳашнеи-шнеиуа АААК аизарақәеи аусуреи ҳҽалаҳархәыр бзиоуп. Аконгресс иазааԥсо сашьцәа ақәҿиара дуқәа шәзеиӷьасшьоит. Салам шәымаз Аԥсны иқәынхо зегьы!» – иҳәеит Аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы.